Аџьынџьал аԥсуа школқəа раркразы: ақырҭуа бызшәа зымҳәоз ахамшҭыхә ҳҭадыргылон

© Sputnik / Томас Тхайцукархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1945 шықəса рзы аҧсуа школқəа раркреи, ақырҭуа бызшəала аҵара алагалареи, урҭ ирыдҳəалоу ахҭысқəеи хаҭала дырхаануп акыр шықəса инеиҧынкыланы ашколқəа рҟны рҵаҩыс аус зухьоу, напхгара азҭахьоу, аҧсуа бызшəеи алитературеи рырҵаҩы Иура Таииа-иҧа Аџьынџьал.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Иура Таииа-иҧа, шəара шəахаануп аҧсуа школқəа аркны, ақырҭшəала аҵара аналаргалоз аамҭа. Усҟан иҟаз аҭагылазаашьа уадаҩ алҵра шымариамызгьы, шəаӡəыкны ишəылшəыршеит ахеиқəырхара, зегь раҧхьа иргыланы шəшаҧсыуаз аанхара. Ишҧамҩаҧысуаз усҟантəи аамҭазы арҭ ахҭысқəа?

- Ари аҩыза азҵаара аҭак аҟаҵара, хымԥада, имариаӡам. Ҳара, Ҷлоу ақыҭа Аимара ҳәа иахьашьҭоу аҳаблаҿы ҳанхон, уа ҿаҩа дгьылуп. Усҟан нырцә-аарцә ҳәа ҩшколкны иҟан. Аарцә, Авдениа Џьапуа дахьынхоз ашкол ыҟан, нырцә аӡыхь аԥшаҳәа ҳәа иашьҭоуп, Алиошьа Џьонуа иҭаацәа ахьынхоз азааигәара убраҟагьы ашкол ыҟан. Аха, аиҳабыра ҳəа усҟан дара ракәын иҟаз, ашколқәа анахь иргон, арахь иааргон. Сара аиҳабацәа акы ианалацәажәоз рзыӡырҩрра бзиа избон еснагь, иҟан игәныскылоз, иҟан игәнысымкылозгьы, схəыҷымзи. Ус рҳәауан усҟан: "Арҭ, аԥсуа бызшәа рҵаӡом, рыхшыҩ бзиаӡам, рымчқәа кәадоуп, аилкаара змоу уааӡам"-ҳәа, абыргцәа еицәажәо ианырҳәоз слымҳа кыдҵаны сырзыӡырҩруан. Ҳара усҟан мчыс иҳамааз, ақырҭқәа Бериа ида уаҩ дыҟамызшәа акәын ишыҟаз.

© Фото : Аҭаацәаратә архив аҟынтәИура Таииа-иԥа Аџьынџьал
Аџьынџьал аԥсуа школқəа раркразы: ақырҭуа бызшәа зымҳәоз ахамшҭыхә ҳҭадыргылон - Sputnik Аҧсны
Иура Таииа-иԥа Аџьынџьал

- Усҟантəи аамҭазы ашкол иҭалоз ахəыҷқəа, аҧсшəа ада акагь ззымдыруаз, ишҧарныруаз ақырҭқəа имҩаҧыргоз аполитика, еиҳаракгьы аҵара ус аҿы?

- Ҿыц ашкол иҭалоз ахәыҷқәа аԥсшәа ада ирдыргәышьоз? Ашколқәа анаадыртыҵәҟьаз, ақырҭқәа анцәажәоз, ҳала ҭаа ҳрыхәаԥшуан, уаҳа акымзарак ҳзеилкааӡомызт. Аӡәызаҵәык, ԥҳәыск Џьамидааԥҳан лара, Кәачаратәын, иахьагьы дысгәалашәоит, усҟангьы ақәра лыман, аԥсышәала ажәақәак лҳәон, убри илҳəоз акəын еилаҳкааӡозгьы. Ашколқәа аадыртит, аха ҳара аԥсуа хәыҷқәа ҳзы ҵак дук аманы иҟамызт, ҧырхагамзар ак ҳнаҭомызт.

- Шəара шаҟа шықəса шəхыҵуааз усҟан?

