Sputnik амчыбжь: алхрақәа рыламҭала, афымцалашара ахәԥса

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыборы президента Абхазии
Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит аматериалқәа рҟны жәабран 10 - 16 рзы иҟалаз, аинтерес зҵоу ахҭысқәа.

Ииасыз амчыбжь ҭәын еиуеиԥшым хҭысла. Урҭ еиҭашәҳардыруеит ҳкорреспондентцәа рматериалқәа рҟны.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Алхра аламҭалатәи аусқәа

Аԥсны Алхратә комиссиа хада жәабран 11 рзы ихнаркәшеит атәыла ахадарахьы акандидатцәа ықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи ашәҟәы рҭаҩра.

Леонид Дзапшба. - Sputnik Аҧсны
Апартиа "Акзаара" аҟынтәи кандидатс дықәгылоит Леонид Ӡаԥшьба

Жәабран 11 рзы апартиа "Акзаара" аизара ду аҟны атәыла ахадарахьы кандидатс дықәнаргылеит Леонид Ӡаԥшьба. Ахада ихаҭыԥуаҩыс Леонид Ӡаԥшьба ихьӡ иҳәеит Виктор Ҳашба. Аизара аделегатцәа уи иақәшаҳаҭхеит.

Уи аԥхьа, жәабран 10 рзы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә инстиут аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ имаҵурахьы кандидатс дықәдыргылеит ахадарахьы акандидат Адгәыр Арӡынба икомандаҟынтәи.

Адгәыр Арӡынба ахадарахьы кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ Алхратә комиссиа хадаҿы аҽҭанаҩит жәабран 6 рзы. Жәабран 11 рзы агәыԥ АКХ ахь инанагеит иаҭахыз адокументқәеи анапынҵамҭақәа зныз абӷьыцқәеи.

Иара убасгьы, жәабран 11 рзы Кан Кәарҷиа аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла ахадарахьы икандидатура ақәыргылара дшақәшаҳаҭым.

Абас ала иахьазы иҟоуп хҩык акандидатцәа: Леонид Ӡаԥшьба, Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа.

Ауаҩшьра иалахәыз ҳәа ахаҿ ҿыц иӡбахә ҳәоуп

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, Доминика Ақырҭааԥҳа рышьра далахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩы иԥшаара иашьҭоуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Стрельба напротив ресторана Сан-Ремо - Sputnik Аҧсны
Аԥшаҳәаҿы иҟаз ауаҩшьра далахәызар ҟалоит ҳәа гәҩарас ирымоу иԥшаара рылаҳәоуп

Иԥшаара иашьҭоуп Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭан инхо, 1982 шықәса рзы ииз Бганба Беслан Тото-иԥа.

Ԥхынҷкәынмзазы Аҟәа ақалақь апрокуратура аҳәамҭа ҟанаҵеит арҭ ауаҩшьрақәа дрылахәуп ҳәа агәаанагара зызрымаз Ерик Чкадуа иԥшаара ишалаго азы. Иахьатәи аамҭазы абри аус инадҳәаланы иаанкылоуп: Аслан Блабба, Даҭо Ахалаиа, Демур Ахалаиа.

Заҟа иаԥсоузеи урыстәылатәи афымцалашара?

Аԥсны аенергетикеи, атранспорти, аимадареи рзы аҳәынҭусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа далацәажәеит Урыстәылантәи иаарышьҭуа афымцалашара ахәԥсеи, иахьынӡаҳазхои ртәы.

Иахьатәи аамҭазы афымцалашара ҳхы ишаҳархәо ала Урыстәылантәи иаҳзаауа ҳазхараны иҟоуп хәажәкыра 14 рҟынӡа ҳәа иҳәеит Леон Кәарҷиа.

Иԥхаррахар, афымцалашара ахархәара лаҟәыргьы, иҟоу аҭҵаарақәа рыла урыстәылантәи иҳауа афымцалашара ахә 400 миллион мааҭ артәоит.

