Бзыԥҭатәи аныхабаа иахылаԥшуа Роман Канџьариа: сыҩнеиԥш избоит ари аԥшьаҭыԥ

© Sputnik / Саида ЖибаX ашәышықәса иаҵанакуа Бзыԥҭатәи аныхабаа
X ашәышықәса иаҵанакуа Бзыԥҭатәи аныхабаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
X ашәышықәса иаҵанакуа Бзыԥҭатәи аныхабаа архитектуратә баҟеи изгәылаку аԥсабареи дарбанзаалак доуҳала дахәшәтәуеит, иԥсы инаршьоит. Ара есқьынагьы ицқьоуп, џьара быбыцк каршәны иубом. Уи ибзоуроуп хатәгәаԥхарала ари аҵакыра иахылаԥшуа Бзыԥҭа ақыҭанхаҩы Роман Канџьариа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

- Агәамсам ныжьны шәымцан, - ҳәа хаҵабжьык аагеит, Бзыԥҭатәи аныхабаа амҵан адәҳәыԥш аҟны ҳтәаны сҩызцәеи сареи ҳамҩаныфа анаацәыраҳга.

Иван Балин имаругақәа - Sputnik Аҧсны
Гаграа ирҳәоит: абраҟа дынхон абџьарҟаҵаҩы - Иван Балин

- Мап, ҳара уи аҩыза ҳхы иақәҳнаргом, - ҳәа ҿааҳҭит ҳганахь иааиуаз иахь.

- Аныхабаа арымарахьтәи аҩналарҭала шәыҩнал, ацәашьқәа уа иҟоуп, иҳәеит ҩаԥхьа ихы ҳақәкны.

- Аиеи, иҭабуп ҳәа наиаҭаҳкын, ҳчеиџьыкахь дааҳаԥхьеит.

Роман, ус ихьӡын азнык азы џьашьатәыс иаҳзыҟалаз ахаҵа, ҳаибадырра ашьҭахь еилаҳкааит ари аҭыԥ ссир улаԥш аргәырӷьартә еиԥш иҟазҵаз иара шиакәу.

© Sputnik / Саида ЖибаБзыԥҭа ақыҭанхаҩы Роман Канџьариа
Бзыԥҭатәи аныхабаа иахылаԥшуа Роман Канџьариа: сыҩнеиԥш избоит ари аԥшьаҭыԥ - Sputnik Аҧсны
Бзыԥҭа ақыҭанхаҩы Роман Канџьариа

Роман Канџьариа Бзыԥҭатәи аиҩхаа, аныхабаа азааигәара дынхоит. 27 шықәса раахыс хатәгәаԥхарала ихы иадиҵеит ари аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахылаԥшра. Роман илаԥш дыҵамшәакәа аныхабаахь аӡәгьы дызнеиуам. Уахь ухазгало, абахә иаҿоу амҿтәы мардуан зшьапы ықәзыргыло зегьы дрышьҭагыланы иҿынеихоит.

© Sputnik / Саида ЖибаБзыԥҭатәи аҩхааҿы игылоу аныхабаа Х ашәышықәсахь иаҵанакуеит
Бзыԥҭатәи аныхабаа иахылаԥшуа Роман Канџьариа: сыҩнеиԥш избоит ари аԥшьаҭыԥ - Sputnik Аҧсны
Бзыԥҭатәи аҩхааҿы игылоу аныхабаа Х ашәышықәсахь иаҵанакуеит

Абаҟа иахылаԥшуа аҭааҩцәа ргәырҽаниҵоит ииашаны рхы мҩаԥыргарцаз. Иреиҳәоит аныхабаа ишыҩналатәу, ацәашьы ахьықәдыргыло, иара убас акәша-мыкәша изызҳауа, ауаҩы ихы иаирхәо ахәшә ҵиаақәа дирбоит, ирзеиҭеиҳәоит рхархәашьа, хаҭала иҟәшәаны ианриҭогьы ыҟоуп.

"Акыр шықәса раԥхьа анцәа иҟнытә агәаҳәара соуит есыҽны абрахь схаланы аҭагылазаашьа ахылаԥшразы. Аныхабаа хкааӡам, арахә ҭалоит, сара ианызбо, иаразнак иҭысцоит, ауац згоит, амыӷқәа ԥысҟоит, аԥхынра ашьац сырхуеит. Иааиуа ргәы иахәаратәы изласылшо ала ацқьара аԥысҵоит, сыҩнеиԥш бзиа избоит", - иҳәоит Роман.

© Sputnik / Саида ЖибаБзыԥҭатәи аныхабаа акәша-мыкәша иҟоу аԥсабара ухнахуеит
Бзыԥҭатәи аныхабаа иахылаԥшуа Роман Канџьариа: сыҩнеиԥш избоит ари аԥшьаҭыԥ - Sputnik Аҧсны
Бзыԥҭатәи аныхабаа акәша-мыкәша иҟоу аԥсабара ухнахуеит

Ахылаԥшҩы иаҳзеиҭеиҳәеит аныхабаахь аԥсшьаҩцәа ахәыҷқәа рыманы ианнеиуа, шьҭахьҟа ацара шырҭахым.

"Аҭаацәа Риҵаҟа ихаларц анырҭаху, рыхшара сара исзынрыжьуеит. Иаанӡа даргьы саргьы ашәҭқәеи аргәыцқәеи (ягоды - аред.) ҳаҟәшәоит. Адәҳәыԥш аҟны исырхәмаруеит", - еиҭеиҳәоит Роман.

Пицундский этнографический музей - Sputnik Аҧсны
"Пицунда Дуӡӡа" амузеи: ажәытә хаҳәтә аамҭа инаркны ишәхьоу абжьаратә шәышықәсанӡа

Амра хаала ҳзыргәырӷьаз аӡынтәи амш иаҳнаҭеит алшара Бзыԥҭатәи аныхабааи акәша-мыкәшеи аимдара. Аҩныҟа ацара зҭахымыз, алашьцамҭаз ҳалбаар акәхеит.

- Шәаангыл, ҳамҭақәак шәысҭар сҭахуп, - ҳәа ибжьы иргеит "ҿымҭӡакәа дабацеи" ҳәа ҳзызхәыцуаз Роман.

- Абри ачаи иаҭаны ишәжәыр, шәгәабзиара иазеиӷьуп, - ҳәа ҳацԥхьаӡа ашьхарчаи (чабрец - аред.), ацхаҳаскьыни (мелисса - аред.) рҿаҳәарақәа наҳиркит. - Арҭгьы шәара шәзоуп, - иҳәан, акәадац рыцқәеи (шиповник - аред.) аконфеҭ ҵла ҳәа изышьҭоу ашәырқәеи ҳаиҭеит.

© Sputnik / Саида ЖибаАконфеҭ ҵла иҿало ашәыр
Бзыԥҭатәи аныхабаа иахылаԥшуа Роман Канџьариа: сыҩнеиԥш избоит ари аԥшьаҭыԥ - Sputnik Аҧсны
Аконфеҭ ҵла иҿало ашәыр

Роман инапала иаԥиҵаз ацқьареи, иара иԥхарреи ирыбзоураны лассы-лассы аныхабаахь иҳахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0