Апартиа "Акзаара" аҟынтәи кандидатс дықәгылоит Леонид Ӡаԥшьба

© Sputnik Томас ТхайцукЛеонид Дзапшба.
Леонид Дзапшба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа, жәабран 11 рзы апартиа "Акзаара" аизара ду аҟны атәыла ахадарахьы кандидатс дықәнаргылеит Леонид Ӡаԥшьба.

АҞӘА, жәабран 11 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апартиа "Акзаара" иахьа аизара ду аҟны атәыла ахадарахьы кандидатс Леонид Ӡаԥшьба дықәнаргылеит. Абри атәы аалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

"Зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Сара еснагь сыжәлар рҿаԥхьа саартын, ламысцқьалагьы аус сазнеилоит ԥхьаҟагьы. Аԥсны ажәлар алхра иаша ҟарҵар, изуа-исҳәо зегьы аартны имҩаԥызгалоит", - иҳәеит Ӡаԥшьба.

Ахада ихаҭыԥуаҩыс Леонид Ӡаԥшьба ихьӡ иҳәеит Виктор Ҳашба. Аизара аделегатцәа уи иақәшаҳаҭхеит.

"Сара Леонид Ӡаԥшьба игәра згоит. Сивагылоит. Ари ауаҩ 24 сааҭ аус иазызкыр зылшо иоуп", - иҳәеит Ҳашба.

Акзаара аизара - Sputnik Аҧсны
"Акзаара" аизара амшхәаԥштә: Леонид Ӡаԥшьба ахадарахьы кандидатс иқәыргылара

Аизарахь днеит ахадарахьы уаанӡатәи акандидат Асҭамыр Какалиа. Иара иҳәеит Ӡаԥшьба адгылара шииҭо.

"Леонид Иури-иԥа ачынуаа рхашәала ашәҟәы аҭагалара, ачынуаҩ закәаншьаҭада ибеиара цәгьоураны аԥхьаӡара дахьадгыло азы иҭабуп ҳәа иаҳҳәар ҳҭахуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны АКХ, ажьырныҳәа 24 рзы ашәҟәы иҭанагалеит аполитикатә партиа "Акзаара" ("Единство"), атәыла ахада иалхразы акандидатура ақәыргылараз. Абри ашьҭахь, иахьа, апартиа аизара ду мҩаԥнагеит акандидатура ашьақәырӷәӷәаразы.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2020 шықәса хәажәкыра 22 рзы. Иахьатәи аамҭазы АКХ аҟны ашәҟәы иҭагалоуп Адгәыр Арӡынбеи Аслан Бжьаниеи кандидатцәас иқәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0