Старший научный сотрудник АбИГИ Игорь Марыхуба - Sputnik Аҧсны
Марыхәба: ақырҭуа ҩырақәа аҵәаӷәа рыхьшьра политикатә акциан

- Сара схәыҷын усҟан, хәышықәса ракәын исхыҵуаз, аха ашьшьыҳәа стәаны сырзыӡырҩгәышьон. Џьамиадааԥҳа ҳәа сызҿу аԥҳәыс лыла акәын ҳаԥсы злаҭаз ашкол ҳанҭалазгьы. Илдыруаз аԥсшәала дҳацәажәон.

- Ус-ус ақырҭуарагьы аҽарҕəҕəозар акəхарын?

- Нас, маҷ-маҷ ақырҭуара аҽарӷәӷәо иалагеит, ҳəара аҭахума. Схәыҷын, аха иахьеиԥш исгәалашәоит, иҟарҵоз сымбоз. Убас еиԥш аусқәа рыҟаҵара иалагеит, аԥсуаа рыҷкәынцәа бзиақәа, усҟан Очамчыра араикоми, аисполкоми рҟны аус руан Кәарцхааки, Аԥшьлааки. Дареи сареи ҳаиҩызцәамызт, аха иахьырҳәоз саҳауан. Ақырҭқәа убри аҩыза аусқәа бжьаргало иалагеит, аҭаацәара иалалашаз арԥарцәа Очамчыраҟа ирыԥхьаны "амаҵзурақәа шәҭахума?"-ҳәа иразҵаауан, убри сара самеижьо издыруеит. "Амаҵура шԥаҳҭахым" - анырҳәалак, ақырҭуа ҭыԥҳацәа ашкол ишҭаз инаганы аусура иаладыргон, ауаҭахқәа рырҭон, ақыҭақәа рахь ирышьҭуан. Ақырҭуа ҭыԥҳа ԥҳәысс дыргар, амаҵура шрырҭоз ала идыргәыбзыӷуан. Аԥсыуа ҭыԥҳа бзиак дырбаргьы, ақырҭуа рԥыс дирҭон. Ақырҭуа ҭыԥҳацәа аԥсшәа рыздыруамызт, аурысшәа рыздыруамызт, арахь рхацәа аԥсшәа ада ак рыздыруамызт, нас инаганы иҭарыҩуан ақырҭқәа ҳәа, аԥсуаа ракәын иҭарыҩуаз. Абарҭқəа зегьы абыргцәа ианырҳәоз исаҳақәаз роуп, ибзиангьы исгәалашәоит. Ажәакала иуҳәозар, ҳаҷкәынцәа рҭаацәарақәагьы қырҭуа ҭаацәарахо иалагеит. Даара аусқәа хьанҭаны иҟан.

© Фото : Аҭаацәаратә архив аҟынтәИура Таииа-иԥа Аџьынџьал
Аџьынџьал аԥсуа школқəа раркразы: ақырҭуа бызшәа зымҳәоз ахамшҭыхә ҳҭадыргылон - Sputnik Аҧсны
Иура Таииа-иԥа Аџьынџьал

- Ақырҭуа рҵаҩцəа аҧсуа хəыҷқəа гыгшəыгҵас ирзыҟан рҳəоит, ишҧашьақəшəырҕəҕəои уи , аџьамыҕəа цəгьа зхызгаз аӡə иаҳасаб ала?

- Ашколқәа рҟны ирныргәышьон, ахамшҭыхə ҳҭаргыланы ҳрыман. Ақырҭқәа убас ҟарҵауан, ахәыҷқәа каамеҭк рдыруазшәа анацәагьы ржьон, ахәыҷқәагьы ржьон. Избанзар, ахәыҷқəа ақырҭшәа рыздыруамызт, еиликаауаз. Убас анацәагьы ақырҭшәа абардыруаз. Аҭагылазаашьа даара ихьанҭаны иҟан. Ҳлымҳақәа наҟ-ааҟ икны ранпқәа рыла ҳашьҭырхуан. Сара аҩбатәи акласс шыҟаз стәан арҭқәа ианрылагаз. Дара иахьырҭахымыз аҭыԥ аҿы угыланы урбаргьы аҭыӡшәа улырхуан. Абас, аԥсуа қыҭақәа рахь ақырҭқәа нашьҭны ақырҭшәа ддырҵон, аԥсуаа рзы уаҳа бҕеиҵыхра ыҟамызт.

- Шəгəалашəараҿы иаанхаз ахҭысқəа шырацəоугьы, иалышəкаарц ишəылшои уажəазы?

