Амобилтә цҵа ахархәарала анаркотикқәа рылазырҵәоз ахаҿы даанкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАмилициа
Амилициа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылауаҩ Георги Багдасариан идырбалаз анаркотикатә маҭәашьар "метадон" акапан 37,385 грамм иҟан.

АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Амобилтә цҵа Telegram ахархәарала анаркотикқәа рылазырҵәоз, 32 шықәса зхыҵуаз Урыстәыла атәылауаҩ Георги Багдасариан Аҟәа даанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Ахаҵа даанкылан аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирылҵшәаны. Урыстәыла атәылауаҩ Георги Багдасариан идырбалаз анаркотикатә маҭәашьар "метадон" акапан 37,385 грамм иҟан.

"Аусбарҭа аоперативтә усзуҩ ишиҳәаз ала, аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирылҵшәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы даанкылан "Марат" ҳәа хьыӡшьараны измаз, амобилтә цҵа Telegram ахархәарала анаркотикқәа рылазырҵәоз, Шәача ақалақь аҿы инхо Георги Багдасариан", - аанацҳауеит апресс-маҵзура.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анаркотикатә маҭәашьар рылазырҵәо ашьра рықәҵара алагалоуп

Багдасариан 2019 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны далалеит. Иара оперативла ишьҭазаара иалҵшәаны ишьақәыргылан хәажәкыра 26 рзы Аҟәа араион, Иашҭхәа ақыҭан анаркотикатә маҭәашьар "метадон" аҭыԥ маӡақәа рҿы ишышьҭеиҵоз, анаҩс Telegram ала урҭ рыҭира хықәкыс иҟаҵаны.

Георги Багдасариан дааныркылеит анаркотикқәа аниҵәахуаз аламҭалазы. Иара Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь днаган. Аҭыԥ аҿы идбалан 33,392 грамм иҟаз анаркотикатә маҭәашьар "метадон" ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Багдасариан иҿахәҿыхраан иҳәеит уаанӡа ииҵәаххьаз анаркотикқәа ахьиҵәахыз аҭыԥ шәсырбоит ҳәа. Абри ашьҭахь Иашҭхәа ақыҭан иԥшаан урҭ аҭыԥқәа.

Табаӷәуа анаркотикқәа рылазырҵәо рзы: иаанаҳамкылар, ҳҳәынҭқарра ҳцәыӡуеит

Багдасариан анаркологиатә диспансер аҿы агәаҭара дахыжьын. Уи иалҵшәаны ишьақәыргылан анаркотикатә маҭәашьар "метадон" идкылан дшыҟаз.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0