Хар амам: Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрраҿы аҵарашықәс аихшьаалақәа ҟаҵан

© Foto / Айнар Читанава001
001 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥысит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра аколлегиа изаамҭанытәу аилатәара. Уа иҟаҵан иаҳхысыз аҵарашықәс аихшьаалақәа, иара убас ҩ-проектк рышьақәырӷәӷәаразы аколлегиа иадгалан.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik. Аихшьаалатә еилатәара хықәкы хадас иаман иаҳхысыз аҵарашықәс аҳасабырба аҟаҵара, ашколқәа рҟны имҩаԥысыз аԥышәарақәа рылҵшәақәа алацәажәара. Иара убас амшхәаԥштә аҟны иҟан аԥсуа школқәа ирызку астандартқәа рышьақәырӷәӷәара.

Аилатәара ааиртит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба. Иара араионтә ҵара ҟәшақәа рхаҭарнакцәа зегь рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аихшьаалақәа рыҟаҵара иахьынӡауа ала ҭакԥхықәрала иазнеирц. Иара убас, Адгәыр Пата-иԥа аилатәараҿы изхәаԥшраны иҟаз егьырҭ азҵаарақәагьы икьаҿу ахьарԥш рзыҟаиҵеит.

Какоба: ажәытә арҵаратә шәага-загақәа ҳарнымшәароуп>>

Анаҩс, ажәа лыҭан Апедагогикатә институт аиҳабы Кәакәасқьырԥҳа Ирина. Лара дыззааҭгылоз азҵаара иахьӡын "Аԥсуа школқәа рзы аҵара-ааӡаратә стандартқәа рыпроект".

Ирина Константин-иԥҳа лцәажәараҿы илҳәеит ари апроект ашьақәыргылараан араионтә ҵара ҟәшақәа рхаҭарнакцәагьы ирацәажәаны, ажәалагалақәеи абжьгарақәеи шыҟарҵаз. Насгьы лара иазгәалҭеит, апроект аиқәыршәараан уаанӡатәи аԥышәа ахархәарала урҭ агәаанагарақәа зегьы хшыҩзышьҭра шрыҭаз.

"Аԥсны аҳәынҭқарра абжьаратә школқәа рзы аҵара-ааӡаратә стандартқәа рыпроект аминистрра аколлегиа иадгалан иаҳхысыз ашықәсаз жьҭаарамзазы. Аколлегиа иара иҵегьы аус адулазарц ақәҵара аднакылеит. АриԤхынгәыадҵа инақәыршәаны, Апедагогикатә институт ахь иаашьҭын аҳҭнықалақьи араионқәеи рҵараҟәшақәа рҟынтәи агәаанагарақәеи абжьгарақәеи. Аҟәшақәа реиҳабацәа зегьы иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ари аус ҭакԥхықәрала иахьазнеиз", - азгәалҭеит Ирина Константин-иԥҳа лцәажәараҿы.

Уи ашьҭахь имҩаԥган абжьыҭара. Уи алҵшәақәа рыла, аколлегиа алахәылацәа зегьы еицҿакны Кәакәасқьырԥҳа лыпроект шьақәдырӷәӷәеит.

Анаҩс ирзааҭгылан ашкол аҟны имҩаԥгаз аԥышәарақәа. Урҭ иаазыркьаҿны аихшьаала рзыҟаҵо, Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиԥҳа иазгәалҭеит ишыҟаз аилагарақәагьы. Уи адагьы, Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ашколқәа 6 рҟны аԥсуа бызшәа амаҭәар ала аԥышәарақәа зынӡагьы имҩаԥымсӡеит, арҵаҩцәа рыҟамзаара иахҟьаны. Иара убас Медеиа Иуан-иԥҳа илҳәеит ҩ-школк рҟны аԥышәара иалагаанӡа аҩыратә ԥышәаратә пакет шаартыз. Уи иахҟьаны иԥсахтәхеит абилеҭқәа ирныз адҵақәа зегьы.

"Аҵара аминистрраҟны иаԥҵаз акомиссиа хықәкыс иаман излатәаз аԥышәарақәа рыҩаӡареи рымҩаԥгашьеи шеиҿкаау азгәаҭара. Дара араионқәа 6 рҟны зынӡа 120 ԥышәара ирылатәан. Аԥышәарақәа мҩаԥысуан арегламент иақәыршәаны, аҵаҩцәа ианаамҭаз аконвертқәа хыртуан, акласстә уадақәа цқьан, еиҿкаан. 11-тәи акласс акомиссиа златәаз аԥышәарақәа рылҵшәақәа, бжьаратә процентла ҳазнеиуазар, аҵара ахаҭабзиара 58 процент рҟынӡа ауп иахьынӡанаӡо", - иацылҵеит Ченгьелиԥҳа.

Аԥсны Аҳәынҭкарра Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба  - Sputnik Аҧсны
Адгәыр Какоба дырзааҭгылеит аушьҭымҭацәа реихьӡарақәеи, аԥышәарақәа рылҵшәақәеи

Лара лажәақәа рыла, аҵара ахаҭабзиара процентла зегьы иреиҳауп Гагратәи алицеи-интернат – 73 %. Уи иашьҭанеиуеит Очамчыра араион – 55%. Анаҩс , Аҟәатәи 1 абжьаратә школ – 47%. Иара убас Медеиа Иуан-иԥҳа илҳәеит аҵарадырратә методика аԥсахрақәа шалагалатәу, уи уажәшьҭа аамҭа ишақәымшәо. Абарҭ ауадаҩрақәа инарымаданы, лара лажәақәа рыла иазырхиатәуп аԥсуа бызшәа аԥышәарақәа рыҭиразы иаԥсуам ашколқәа рзы аинструкциа, еиҭарыхәаԥштәуп абилеҭқәа.

