Урыстәылатәи аԥшыхәцәа Аԥсны ашьхақәа рҿы "аӷа" дҭадырхеит

© Foto / Пресс-служба ЮВО Урыстәылатәи аԥшыхәцәа Аԥсны ашьхақәа рҿы "аӷа" дҭадырхеит
Урыстәылатәи аԥшыхәцәа Аԥсны ашьхақәа рҿы аӷа дҭадырхеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполигон "Ҵабал" аҟны хымш рыҩнуҵҟа имҩаԥысуа арратә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 500-ҩык инарзынаԥшуа аԥшыхәратә ҟәшақәа рҟынтәи аруаа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. Аладатәи арратә округ иатәу аурыс арратә база аԥшыхәцәа ирбеит, иагьықәырхит Аԥсны ашьхарақәа рҿы иҵәахыз "аӷа" иҭыԥқәа, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аԥшыхәцәа аԥхьа аԥшыхәра мҩаԥыргеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла.

"Аӷа" иԥшаара абзоурахеит аԥшыхәратә постқәеи, ацәҟьақәеи, қәҿиарала имҩаԥыргаз ахаԥраарақәеи ирыбзоураны. Иҵәахыз атехникеи аршьаҟауааи рықәхразы рхы иадырхәеит анаҩстәи абџьар: БТР-82АМ, ашәақьқәа "Винторез", апулемиотқәа "Печенег", автоматқәа АК-74.

Арратә ҽазыҟаҵарақәа аполигон "Ҵабал" аҟны имҩаԥысуан аԥышәа змоу азыҟаҵаҩцәа рнапхгарала. Рхы иадырхәон ҳаамҭа иақәшәо атехникатә хархәагақәа, иаҳҳәап аԥшыхәреи, анапхгараҭареи, аимадареи рзы иеиҭаҵуа акомплексқәа.

Аҭагылазаашьа иҟалаҵәҟьар зылшо аҭагылазаашьа азааигәатәразы рхы иадырхәеит аимитациатә ртҟәацгақәа ИМ-120, еиҵаҵамыз апатронақәа.

Зынӡа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 500-ҩык аруаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0