Рауль Ҳаџьымба Аԥсны жәлар Ахьыԥшымра Азхаҵара амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Владимир Попов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛикование в Сухуме
Ликование в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иазгәарҭоит Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 11 шықәса аҵра.

АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ажәлар Ахьыԥшымра Амш рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

"2008 шықәса иҟалаз Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара – ари аиҩызаратә ҳәынҭқарра анапхгара аполитикатә гәазыҳәара аарҧшра, иақәнагоуп ҳәа иҧхьаӡаны иаднакылаз ӡбамҭоуп. Ари - аҭоурыхтә қәнага аиааира агара иасимволны иҟалеит", - аҳәоит адныҳәаларатә текст аҿы.

Нанҳәамза 26 Аҧсны аполитикатә ҭоурых аҟны акрызҵазкуа даҽа даҟьак аазыртыз ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараан хҭыс дуны иҟалеит. Ари амш ахы иақәиҭны аҿиаразы азин азықәҧареи жәларбжьаратәи азин асубиект аҳасабала адунеитә уаажәларра шьаҿа ҕәҕәала алалара зылшаз ҳажәлар доуҳала реиҭеира иасимволхеит. Жәларбжьаратәи азхаҵара Аҧсны алшара дуқәа азаанартит. Ихацыркуп атәыла ашәарҭадаразы ауснагӡатәқәа жәпакы. Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара ирыҵаҩуп акрызҵазкуа аиқәшаҳаҭрақәа арра-техникатә, аҭҵаарадырратә, акультура, аҵараиура, агәабзиарахьчара, атуризм, аспорт аусхкқәа рыҟны ҳәа азгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба.

Акыр ҳазыԥшын: Аԥсны ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 11 шықәса ҵуеит - Sputnik Аҧсны
Акыр ҳазыԥшын: Аԥсны ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 11 шықәса ҵуеит

"Иахьа ҳҳәынҭқарра ҩашьарада асоциалтә-економикатә ҿиара ахырхарҭа ылнахит. Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо адгыларала реиҭашьақәыргылара мҩаҧысуеит аҳәынҭқарратә университет, ашколқәа, ашколқәранӡатәи аусбарҭақәа, ахәшәтәырҭақәа, акультура аобиектқәа. Иубаратәы иҟалеит ареспублика ақалақьқәеи ақыҭақәеи рхаҿра аҽшаҧсахуа, реиҭашьақәыргылара мҩаҧсыуеит амҩа-транспорттә инфраструктура", - иҳәеит ахада.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Урыстәыла стратегиатә партниорк аҳасаб ала хра злоу адгылара шыҟанаҵо атәыла аҿиараҟны еиҳа хадара злоу ахырхарҭақәа рзы зыҩаӡара ҳараку акадрқәа разыҟаҵаразы.

"Иазгәаҭатәуп, Аҧсни Урыстәылеи реилибакаареи еихьӡарала русеицуреи ирыбзоураны нап аркуп аиҩызара зыбжьоу ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аҳауеи амшынтәи еимадара аиҭашьақәыргылара иазку апроект.

Аус адулара мҩаҧысуеит Жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо амедицинатә республикатә центр аҧҵара иазку азҵаара.

Ҳарҭ шьаҿа ҕәҕәала ҳҳәынҭқарра аиҭаҿиара амҩа ҳанылеит, иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит уи аҿиаразы, аизҳазыӷьаразы" ҳәа иҳәоит Ҳаџьымба.

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иҽалаирхәит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Ацеремониа иалахәын Аахыҵ Уаԥстәыла, Донецктәи жәлар рреспублика рделегациақәа, Аԥсны аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0