- Абри зегьы еиҳа-еиҳа аҽарӷәӷәо иалагеит, ҳаргьы ҳмеизҳауаз. Ус ишыҟаз акәымкәа, адиректорцәа рыԥсахуа иалагеит. Зны, ҳара директор ҿыцк дҳарҭеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду далахәын иара, аконтузиагьы иман. Нырцә-аарцә ашколқәа рахь документқәак гатәны ианыҟаз, адиректор ахәыҷқәа аӡәык-ҩыџьак аалхны игауан. Зынгьы адокументқәа ргара сара исықәшәеит. Адиректор ишьҭахь сгылан сцауеит, ус иара қырҭшәала ацәажәара далагеит. Акы иҳәоит, арахь ииҳәо сзеилкаауам. Сшәан, сышьҭаахьҟа ашкол ахь схынҳәит, сицәыбналеит. Ашкол аҿы санааи, арҵаҩцәа санырба, "сишьуан азы сшәан сааит" - ҳәа расҳәеит. Аҭырџьманцәагьы ҳаман, Ҵәыџьԥҳак дҳаман аԥсуа рҵаҩыс, лара ақырҭшәагьы лдыргәышьон.

Тимур Надарая - Sputnik Аҧсны
Арадио
Надараиа: Қырҭтәыла иахьатәи аполитика Аԥсны аахәара иазкуп

Ақырҭуа бызшәа ада ак уҳәар ҟамло иҟалеит. Хԥа рҿы сантәаз исгәалашәоит, ақырҭуа бызшәа зымҳәоз ахамшҭыхә ҳҭадыргылон. Иаҳшәыз ҳамаҭәақәа ҳшәыхны, ҳшьапы аџьыкхыш аҵаԥсаны ҳаладыргылон. Ҳшьапқәа хтны аџьыкхыш аҵаԥсаны ҳаныладыргылалак, иахәуан, ҳшьапқәа ирҭалон, ҳазцәажәомызт. Уи сара хаҭала исхызгаз ауп исҳәо. Аԥшьбатәи акласс ахь саннеи, имҩасқәоз еиҳа еилсырго салагеит. Иаҳзааргаҵәҟьоз ус ажәала иузеиҭаҳәо иҟам. 1949-1950 шықәса рзы ауп сымҩашьозар, абаҩарҵәыра ҟаҳҵауан, уи ҳазҭоз рҵаҩык дҳаман, инацәкьарақәа смахәар иаҟаран. Ацәаҳәаҿы ҳшықәгылаз акәымкәа саарылихын, игәабжьынацәа ааирхәан убас дсысит, сышьҭҟьан сцан скаҳаит, ҧшькласск рҿы итәаз ахәыҷы исылуршагәышьоз. Убри иҵыхәала мызкы ашкол ахь сзымцаӡеит. Ахыхь сызҵысит, сҭаацәа сахьырго рзымдыруа, сахьаарго рзымдыруа иҟан. Хәылбыҽхала, дара-дара иааибыҳәаны крыфара ицон. Шьтәак шьны егьины пату рықәумҵар, аҭыӡшәа улырхуан. Ирфон, иржәуан, қырҭ бызшәала ирҿашәо ҳәо руаҭахқәа рахь ицауан. Аурок анаҳамҵа, ҳаӷеимшхаран, ҳаршьуан. Усҟантәи аамҭазы аҩыгақәа ҳара иҳазҭодаз, ачернила, атетрад уҳәа урҭқәа абаҟахыз, аимааҵәҟьа ҳашьамызт, ашәҵатәы ҳамамызт. Ушьапы хтны унеиргьы, асы шьҭазаргьы хьаас ирымаӡамызт, дара ирҭахыз ахьыҟарҵашаз акəын изышьҭаз. Ашкол игылаз убас иҟан, ашьаҟақәа ирықәгылан, аҩбатәи аихагыла амазшәа иҟан, ақәа анауаз убра унеины уҵагылар руӡомызт. "Ара иҟашәҵоузеи, шәцаны шәурокқәа ҟашәҵала" - рҳәон иҳацәнымхозшәа.

- Усҟантəи иахьатəи аамҭеи еиҿшəырҧшуазар, лкаақəас иҟашəҵоузеи?

