Аԥсны иҟоу Урыстәыла аруаа маи 9 рҽазыҟарҵоит

© Foto / Пресс-служба южного военного округа Аԥсны иҟоу Урыстәыла аруаа маи 9 рҽазыҟарҵоит
Аԥсны иҟоу Урыстәыла аруаа маи 9 рҽазыҟарҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира амш аҽны  урыстәылатәи аруаа Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы имҩаԥысраны иҟоу ауснагӡатәқәа ирылахәхоит.

АҞӘА, жәабран 17 фев - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аруаа Аиааира амш 75-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылахәоит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аиааира амш 75-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылахәоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аруаа, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруаа, Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аруаа.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит 100-ҩык рҟынӡа асолдаҭцәеи аофицарцәеи.

Аҽазыҟаҵарақәа актәи ретап аан аишьҭагыла ныҟәашьа мҩаԥыргоит.

Иара убасгьы  ауснагӡатәқәа ирылахәхоит арратә оркестр.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0