Ҳазҭоу ашықәс азы Аԥсны ахәырма алгара рекордтәхеит

CC0 / / ахәырма
ахәырма - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын алагамҭазынӡа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа иахыргахьеит 180 тонна афеихоа, 105 тонна ахәырма, 4 000 тонна амандарина.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 – Sputnik. Ԥхынҷкәынмзазы ахурмеи афеихоаи рекспорт, ииасыз ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар, акыр еиҳауп, убри аан арҭ арбагақәа реиҿырԥшрала амандаринақәа рекспорт ҩынтә еиҵахеит ҳәа арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит аҳазалхратә ҭыԥ "Ԥсоу" аиҳабы Алиас Хышба.

Иара иажәақәа рыла, 2018 ԥықәса ԥхынҷкәынмза алагамҭазы 5 тоннак ахәырма аҳәаа иахыгазар, 2019 шықәса иара абри аамҭазы 105 тонна аҳәаа иахыргеит. Амза раԥхьатәи амшқәа рзы иара убасгьы аҳәаа иахыган 180 тонна афеихоа. Уигьы ҵыԥхтәи абри аамҭахҵәа иаҿурԥшуазар, хынтә еиҳауп.

Убри аан арҭ арбагақәа реиҿырԥшрала амандаринақәа рекспорт ҩынтә еиҵахеит. Ԥхынҷкәын алагамҭазы аҳәаа иахыргахьоу 4 000 тонна заҵәык роуп (ииасыз ашықәс аан ари арбага ишьақәнартәон 8 000 тонна).

Аԥсуа ҭагалан ахьыршәыгәқәа: амандарина, афеихоа, ахәырма - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ҭагалан ахьыршәыгәқәа: амандарина, афеихоа, ахәырма

Ацитрусқәа рекспорт ԥхынҷкәынымзазы еиҳа ишеиҳаугьы, 2018 шықәса рзы мышкала 500 кьыла амандарина ииаргозар, сынтәа – 200 кьыла иреиҳам.

"Сынтәа ииашаҵәҟьаны амандарина маҷны иит. Еидкылан аахәаразы арахь иаауа реиҳараҩык ҭацәны ихынҳәуеит. Аҟамзаара адагьы, ахәԥса ҳаракуп – 40  мааҭ иркуеит", - иҳәоит Хышба.

Ԥхынҷкәын алагамҭазынӡа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа иахыргахьеит 180 тонна афеихо, 105 тонна ахәырма, 4 000 тонна амандарина.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0