Амилициа абнацгәы аҭахаразы аусҭҵаара иалагеит

© Sputnik Томас ТхайцукСотрудники милиции на митинге в поддержку подписания договора с РФ. Фото с места события.
Сотрудники милиции на митинге в поддержку подписания договора с РФ. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩаша, жәабран 5 рзы  абнатә ԥсабара Адунеизегьтәи афонд адырра ҟанаҵеит Аԥсны, 2016 шықәса рзы Кавказ азиа-ааигәатәи абнацыгәқәа рхыԥхьаӡара ашьақәыргыларазы Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны абнара илаҵаз абнацгәы Килли ршьит ҳәа.

АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра агәаҭарақәа мҩаԥнагоит Гәылрыԥшь араион аҿы абнацгәы ршьит ҳәа иҟаз аинформациа ашьақәыргыларазы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь адырра ҟалеит абнатә ԥсабара Адунеизегьтәи афонд арегионалтә ҟәша "Российский Кавказ" адирекциаҟынтәи жәабран 6 рзы.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба аусзуҩцәа анапынҵа риҭеит аоперативтә уснагӡатәқәа мҩаԥгазарц.

Аҩаша, жәабран 5 рзы Шапошников ихьӡ зху Кавказтәи аҳәынҭқарратә ҳәырԥсарра апрофессор Анатоли Кудактин адырра  ҟаиҵеит Аԥсны ашьхараҿы абнацгәы ашәарыцаҩцәа иршьит ҳәа.

Переднеазиатский леопард - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аекологиазы аҳәынҭеилакы абнацгәы ашьра шыҟалаз ҭнаҵаауеит

Иара убри аҽны, аҩаша, жәабран 5 рзы  абнатә ԥсабара Адунеизегьтәи афонд адырра  ҟанаҵеит Аԥсны, 2016 шықәса рзы Кавказ азиа-ааигәатәи абнацыгәқәа рхыԥхьаӡара ашьақәыргыларазы Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны абнара илаҵаз абнацгәы Килли ашәарыцаҩцәа иршьит ҳәа.

Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекспертцәа иҭахаз абнацгәы ацәаԥшшәахәи аҳәырԥсарра иҭоу абнацыгәқәа ирыцу апаспортқәа рдыррақәеи анеиҿдырԥш ишьақәдырӷәӷәеит ишьу абнацгәы Килли ауп ҳәа.

Аԥсны ашьхараҿы абнацгәы ршьит ҳәа иҟоу аинформациа иашамзар алшоит ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко.

Абнатә ԥсабара адунеизегьтәи афонд адырра аныҟарҵа ашьҭахь ахҭыс ахьыҟалаз Мрамба аҭыԥаҿ аилак аекологи Ажара ақыҭаҿтәи аволонтиори аԥшаарақәа ирҿуп.

Аха  Соломко иажәақәа рыла, ашәарах ашьҭақәа роума ашьацҳәоума акгьы рымбацт.

"Ҳусзуҩи аволонтиори аҭыԥ зегь еимырдеит, аха шьҭа ҳәа акгьы рымбеит. Мрамба аҵакыра маҷуп. Уа шьацҳәак гылан иҟазар иумбар ауамызт. Ашьҭақәа зҵәахыша ас-ҿыц млеицт", - ҳәа иҳәеит Соломко.

Абнацгәы ашьра иашаҳаҭхаз ауаҩԥсы Sputnik ахь дааиит жәабран 6 рзы. Иара иҳәеит ашьацҳәа иакыз аԥстәы ажьырныҳәа 29 рзы ирбеит ҳәа. Иара ааигәара инеиз игәыдлеит, ашәарыцаҩгьы дшәаны ишьит ҳәа. Иара издырам абнацгәы зыӡбахә рҳәо Килли акәу акәму. Иара иажәаәқа рыла, абнацгәы акрахыҵуеит, акапан 100 кьылак рҟынӡа инаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0