Еилагарада: Урыстәыла Афедерациа ахеилак анаԥшцәа алхрақәа ирыхцәажәеит

© Sputnik / Акоп КущянНаблюдатели от Совета Федерации России
Наблюдатели от Совета Федерации России  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Афедерациа ахеилак аҟынтәи анаԥшцәа Аԥсны ахадарахьы алхрақәа ахәшьара рырҭеит.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахадарахьы алхрақәа раан аилагарақәа аҭыԥ рымамызт, абас иҳәеит аделегациа аиҳабы, Жәларбжьаратәи аусқәа рзы Афедерациа ахеилак аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Марат Мухаметшин.

Наблюдатели из Германии - Sputnik Аҧсны
Германиеи Австриеи рынаԥшыҩцәа Аԥсны алхрақәа шымҩаԥысуа ахәшьара арҭеит

"Ҳара ҳаҟан алхырҭатә ҭыԥқәа жәпакы раартра, зехьынџьара аҭагылазаашьа еиԥшын - ауаа рааишьа бзиан, зегь ҭынчран, аилагарақәа ыҟамызт. Иҟаз вбақәак АКХ аусура мацароуп изыдҳәалоу, урҭ адокументқәа реиқәыршәараан иазгәарҭоит. Акандидатцәа рҟынтәи анаԥшцәагьы ҳрыҿцәажәон, дара иахьабалак иҟан, урҭгьы акомиссиахь агәынамӡара ҳәа акгьы рымамызт", - иҳәеит иара.

Аделегациа алахәыла Михаил Козлов иазгәеиҭеит алхрақәа азакәанԥҵара инақәыршәаны ишымҩаԥысуа.

"Иубарҭоуп ауааԥсыра алхырҭатә ҭыԥқәа рахь гәахәара дула ишнеиуа, урҭ ртәыла аԥеиԥш ргәы ишыҵхо", - иҳәеит иара.

Аҭыԥантәи алхратә комиссиақәа рхаҭарнакцәа рус рдыруеит, агәаранқәа ыҟаӡам, иҳәеит иара. Ольга Ковитиди иазгәалҭеит Аԥсны аԥеиԥш Урыстәылазы акыр шанаҵанакуа.

"Шәтәылаҿы имҩаԥысуа абжьыҭара раԥхьа иргыланы Аԥсны иҟанаҵаз алхроуп, ажәлар рхаҭа роуп ртәыла аиҳабыс иҟалаша далызхша. Ҳгәыԥ аилагара ҳәа акгьы амбеит. Зегьы еиҩызарыла, гәыкала алхрақәа ирызнеиуан", - лҳәеит лара.

Алхрақәа раламҭалаз ЕАА Рҳәынҭқарратә департамент ааԥхьара ҟарҵеит Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара мап ацәнакырц.

"Ҳәара аҭахума, Урыстәыла ас еиԥш апровокациақәа хырҩа рынаҭом. Ҳара еснагь Аԥсны адгылара аҳҭалоит. Гәыкала Аԥсны аизҳазыӷьареи, аҭышәынтәалареи, аҿиареи азеиӷьаҳшьоит, Аԥсны жәлар насыԥ рымазааит", - лҳәеит Коветиди.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит амҽыша, нанҳәа 25 рзы. Абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Наблюдатели из Германии - Sputnik Аҧсны
Рыгәра рымгеит: европатәи анаԥшыҩцәа рпаспортқәа ддырбарц ирыҳәеит

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0