ConIFA - 2020 Аҩадатәи Македониа имҩаԥысраны иҟоуп

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСкопье.
Скопье. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ConIFA аверсиала адунеитә чемпионат 2020 шықәса рзы имҩаԥысуеит лаҵара  30 инаркны рашәара 7 рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. 2020 шықәса рзы ConIFA аверсиала ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп Аҩадатәи Македониа аҳҭнықалақь Скопье аҿы ҳәа Sputnik Аԥсны адырра арҭеит ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа апресс-маҵзураҿы.

Чемпионата Европы под эгидой ConIFA  - Sputnik Аҧсны
ConIFA-2020 Адунеи ачемпионат Сомалиленд имҩаԥысӡом

Атурнир Сомалиленд амҩаԥгара азԥхьагәаҭан, аха аиҿкааҩцәа  уи аҭыԥ рыԥсахит акомандақәа жәпакы афинанстә ҭагылазаашьа инамаданы уахь ацара ахьырцәыуадаҩхаз иахҟьаны.

2019 шықәса рзы ачемпионат мҩаԥган Ашьха Ҟарабах. Аԥснытәи акоманда ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит. Актәи аҭыԥ ргеит Алада Уаԥстәыла аспортсменцәа.

2016 шықәса рзы ConIFA ачемпионат Аԥсны ианымҩаԥысуаз аԥснытәи акоманда актәи аҭыԥ анашьахеит.

Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа Рконфедерациа ConIFA, шьаҭаркын рашәара  7 2013 шықәса рзы. Иахьазы иара еиднакылоит 40 команда.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0