Аԥсны Аиҳабыра рыҟны аиҭакрақәа ҟалеит

© Sputnik Томас ТхайцукАдминистрация президента.
Администрация президента. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Беслан Барцыц, Аԥсны Аԥыза-министр, инапынҵақәа аанижьит 2018 шықәса мшаԥы 24 рзы. Абри аҭыԥ ахь диаган Геннади Гагәылиа.

АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба усԥҟала Беслан Барцыц атәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс дҟаиҵеит.

Абри анапынҵаҟынтәи ихы дақәиҭтәуп Даур Аршба. Даур Аршба Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп мшаԥы 25 инаркны.

Геннади Гагәлиа хынтәуп Аԥсны Аԥыза-министрс дҟалоижьҭеи.

Представление нового премьер министра Гагулия Геннадия кабинету министров - Sputnik Аҧсны
Атәыла Ахада Аԥыза-министр ҿыц аминистрцәа дыдирдырит

Даур Аршба атәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс аусура далагеит 2016 шықәса жьҭаарамзазы.

Даур Аршба диит 1962 шықәса 28 рзы, Тҟәарчал ақалақь аҿы. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәылан.

Барцыц Беслан Константин-иԥа диит 1978 шықәса ԥхынгәымза 22 рзы Гагра ақалақь аҟны.

1995 шықәса рзы В.Попков ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә школ №2 далгоит

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет даушьҭымҭоуп.

2001-2004шш. – Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара иҵоит

2007 — 2009 шш. – Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ ицхырааҩ.

2011ш. жәабранмза инаркны Гагра араион аизара адепутат, Аизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ.

2012 шықәса хәажәкырамза инаркны Аԥсны Жәлар Реизара адепутат

2014 шықәса жьҭаарамза инаркны Гагра араион Ахада.

2016 ш. лаҵарамза 16 инаркны Беслан Барцыц Аԥсны Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы имаҵура ааникылон.

Ажәабжьқәа зегьы
0