Ажурнал "Алашара" ашықәсазтәи апремиақәа ранашьара мҩаԥысит

© Sputnik Журнал "Алашара"
Журнал Алашара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шықәсык аҩныҵҟа ажурнал аҟны икьыԥхьыз аҩымҭақәа иреиӷьхо премиала иалыркаауеит.  Аредколлегиаҿы хшыҩзышьҭра зырҭо алитературатә жанрқәа иреиуоуп: апоезиа, апроза, алитератураҭҵаара, акритика. Убри аангьы аиҳабыратә абиԥареи аиҵбыратәи хаз-хазы апремиақәа ранаршьоит.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik
Апремиақәа ранашьаразы ажурнал аредколлегиа иалнахит акомиссиа. Уи иалахәхеит: академик Шоҭа Салаҟаиа; апоетесса Гәында Сақаниаԥҳа; апоет-адраматург Валери Касланӡиа, апоет-апрозаик қәыԥш Саида Ҳаџьымԥҳа; апоет, алитературатә критик Валентин Кәаӷәаниа.

Ажурнал "Алашара" 60 шықәса ахыҵит

Имҩаԥгаз маӡалатәи абжьыҭира алҵшәақәа рыла, аиҳабыратә абиԥараҟны апоезиа ахкала апремиа ланашьан Гәында Кәыҵниаԥҳа; апроза ахкаҿы - Алықьса Гогәуа, иажәабжь "Ӡаҳкәажә" азы; акритикаҿы – Анатоли Лагәлаа, истатиа "Шәааи ҳхәышҭаарахьы" азыҳәа.

Аҿар рыбжьара апремиақәа еихшахеит абас: апоезиаҿы – Абзагә Аҟалӷьба, иажәеинраала ҿыцқәа рзы; апрозаҟны – Хаҭуна Кәасиаԥҳа, лажәабжь "Исыхәҭамыз аконфеҭ" азы; алитератураҭҵаара ахырхарҭаҟны – Дифа Габниаԥҳа. Уи лыкритикатә статиа иахьӡуп "Алықьса Џьениа ироман "Анымираҳ – ҩыџьа рынцәахәы" аҟны аԥҳәыс лхаҿсахьа шаарԥшу".

Ауаажәларра-политикатә ажурнал Алашара аредактор хада Анатоли Лагәлаа. - Sputnik Аҧсны
Лагәлаа: ажурнал "Алашара" иамаз анарха амоуп иахьагьы

Алитература-сахьаркыратә ауаажәларра-политикатә журнал "Алашара" аредактор хада ихаҭыԥуаҩ, акомиссиа алахәыла Валентин Кәаӷәаниа еиҭеиҳәеит аҩымҭақәа ралхра шымҩаԥысуаз. Иара иажәақәа рыла, алшықәса аҩныҵҟа ажурнал аҟны аиҭакьыԥхьрақәагьы ҟалалоит, аха апремиа занаршьо раԥхьаӡакәны акьыԥхь збаз, "зыԥсы ҭоу" аҩымҭақәа роуп.

Ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа еиҭеиҳәеит быжьба-ааба шықәса раахыс ашәҟәыҩҩцәа иранаршьо апремиа шаԥшьгахаз, насгьы азныказы уадаҩрақәас ицәырҵуаз. Иара иажәақәа рыла актәи ашықәсқәа рзы аҟәрышь рацәамызт. Аха аамҭа цацыԥхьаӡа уи ахыԥхьаӡарагьы ашьҭыхра алыршахеит, аҿаргьы хазы иранаршьо иалагеит.

Иара убас, аредактор хада дрылацәажәеит апремиа анашьараан хымԥада изықәныҟәо аԥҟарақәа. Ашықәс аҩныҵҟа зҩымҭақәа ажурнал ианымлаз аредколлегиа алахәылацәа роуп аҩымҭақәа маӡалатәи абжьыҭирала иалзхуа. Анаҩс, зегь рыла ииашаны абжьыҭира мҩаԥгахарц азы аурнақәа рхы иадырхәоит.

