Апрокуратура хада Аҵәахбанк уаанӡатәи аиҳабы Бганба иаанкылара шьақәнарӷәӷәом

© SputnikГенеральная прокуратура Абхазии
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи АИХқәа рҟны ицәырҵит аинформациа Аԥсны Аҵәахырҭатә банк уаанӡатәи ахантәаҩы дааныркылеит ҳәа.

АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада Аԥсны Аҵәахырҭатә банк уаанӡатәи ахантәаҩы Ҭемыр Бганба дааныркылеит ҳәа аофициалтә информациа ыҟам ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит аусбарҭа апресс-маҵзураҟынтә.

Банкомат  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апрокуратура хада Аҵәахырҭатә банк аҿы аҭыԥ змоу аԥарафара ҭнаҵаауеит

Уаанӡа ателеканал РЕН ТВ аҳәамҭа ҟанаҵеит ажьырныҳәа 17, 2020 шықәса рзы Аԥсны Апрокуратура хада урыстәылатәи рколлегацәа Бганба иаанкыларазы азыҳәа рзынарышьҭит ҳәа. Аха ари аинформациа аԥснытәи аусбарҭаҿы ишьақәыдмырӷәӷәеит.

Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзураҿы ирҳәеит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк уаанӡатәи ахантәаҩы Ҭемыр Бганба ареспублика аҵакыраҿы ишьҭазаара шрылаҳәаз 2018 шықәса ԥхынгәымзазы. Иара убасҟан Урыстәылагьы даанкылазарц рылаҳәан.

"Ҭемыр Бганба даанкылоуп ҳәа адыррақәа ыҟоуп, аха ҳара официалла усеиԥш акгьы ҳмоуцт", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Жәабран 3 рзы Аԥсны Апрокуратура хада Аҵәахырҭатә банк аҿы 730 миллион мааҭ ӷьычын ҳәа иҟоу адырра аганахьала аусҭҵаара нап анаркит. Ацәгьоура аҭыԥ аман 2017 шықәса рзы, Ҭемыр Бганба абанк данахагылаз.

2017 шықәса абҵарамзазы Амилаҭтә банк аӡбарала Аҵәахырҭатә банк аҿы аамҭалатәи анапхгараҭара еиҿкаан. Ари мзызс иаман аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы 500 миллион мааҭ рҟынӡа ацәыӡқәа ахьаарԥшыз. Аамҭалатәи анапхгараҭара аус руан 2018 шықәса цәыббрамзанӡа. Аҵәахырҭатә банк анапхгаҩы Ҭемыр Бганба изинмчра ԥкын абҵара 13 инаркны, зынӡа иаанкылан ԥхынҷкәын 13 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0