Ҳаџьымба ареспубликаҿы аҭыԥ змоу амцакрақәа инарымаданы аилацәажәара мҩаԥигеит

© Sputnik / Игорь Агеенко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛесные пожары
Лесные пожары  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА адыррақәа рыла, Гәылрыԥшь, Гәдоуҭа, Гагра, Очамчыра араионқәа рҟны абнатә мцакрақәа аҭыԥ рымоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ареспубликаҿы аҭыԥ змоу амцакрақәа ирхырҟьаны аилацәажәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Аилацәажәара хыркәшо, ахада анапынҵақәа ҟаиҵеит:

• Иаҭахханы ианыҟоу аамҭазы амчратә усбарҭақәа реилазаара амцарцәара иадыԥхьаӡалазарц;

• Араионтә хадарақәеи АҶА анапхгареи аинырра мҩаԥыргаларц, аминистрра аҭаххарақәа оперативла азхьаԥшра рырҭаларц;

• Аԥыза-министр инапы ианҵоуп есыҽны аҭагылазаашьазы адыррақәа ҟаиҵаларц.

Аԥсны иахьаҵанакуа абылрақәа азгәаҭоуп Аҟәа араион, Очамчыра араион, Гагра ашьхара иахьаԥну. Иахьа Оҭҳара ақыҭан амца зку аҭыԥ ҿыцқәа шьақәыргылоуп.

Ақәа ада ԥсыхәа ыҟам: Аԥсны АҶА амцарцәара ишаҿыц иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Ақәа ада ԥсыхәа ыҟам: Аԥсны АҶА амцарцәара ишаҿыц иаҿуп

Уаанӡа, Аҟәа араион Акаԥа ақыҭан раԥхьатәи амцакратә ҭыԥқәа гәаҭан ԥхынҷкәын 21 рзы. Уа абылра иаҿын 10 гектарк рҟынӡа абнара.

Урҭ аҭыԥқәа рҟынӡа анеира уадаҩуп. Атехника знеиуам. Амцарцәаҩцәа уахь шьапыла инеины амца дырцәоит. Амцахыҵхырҭақәа аҳаракырақәа рҟноуп иахьыҟоу. Аԥшасраан урҭ аладаҟа илбаауеит. Аҭыԥантәи ауааԥсырагьы ацхыраара ҟарҵоит.

Аԥсны иахьаҵанакуа абылрақәа азгәаҭоуп Аҟәа араион, Очамчыра араион, Гагра ашьхара иахьаԥну.

Амцакрақәа рымзыз хада – ауаҩытәыҩсатә фактор ауп ҳәа ишьоуп.

Абҵара алагамҭазы 11 000 метр ԥшьыркца амца акны ибылуан. Ааԥхьара рыҭан Урыстәыла АҶА ахаҭарнакцәа. Урҭ хәыда-ԥсада ацхыраара ҟарҵеит авертолиот Ми-8, аҳаирплан-амфибиа Бе-200 рыла.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0