Ешба абиуџьет анагӡара иазкны: адепутатцәа инҭкааны еилдыргароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Эшба
Беслан Эшба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны уаанӡатәи Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба аҭак риҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра 2017 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет алацәажәараан иара иганахь ала ацәажәарақәа мҩаԥызгаз адепутатцәа. Ешба ицәажәара кьыԥхьуп Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсадгьыл" аофициалтә даҟьаҿы.

Sputnik

Асоциалтә ҳа Facebook аҟны Беслан Ешба иазгәеиҭеит ауаажәларратә гәаанагара дшашьҭаԥшуа, Аԥсны еиԥш анҭыҵгьы аекономикатә процессқәа рымҩаԥысшьа шҭиҵаауа, Аԥсны Аиҳабыреи Апарламенти русура хырыҩ шазиуа. Иара убри аан еснагь игәаԥхом аиҿцәажәарақәа рымҩаԥысшьа.

Уничтожение старых банкнот в Банке России - Sputnik Аҧсны
Ҵыԥхтәи абиуџьет Апрокуратура хадахь инашьҭуп

Ешба иҟаиҵаз аҳәамҭа ҵаҵӷәыс иамоуп аҵыхәтәантәи асессиақәа руак аан адепутатцәа злацәажәаз Аинвестициатә программа анагӡашьа.

"Соппонентцәа рус сырмариар алшоит, Аинвестициатә программа аганахь ала абиуџьеттә процесс ахәшьара асҭар сылшоит. Ибзианы еилыскаауеит адепутатцәа иныҭкааҵәҟьаны зегь шырзеилымкаауа, аиҳаракгьы аҷыдарақәак рҟны. Абиуџьеттә политика –иуадаҩу, хкы рацәала еилаԥсоу хырхарҭоуп. Апрофессионалтә компетенциеи апрактикатә ԥышәеи аҭахуп", — иҳәеит иара.

Ешба иҩуеит шықәсыбжак иназынаԥшуа Урыстәылантәи Аинвестициатә программала Аԥсныҟа иаауаз аԥарақәа хылаԥшра шриҭоз. Беслан Ешба иҳәеит, 2016 шықәса нанҳәамзазы иусура даналагоз аамҭазы ҩ-миллиардки 485 миллион мааҭ рцынхәрас Аԥсныҟа ишаашьҭыз миллиардки 100 миллион мааҭ аԥара.

"Иаанхаз аԥшьымз рыҩныҵҟа иҳалшоз зегь ҟаҳҵеит аԥарақәа зегьы аарышьҭырц азы. Иззеилымкаауа рзы – урыстәылатәи аган аԥарақәа аанашьҭуеит иҟаҵоу аус азы аҳасабырбақәа анаиулак ашьҭахь", — иҳәоит иара.

Аҭагылазаашьа уадаҩхеит 2016 шықәса анҵәамҭаз. Усҟан урыстәылатәи аган Аинвестпрограммаҟынтәи иаанхаз аԥара, 6 миллиардки 377 миллион мааҭ х-шықәса рыҩныҵҟа еихнашеит. Бжьаратәла шықәсык иақәшәон 2 миллионки 100 мааҭи.

"Усҟан зҵаара хаданы иқәгылан Егры ГЕС аанкылара. Иԥшаатәын 500 миллион мааҭ аԥара. Аинвестициатә программа аҟынтәи ада иахьҳауаз ҳәа акгьы ыҟамызт. Уи ҳхы иаҳархәар акәхеит", — иҳәоит Ешба. Абри ашьҭахь 2017 шықәса иазынхеит миллиардки 500 миллиони мааҭ. Урҭ рҟынтәи 450 миллион мааҭ 2016 шықәсаҟынтәи ииасыз аобиектқәа ирыхшәаатәын. 2017 шықәса иазынхаз миллиард мааҭ заҵәык роуп".

Ешба иажәақәа рыла аԥсуа ган иалшеит урыстәылатәи апартниорцәа агәра дыргара 2016 шықәса реиҳа аԥаразоужьра мҩаԥыргарц.

Заседание парламентской комиссии по бюджету - Sputnik Аҧсны
Смырԥҳа 2017 шықәсазтәи абиуџьет анагӡашьаз: аԥарақәа ргеит ҳамҳәаӡеит

"2 миллиардки 486 миллион мааҭ рцынхәрас 3 миллиардки 135 миллион мааҭ ҟалеит. Урыстәылатәи аган ҳҭагылазаашьа еилыркааит", — иҳәеит иара. Аиҿцәажәарақәа рышьҭахь ԥхынгәы 8 2017 шықәса рзы Аинвестициатә программа алимит шьақәыргылан 2 миллиардки 585 миллион мааҭ ҳәа. Аенергодефицит ахҩаразы 550 миллион мааҭ шьақәырӷәӷәан. Иааидкыланы 3 миллиардки 135 миллион мааҭ".

Ешба иажәақәа рыла Аинвестпрограмма анагӡара аԥеиԥш ԥхьаҟа иубашт, аха аҳәынҭқарратә ныхрақәа хымԥадатәи ахылаԥшра рҭахуп. Ешба иазгәеиҭеит инапынҵақәа ирхаданы иибоз аҳәынҭқарратә казна ахарҭәаароуп.

"Шықәсыки ԥшьымзи рыҩныҵҟа сусураан Аԥсны абиуџьет иаланагалеит Аинвестпрограмма аганахь ала 4 миллиард мааҭ инареиҳаны. Сара уахь снеиаанӡа, шықәсыки аамзи рыҩныҵҟа иаланагалеит 1,6 миллиард мааҭ", — ҳәа иҩуеит асоциалтә ҳаҿы Беслан Ешба.

Ажәабжьқәа зегьы
0