- Сара ашкол саналга ашьҭахьгьы, Тҟәарчал сыҟан. Аԥсуа бызшәазы схы-сыԥсы сҭиуеит, иахьа уажәраанӡа саԥсыуазар, сшаԥсыуоу сыԥсыроуп, жәытәаахыс аԥсуара сазықәԥоит. Сара схаан ақырҭқәа, ахьӡқәа, адҩыларақəа зегьы рыԥсахуан, ақалақьтə совет аҿы аус зуқәоз ыҟан аԥсуа ҭыԥҳацәа. Урҭ ҳара иҳадгылагәышьон ақырҭуа школқәа анадыркы ашьҭахьгьы. Хәаџьал асасааирҭа ҳаман, Хәаџьали ҳәа анырҵеит қырҭшәала, урысшәала иахьанырҵоз ыҟан, иахьанырымҵозгьы ыҟан, рхы рамакәачха акәын ишыҟаз. Агәаҟра ҳара ҳазҭагылаз ӡәыр дҳақәшәирызар дҭагылааит. Ашьҭахь, аизара дуқәа ҟало ианалага, ҳшьапы ҳақәгыло ҳаналагагьы, зегь акоуп дара ртәы акәын изҿыз. Ацәгьаҳәацәа азыҟаҵаны ирыман, ҳара ҳтәқәагьы агхақәа ахьроуаз ыҟан. Избақәоз зегьы, иҳахҭаҳгақәаз зегьы сҳәоит ҳәа салагар, мышкгьы исзеиҭаҳәаӡом.

© Фото : Аҭаацәаратә архив аҟынтәИура Таииа-иԥа Аџьынџьал
Аџьынџьал аԥсуа школқəа раркразы: ақырҭуа бызшәа зымҳәоз ахамшҭыхә ҳҭадыргылон - Sputnik Аҧсны
Иура Таииа-иԥа Аџьынџьал

Ажәакала иуҳәозар, алаба ҳара ҳзы ихиан, аҭаҷкәым ҳара ҳзы ихиан, ҳлымҳа мыждақәа ашәытақәа рыман. Сара абыржәы 78 шықәса салган, 79 шықәса сырҭоуп. Ашкол аҟны ирацәаны аус зухьеит, уахынлатәи аҿгьы изуан. ПТУ рҵаҩыс аус зуан, Тҟәарчалтәи ахәбатәи абжьаратә школ аҟны иааиԥмырҟьаӡакәа 18 шықәса аус зуит аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс. Иааиқәыуԥхьаӡар, 35 шықәса ашколқəа рҿы ус зуит. Аҵыхәтәаны, аибашьра анеилга, насгьы сыҩны аныбга, Аҟәаҟа саар акәхеит. Ара сахьааиз, Аҟәа араион аҿы ашкол адиректорс сҟарҵеит. Уа быжьшықәса аус зуит. Са стәала убас агәҭакы сыман, акы схәарҭаханы сзыҟалондаз ҳәа. Арҵаҩратə факультети, афилологиатə факультети срылгахьеит.

- Абас еиҧш, Анцəа иумҳəан, аҧхьаҟа ахҭысқəа рыҟамларазы ҳауаажəлар ирабжьыжəгои?

- Ҳажәлар ирдыруазароуп аҧсуаа иҳахҭысхьоу аҭоурых, ҳбызшәа ҳацклаԥшыроуп, абааԥсы. Аԥсуа ҩнаҭақәа рҿы аԥсышәала ицәажәароуп. Иахьа имӡакәа иаҳҳәап, аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы аԥсышәала иахьымцәажәогьы ыҟоуп. Агха ҳмыхьроуп ари аус аҟны. Насгьы даҽа ҭагылазаашьакгьы ҳамоуп, аурыс бызшәа ҽеины ирыздырӡом, аԥсшәоуп ирдырӡо, рхәыҷқəа урыс бызшәала ирацәажәоит, арахь ажәақәа иашаны ирызҳәом, ари рыцҳароуп. Абри ҳара хақәнагеит. Аԥсуа шәҟәқәа раԥхьа-раԥхьа иҭыҵқәоз иахьагьы иҵәахны исымоуп, џьашьахәыс ирымоуп "излауҵәахызеи?"- ҳәа. Знык акәым шәынтә срыԥхьахьазар ҟалап, саԥсуара сашьҭагәышьоуп. Уаҳа уи аҩыза аамҭа Анцәа ҳҭаумыргылан, ҳахдырра еихаҳааит. Иахьа иаҳҧырхагада, ҳхатəы бызшəала ҳцəажəозар, аҵара ҳҵозар, уи еиҳау иарбан насыҧу иҟоу?! Аҧеиҧш бзиа шəымазааит!

 

Ажәабжьқәа зегьы
0