Аҟәа зыршанхаз: "Три высокие женщины" аԥхьарбара мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Три высокие женщины"
Спектакль Три высокие женщины - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сергеи Голомазов иқәыргыламҭа "Три высокие женщины" Аҟәа апримиера шымҩаԥысызи уи ахәаԥшцәа ишрыдыркылази, актриса Вера Бабичева дзеигәыӷуази ртәы Sputnik аматериал аҿы.

Сария Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

РУСДРАМ аҿы азал кәапеишәа аҽазныкгьы иҭәит. Аха атеатр уи иашьцылахьеит. Адиректор хада аччаԥшь иҿықәыхх ахәаԥшыҩцәа дырԥылоит.

Спектакль Пять вечеров - закрытие 36 сезона в Русдраме - Sputnik Аҧсны
РУСДРАМ Санкт-Петербург афестиваль иалахәхоит

— Аншлаг, — иҳәоит иара агәахәара ду иҿықәыхх.

— Аҽакала ҟалашьа амамызт – иоуеит аҭак.

Ахәаԥшыҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит. Асценаҿ адекорациақәа ыҟам. Игылоуп х-сқам еиқәаҵәак. Асцена аалашьцоит. Иалагоит.

Асофитқәа рылашара акуеит. Ахылԥа ԥраала зхаҿыбжа аҵәахуа А (Евгениа Симонова) асқамқәа руак дықәтәоуп. Ашьшьыҳәа иааиуеит егьырҭгьы. Амузыка абжьы халоит аԥсуа хәаԥшҩы иҿаԥхьа игылоу афырԥҳәысцәа рыҳаракыра аҩаӡара аҟынӡа инеирц аҭахушәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Три высокие женщины"
Спектакль Три высокие женщины - Sputnik Аҧсны
1/9
Спектакль "Три высокие женщины"
© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Три высокие женщины"
Спектакль Три высокие женщины - Sputnik Аҧсны
2/9
Спектакль "Три высокие женщины"
© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Три высокие женщины"
Спектакль Три высокие женщины - Sputnik Аҧсны
3/9
Спектакль "Три высокие женщины"
© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Три высокие женщины"
Спектакль Три высокие женщины - Sputnik Аҧсны
4/9
Спектакль "Три высокие женщины"
© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Три высокие женщины"
Спектакль Три высокие женщины - Sputnik Аҧсны
5/9
Спектакль "Три высокие женщины"
© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Три высокие женщины"
Спектакль Три высокие женщины - Sputnik Аҧсны
6/9
Спектакль "Три высокие женщины"
© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Три высокие женщины"
Спектакль Три высокие женщины - Sputnik Аҧсны
7/9
Спектакль "Три высокие женщины"
© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Три высокие женщины"
Спектакль Три высокие женщины - Sputnik Аҧсны
8/9
Спектакль "Три высокие женщины"
© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Три высокие женщины"
Спектакль Три высокие женщины - Sputnik Аҧсны
9/9
Спектакль "Три высокие женщины"
1/9
Спектакль "Три высокие женщины"
2/9
Спектакль "Три высокие женщины"
3/9
Спектакль "Три высокие женщины"
4/9
Спектакль "Три высокие женщины"
5/9
Спектакль "Три высокие женщины"
6/9
Спектакль "Три высокие женщины"
7/9
Спектакль "Три высокие женщины"
8/9
Спектакль "Три высокие женщины"
9/9
Спектакль "Три высокие женщины"

Хҩык аҳәса –х-шықәсықәрак.

Едвард Олби ипиеса "Три высокие женщины" хҩык аҳәса рҭоурых иалацәажәоит. Аспектакль аччара ахархәарала ухатә ԥсҭазаара азхәыцрахь укылнагоит.

Ақәыргыламҭа иалкаан аӡәгьы изырхам. Дасу иара инаало, ихатәу акы ибоит: 26-шықәса зхыҵуа – С (Зоиа Каидановскаиа), лыԥсҭазаара зегьы лаԥхьаҟа ишьҭоуп, гәыӷрашәк лыцуп, 52-шықәса зхыҵуа – В (Вера Бабичева) зегь лзеиԥшхо аҟынӡа днеихьеит, А (Евгениа Симонова)лакәзар – дҟәыӷоуп, зегь ранажьра анулшо аамҭахь днеины дҭагылахьеит.