"Иааидкыланы Аԥснытәи ашколқәа рҟны аԥышәарақәа маншәаланы имҩаԥысит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, хар амам ҳәа ахәшьарагьы аҳҭоит", - лажәахә хлыркәшеит Медеиа Ченгьелиа.

Ченгьелиа: иаԥсыуам ахәыҷқәа рзы арҵаратә методика даҽакала иазнеитәуп>>

Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра абҩарҵәыреи аспорти рыҟәша аиҳабы Аслан Кәҭиа-иԥа Ҭарқьыл далацәажәеит 15-тәи ареспубликатә спартакиада шымҩаԥысыз, ирылеиҳәеит алҵшәақәа реихшьаала.

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ашколхәыҷқәа рзы алагерь еиҿнакаауеит>>

Лаҵара 24 инаркны ԥхынгәы 19-нӡа имҩаԥысуан 15-тәи аиубилеитә спартакиада. Уаҟа зықьҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа 16 спорт хкы рҟны еицлабуан. Зегьы рҟны ахалархәра зылшаз Гагратәи, Гәдоуҭатәи араионқәеи, Аҟәа ақалақьи роуп. Акака хкы рҟны ахаҭарнакцәа рзымхаӡеит Тҟәарчалтәи, Очамчыратәи араионқәа.

Азеиԥш еихшьаала алҵшәақәа рыла, ҵыԥх еиԥш сынтәагьы ареспубликатә спартакиадаҿы аиааира агеит Аҟәа ақалақь. Гагратәии Гәдоуҭатәии араионқәа азеиԥш еихшьаалаҿы еиҟарахеит, аха гаграа хаҭалатәи ақәгыларақәа рҿы аиааирақәа еиҳаны иахьрымаз иабзоураны араӡны рҽаԥсартәит. Ахԥатәи аҭыԥ азынхеит Гәдоуҭа араион.

Ҭаркьыл иажәақәа рыла, аспартакиада амҩаԥгарагьы иацын имаҷымкәа аилагарақәа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, ишаԥу еиԥш, ареспубликатә спартакиада иалахәу аҵаҩы заа аԥышәарақәа идырҭиуеит, ҭынч аицлабрақәа иҽырзыҟаиҵаларц азы. Аха сынтәатәи алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟалеит аӡәык-ҩыџьак, заанаҵы аԥышәарақәа ҭиины аицлабрахь зынӡагьы имцаз ашколхәыҷқәагьы. Аслан Ҭаркьыл иажәақәа рыла, урҭ иақәнагоу лахь рыҭан. Иааидкыланы, иара иҳәеит аспорт азҿлымҳара ашколхәыҷқәа рыбжьара есышықәса ишазҳауа.

Аслан Таркил - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҭаркьыл: ашколхәыҷқәа рыспартакиада ахыци ахәымпали рзы аицлабра алагалоуп

Гал араион аҟны аҵара-ааӡаратә процесс иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит аҭыԥантәи аҵара аҟәша ахаҭарнакцәа. Дара ражәақәа рыла, арҵаҩратә занааҭ ала аҵараиурҭа иалго аҿар рҟнытә имаҷуп ашкол аҟны аусура зҭаху. Аӡәы ҿыҵгас иҟаиҵоит амҩа хара, даҽаӡәы ауалафахәы амаҷра уҳәа.

Адгәыр Какоба иазгәеиҭеит аҵара иалго арҵаҩ қәыԥш аҳәынҭқарра инаҭо хықәкылатәи ахырхарҭа адымкылара азин шимам, ус ахымҩаԥгара шиашам. Аминистр иҳәеит ашкол иалго аушьҭымҭацәа зегьы хымԥада иреиҳау аҵараиурҭа иҭалатәуп ҳәа ишхәыцуа, уаҳа ԥсыхәа ыҟам ҳәа ргәы ишаанаго. Заанаҵы ихаргалацәо рхықәкқәа роуп ҳәа азгәеиҭеит анаҩсгьы ауадаҩрақәа рызцәырызго.

Џьопуаԥҳа Барӷьаԥтәи ашкол аҟны абызшәа аҵаразы иҟоу аҭагылазаашьа иазкны>>

Аколлегиа аилатәара ахыркәшамҭаз бжьыҭирала еицҿакны ишьақәырӷәӷәан апроектқәа ҩба. Ҿыц аредакциа иахыжьу Ченгьелиа Медеиа Иуан-иԥҳа лыпроект: "Азеиԥшааӡаратә школқәа рнапхгаҩцәеи русзуҩцәеи рдырра ашьақәырӷәӷәара аԥҟарақәа". Иара убас Кәакәасқьыр Ирина Константин-иԥҳа лыпроект: "2019 шықәсазтәи Апедагогикатә институт аусуратә план".

Ажәабжьқәа зегьы
0