Рыгәра рымгеит: европатәи анаԥшыҩцәа рпаспортқәа ддырбарц ирыҳәеит

© Sputnik / Бадри ЕсиаваНаблюдатели из Германии
Наблюдатели из Германии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Германиеи Австриеи рҟынтәи анаԥшыҩцәа Тҟәарчали Очамчыреи рраионқәа рҟны жәаба рҟынӡа алхырҭатә ҭыԥқәа ирҭааит.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Германиеи Австриеи рҟынтәи анаԥшыҩцәа рпаспортқәа цәырыргарц ирыҳәеит алхырҭатә ҭыԥқәа руак аҿы ҳәа адырра ҟаиҵеит Германиа Бундестаг адепутат Стефан Коитер.

"Қыҭак аҿы иаартыз алхырҭатә ҭыԥқәа руак аҟны ҳпаспортқәа ирыҳәеит аккредитациаҿы афотосахьа ахьыҟам азы. Уи ҳара иаҳгәаԥхеит. Ауаҩы иус ишахәҭоу дазнеит", - иҳәеит Стефан Коитер.

60-ҩык инареиҳаны анаԥшыҩцәа Аԥсны ахада иалхрақәа рхылаԥшра иалахәуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

 Ҭамаз Гогьиа - Sputnik Аҧсны
Гогьиа асоциалтә ҳақәа рҿы а́зҵаарақәа рзы: ринформациа АКХ адыррақәа ирықәшәом

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 121 нызқь иреиҳауп.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0