Аспектакль ҩ-сценакны ишьақәгылоуп: актәи аҿы ахәаԥшҩы иаԥхьа ицәырҵуеит аҭакәажә, уи лыдтәалаҩ, лдукат ицхырааҩ, аҩбатәи аҿы – афырԥҳәыс лых-шықәса ааԥшуеит.

Евгениа Симнова, Вера Бабичева, Зоиа Каидановскаиа – иаӡәыкны аперсонажқәа рҟазшьақәа раарԥшра шрылшо оумашәа иубоит. Иҭацәуп ҳәа ззуҳәо асценаҿы хҩык артистцәа хаҿык еиуеиԥшым лҭагылазаашьақәа аадырԥшуеит. Дара-дара рыбжьара адиалогқәа ракәзар угәаҵанӡа инаӡоит: зны удырччоит, зны удырхәыцуеит.

Хҩык аҳәса х-зҵаара хадак шьҭырхуеит: 26 шықәса анухыҵуа уԥсҭазаара аиҭакра алшома, 52 шықәса анухыҵуа иуаҩсхьо азы ухы уазгәаар акыр иаԥсоума, 92 шықәса анухыҵуа уаӡәзаҵәыкӡа уԥсҭазаара алҵра абанӡаҟоу?

Государственный русский театр драмы - Sputnik Аҧсны
РУСДРАМ аҿы имҩаԥысраны иҟаз аспектакль "Три высокие женщины" иахыгоуп

Аспектакль ашьҭахь ахәаԥшыҩцәа атеатр аанрыжьуан ихәыцырҭаха иҟаз аччаԥшь рҿықәыхх. Аҟәа инхо Нина Михаил-иԥҳа аспектакль ахь лмаҭа днеиԥхьеит. Лара оумашәа илгәаԥхеит илбаз.

"Аспектакль акыр исгәаԥхеит. Артистцәа ирылшеит аамҭа иаԥсахуа аԥҳәыс лҭагылазаашьа аарԥшра. Асиужет аинтерес аҵоуп. 26, 52, 92 шықәса рзы аԥсҭазааразы уфилософиатә хәшьара аарԥшуп" — лҳәеит лара.

Иҟоуп ҷыдала Урыстәылантәи аспектакль ахәаԥшразы иааз

"Сара Нижни Новгород сатәуп. Аспектакль оумашәа иҟоуп. Оумашәоуп дшыҟоу Симонова. Абри аспектакль ашьҭахь аҭыԥҳацәа зегьы аҟәыӷара рзеиӷьаушьар уҭаххоит" — лҳәоит Ольга.

Аспектакль ашьҭахь иҳауит алшара актрисацәа руаӡәк, Вера Бабичева ҳлыҿцәажәарц. Лара Аԥсныҟа гастроль ҳасабла шықәсык аԥхьа даны дыҟан.

"Ҳара Аԥсныҟа ҳаахьан афестиваль "Шедевры московской сцены" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Усҟан ахы акит Иракли Хынҭәбеи, атеатри, аԥсуа хәаԥшҩи сареи ҳаиҩызара. Сара аҽазнык арахь ахынҳәра сеигәыӷуан. Абар уажәы ара сыҟоуп. Аспектакль арбара хыркәшахоит цәыббра 25 рзы. Уаанӡагьы аԥсуа публика аҩаӡара снырхьан, уажә уи аҽазныкгьы ишьақәдырӷәӷәеит. Иҟаҳҵоз ҳацеиҩыршон, иҳацгәырҩон, иҳацгәырӷьон. Агастрольқәа еиҿызкааз, атеатр – зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит. Сара сзы инасыԥуп ара аҟазаара. Агәыӷра ду сымоуп аҽа ҩ-спектакльк: "Кроличья нора"; "Савинские ведьмы" арахь раагара алшап ҳәа", — лҳәоит Бабичева.

Аспектакль "Три высокие женщины" РУСДРАМ аҿы иқәыргылоуп апроект "Шедевры московской сцены" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0