"Шәарах ихҭысқәа" захьӡу ашәҟәы аӡыргара мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукСборник рассказов "Приключения Шараха"
Сборник рассказов Приключения Шараха - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иван Гьаргь-иԥа Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит арҿиаҩ қәыԥш Овсепиан Ардашес ишәҟәы "Шәарах ихҭысқәа" аӡыргара. Ашәҟәы сахьала еиқәиршәеит Кәыҵниа Асҭамыр, атиражгьы 300 цыра ыҟоуп.

Cусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ашәҟәы  "Шәарах ихҭысқәа" аӡыргара иаҭааит ауаа маҷымкәа, урҭ иреиуан: ашәҟәыҩҩцәеи, апоетцәеи, аҵарауаа, аиҭагаҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа, астудентцәа, автор иҩызцәа-иқәлацәа, иара убас алитература иазҿлымҳау, бзиа избо зегьы.

Аԥсуа поетцәа рышәҟәы Сухумская крепость аӡыргара - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа поетцәа рышәҟәы "Сухумская крепость" аӡыргара

"Бзиала шәаабеит, ашәҟәыҩҩ қәыԥш иҩымҭа шьахәқәа рӡыргарахь, игәырӷьара ицеиҩышәшарц иааз зегьы! Овсепиан Ардашес сизҿлымҳаужьҭеи акрааҵуеит, иҭижьхьеит шәҟәык, хыԥхьаӡарала ари аҩбатәиуп, аха иубартәоуп, иҩаӡара, иҟазара ишазҳауа", — азгәаиҭеит аӡыргара аартуа Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.

Иҳәатәуп ашәҟәы аамҭақәа реиқәҿыҭра аазырԥшуа, аиумортә цәа зыҟәну ажәабжьқәа жәаба шеиднакылоит, ахҭысқәа мҩаԥысуеит ашьха иаԥну ақыҭа "Аамҭа" аҿы. Иҩуп ҩ-бызшәак рыла. Урысшәала иаԥҵоуп автор иоригиналтә ҩымҭақәа, иара убас иацуп аԥсшәахь аиҭага. Автор игәаҳәарала аиҭагаҩцәа қәыԥшцәа Сусанна Ҭаниаԥҳаи, Илонеи Асидеи Кәыҵниаԥҳацәа урысшәала иаԥҵаз атекстқәа аԥсышәала арцәажәара рылшеит. Раԥхьа ицоит аиҭагақәа, нас автор инапы иҵыҵыз аҩымҭақәа.

Аиҭагаҩцәа еицҿак иазгәарҭон Овсепиан иажәабжьқәа реиҭагара шырзымариаз, избан акәзар, ибызшәа лассын, милаҭла дшаԥсыуамгьы аԥсуа культура дшазҿлымҳау, уи азоуп иажәабжьқәа ирылоу ахаҿсахьақәагьы аԥсуа цәаҩа зырнубаалоу.

"Аԥсны еиҵагылоу арҿиаҩцәа рабиԥараҿы Овсепиан Ардашес ихатәы, иалкаау аҭыԥ ааникылар илшоит", — ҳәа азгәаиҭеит ашәҟәы аредакциа азызуз апоет қәыԥш Инал Гыцба.

Аӡыргара хыркәшауа автор иҭабуп ҳәа реиҳәеит адгылара изҭаз зегьы, ԥхьаҟагьы ихы аус адулара, аизҳара хықәкыс ишимо иҳәеит. Иазгәеиҭеит дук хара имгакәа иаԥхьаҟа иҵагь аԥхьаҩцәа иргәырӷьарц игәы ишҭо.

Ажәабжьқәа зегьы
0