Кәарҷиа иажәақәа рыла аихшьаалатә хәыԥса макьаназ ашьақәыргылара уадаҩуп. Кәарҷиа иҳәеит Аԥсны абжа урыстәылатәи афымцамч шаиуа, егьи ахәҭа ЕгрыГЕС аҟынтәи шакәу ишаиуа.

архив - Sputnik Аҧсны
Ахьы иалхуп: Урыстәылантәи Аԥсны иаиуа афымцалашара ахәԥса

Жәабран 1 - 10 рзы ареспубликаҿ ахархәара аҭан 90 миллион киловатт сааҭ. Иара абри ажәамш рыла иныхын 46 миллион киловатт сааҭ.

Абарҭ арбагақәа ирҿырԥшны иуҳәар ҟалоит мышкы 9,2 миллион мааҭ рыхә афымцалашара рхы иадырхәоит ҳәа (2 маҭк ҳәа иԥхьаӡахар), ма 13,8 миллион мааҭ (3 мааҭк ҳәа иԥхьаӡахар).

Афымцалашара ахә шәахоит ареспублика асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестициатә программа аҟынтәи.

Ҭимур Бганба иаанкылара

Урыстәылатәи АИХқәа рҟны ицәырҵит аинформациа Аԥсны Аҵәахырҭатә банк уаанӡатәи ахантәаҩы дааныркылеит ҳәа. Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны Апрокуратура хада Аԥсны Аҵәахырҭатә банк уаанӡатәи ахантәаҩы Ҭемыр Бганба дааныркылеит ҳәа аофициалтә информациа ыҟам ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит аусбарҭа апресс-маҵзураҟынтә.

Уаанӡа ателеканал РЕН ТВ аҳәамҭа ҟанаҵеит ажьырныҳәа 17, 2020 шықәса рзы Аԥсны Апрокуратура хада урыстәылатәи рколлегацәа Бганба иаанкыларазы азыҳәа рзынарышьҭит ҳәа. Аха ари аинформациа аԥснытәи аусбарҭаҿы ишьақәыдмырӷәӷәеит.

Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзураҿы ирҳәеит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк уаанӡатәи ахантәаҩы Ҭемыр Бганба ареспублика аҵакыраҿы ишьҭазаара шрылаҳәаз 2018 шықәса ԥхынгәымзазы. Иара убасҟан Урыстәылагьы даанкылазарц рылаҳәан.

Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хада Аҵәахбанк уаанӡатәи аиҳабы Бганба иаанкылара шьақәнарӷәӷәом

Жәабран 3 рзы Аԥсны Апрокуратура хада Аҵәахырҭатә банк аҿы 730 миллион мааҭ ӷьычын ҳәа иҟоу адырра аганахьала аусҭҵаара нап анаркит. Ацәгьоура аҭыԥ аман 2017 шықәса рзы, Ҭемыр Бганба абанк данахагылаз.

2017 шықәса абҵарамзазы Амилаҭтә банк аӡбарала Аҵәахырҭатә банк аҿы аамҭалатәи анапхгараҭара еиҿкаан. Ари мзызс иаман аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы 500 миллион мааҭ рҟынӡа ацәыӡқәа ахьаарԥшыз. Аамҭалатәи анапхгараҭара аус руан 2018 шықәса цәыббрамзанӡа. Аҵәахырҭатә банк анапхгаҩы Ҭемыр Бганба изинмчра ԥкын абҵара 13 инаркны, зынӡа иаанкылан ԥхынҷкәын 13 рзы.

Адипломат имш

Урыстәыла адипломатиатә усзуҩ Имш азгәарҭоит жәабран 10 рзы. Иара шьаҭаркын жьҭаара 31, 2002 шықәса рзы. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит адипломат Имш иазку ауснагӡатә ихы ахьалаирхәыз.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи аныҳәамш рыдиныҳәалеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0