2019 шықәса рзы амандарина аекспорт 2,5 рыла еиҵан

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПродажа мандаринов на границе России и Абхазии в Краснодарском крае
Продажа мандаринов на границе России и Абхазии в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса рзы Аԥсны еизыргеит 17 000 тонна амандарина. Ари уаанӡатәи аҽаҩрақәа раасҭа акыр еиҵоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Ииасыз ашықәс азы ареспубликаҟынтә аҳәаа иахыган 14 000 тонна ацитрустә шәырқәа ҳәа иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны ақыҭанхамҩатә еилакы ахантәаҩы Амиран Какалиа.

Сынтәа Аԥсны амандарина ҽаҩра хәынтә еиҵахеит. Амандарина аамҭа-аамҭала аҽаҩра аҽаԥсахлоит. Уи ауп изыхҟьаз иҳәеит Какалиа.

"Сынтәа амандарина зынӡак имаҷын. Убри аан егьырҭ ашәырхкқәа – афеихои ахәырмеи акырынтә еиҳахеит. Амандарин иасакьаҳәымҭаны ҳәа иԥхьаӡоуп ԥхынҷкәынмза, ҵыԥх ҽнак иалагӡаны 500 кьыла рҟынӡа ианыиаргоз ыҟан, сынтәа 200 рҟынӡа инеиӡомызт. Афирмақәа ацитрустә шәырқәа кьылак 10 мааҭк ҳәа ииаргоит, аҳаза 0,1% иартәоит. Ҳаигәыӷуеит 2020 шықәса рзы аҽаҩра бзиа ҟалап ҳәа", - еиҭеиҳәеит аилак ахантәаҩы.

Ахазхаҿы знык ала аҳәаа 25 кьыла ахыгара азин имоуп. Еиҳау апартиа ахыгараан аалыҵ аҳәаанырцә иаазхәо ауаҩи иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьазароуп. Иҟазароуп ахәԥса-фактура, атранспорттә шәҟәқәа, Аҳәынҭстандарти акарантинтә хылаԥшреи рсертификат.

Амандарина ирацәаны аҳәаа рахыгараан Аԥсны аҳазалхратә усбарҭа атауар ахәԥсаҟынтәи 0,1 % ахнахуеит.

Ирыҟәшәоит, еилырԥшаауеит: Аԥсны амандарина шҿырхуа - Sputnik Аҧсны
Ирыҟәшәоит, еилырԥшаауеит: Аԥсны амандарина шҿырхуа

Жьҭаарамза 28 рзы Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала ишьақәыргылан аахәаратә хәыԥсақәа сынтәатәи ашықәс азы. Ақәҵара апроект инақәыршәаны кьылак амандаринеи апельсини–19 мааҭ иаԥсоуп. Кьылак алимон ахәԥса иартәоит 20 мааҭ.

2019 шықәса рзы аусбарҭа анхацәа ацхыраара рырҭеит ацитрусқәа рыхәышәтәразы.

Аԥсны ацитрустә шәырқәа абаҳчақәа зегьы рҿыцтәуп ҳәа азгәеиҭеит Какалиа.

Амиран Какалиа игәаанагарала адгьыл алшара ибзианы иҭҵааны уи аус нап аркра аҭахуп. Ацитрустә шәырқәа рааӡара ақыҭанхамҩаҿы аԥеиԥш бзиа змоу хырхарҭаны ҳәа иԥхьаӡоуп. Аус арутәуп апрограмма ҷыда ҳәа азгәеиҭоит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0