Ҳаџьымба Очамчыра араион ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс Геннади Ҵәыџьба даиҭеит

© Фото : предоставленго Саидой ЖибаГеннади Ҵәыџьба
Геннади Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ԥхынҷкәын 19 рзы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Геннади Ҵәыџьба Очамчыра араион ахада инапынҵақәа наигӡаларц азы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ԥхынҷкәын 19 рзы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Геннади Ҵәыџьба Очамчыра араион ахада инапынҵақәа наигӡаларц азы ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра административ-ҵакыратә акқәа рҟны анапхгараҭаразы" ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны, Геннади Платон-иԥа Ҵәыџьба Очамчыра араион ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵазааит", - ҳәа аҳәоит аусԥҟаҿы.

Уаанӡа араион ахадараҿы дыҟан Гиви Допуа. Иара ихы дақәиҭтәуп ихатәы арзаҳал ашьаҭала.

Ажьырныҳәа 29, 2019 шықәсазы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Гагра араион ахадас иҟаз Заур Бганба инапынҵақәа раанрыжьразы иҟаиҵаз арзаҳал идикылан, уи ихаҭыԥуаҩ Геннади Платон-иԥа Ҵәыџьба Гагра араион ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс даиҭеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0