"Хышықәса раԥхьанӡа апремиа 20 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡон. Аха ашьҭахь уи аҟәрышь маҷк ихырҵәеит, уажәы досу 15 нызқь мааҭ раҳҭоит. Ҳәарада, ари ашәҟәыҩҩцәа рзы уеизгьы-уеизгьы ихәарҭа дуӡӡоуп ҳазҳәом, аха ҳара ҳаизшәарақәа рыла имаҷзаргьы, ицхыраагӡоуп. Еиҳа еиҳахар, хымԥада агәацԥыҳәарагьы иацлоит", - иҳәеит ашәҟәыҩҩы.

Анатоли Ианкәа-иԥа иазгәеиҭеит ажурнал аредакциа ҷыдала аҿар шыгәцаранакуа, аҩра знапы алаку ахылаԥшра шрынаҭо. Иара иажәақәа рыла, амилаҭтә литература иаҵагылаша аҿар аԥеиԥш бзиа рзыԥшуп.

"Аԥсуа милаҭтә литература иаланагало арҿиаҩ қәыԥшцәа шамахамзар ажурнал "Алашара" ашәхымс ихыҵқәаз роуп. Иҟан ашықәсқәа номерк шеибгаз аҿар ианырзаҳкуаз. Хымԥада, кырӡа ихәарҭахон дырҩегь уи аԥышәа ҳаиҭазыхынҳәыр. Аха иахьагьы аҿари ҳареи ҳаимадара хьысҳауп ҳәа ҳҳәар ауам. Лассы-лассы дареи ҳареи ҳаиԥылоит, ажурнал аредакциаҿ адагьы, ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿгьы ирзыҭҳажьуеит ашәҟәқәа, ирзеиҿаҳкаауеит асеминарқәа. Ҿыӷәӷәала исҳәар сылшоит аҵыхәтәантәи 20 шықәса рыҩныҵҟа аҿари ҳареи аимадара бзиа ҳабжьоуп ҳәа", - азгәеиҭеит аредактор хада.

Джума Ахуба - Sputnik Аҧсны
Џьума Аҳәба: раԥхьатәи сҩымҭа анылеит ажурнал "Алашара" ахԥатәи аномер

Апоет, ажурнал "Алашара" апоезиа аҟәша аредактор Дырмит Габалиа ицәажәараҿы, есышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа апремиақәа ранашьара ахьымҩаԥысуа арҿиаҩцәа рзы кыр шаҵанакуа иҳәеит. Насгьы иазгәеиҭеит апремиа иартәо аҟәрышьгьы ҟәнушьартә ишыҟам.

"Ажурнал ҟәаз ҳәа изышьҭоу аилкаара иашьашәало, аԥсышәа мацарала еиқәыршәоу аҭыжьымҭа Аԥсны ажурнал "Алашара" заҵәык ауп иҟоу. Иара раԥхьаӡа инаргыланы илитература-сахьаркыратәуп, анаҩс иуаажәларра-политикатәуп. Уи инаваргыланы, анаука аус азызуа рматериалқәагьы ажурнал адаҟьақәа рҟны иаҳкьыԥхьуеит. Убри аҟнытә "Алашара" хәышҭаарахеит алитература иазааԥсо рзы адагьы, арҿиара егьырҭ ахырхарҭақәа рҿы аус зуа ауаа рзгьы. Абарҭқәа зегьы ҳасаб рзуны ауп апремиақәагьы шаԥҵаз. Абраҟа иазгәаҭатәуп Аԥсны зхатәы премиа змоу, инеиԥмырҟьаӡакәа, есышықәса иреиӷьхаз ашәҟәыҩҩцәа алызкаауа даҽа журналк шыҟамгьы. Убри аҟнытә ари аҭагылазаашьа даараӡа пату ақәҵалатәуп", - иҳәеит иара.

Алитература-сахьаркыратә ауаажәларра-политикатә журнал "Алашара" апремиақәа ранаршьеит аиҳабыратәи аиҵбыратәи абиԥарақәа хаз-хазы, ахырхарҭақәа хԥа рыла: апоезиа, апроза, алитератураҭҵаара. Абасала, ажурнал апремиақәа зынӡа фба ыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0