АҞӘА, жәабран 17 фев - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аруаа Аиааира амш 75-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылахәоит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.
Аиааира амш 75-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылахәоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аруаа, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруаа, Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аруаа.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит 100-ҩык рҟынӡа асолдаҭцәеи аофицарцәеи.
Аҽазыҟаҵарақәа актәи ретап аан аишьҭагыла ныҟәашьа мҩаԥыргоит.
Иара убасгьы ауснагӡатәқәа ирылахәхоит арратә оркестр.