Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Рдырра ҿырԥшыгоуп: Ҭырқəтəыла инхо аԥсуа быргцəа рыхшыҩҵакқәа

© Фото : предоставлено Сырмой АшубаҬырқәтәыла, аԥсуа қыҭа
Ҭырқәтәыла, аԥсуа қыҭа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқəтəыла инхо аҧсуа быргцəа иаҳзынрыжьыз аражəаҳəа хшыҩҵакыла еибаркуп, ахааназы ҧсра-ӡра ақəым. Егьа аамҭа царгьы ҳаҧсадгьыли ҳажəлари еиҟəымҭхакəа аҟаларазы рдырра ҿырԥшыгоуп.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ҭырқəтəыла инхо аҧсуа быргцəа рыхшыҩҵак адунеи иақəлахоит, ирдыруеит аҧсадгьыл аныӡаара закəу, еилыркаауеит милаҭк аҳасабала ахеиқəырхара ус ишымариам.

Аҧсуаа еснагь аиҳабы иажəа пату рзақəуп, аиҳаби аиҵби реихаҵгылара иҷыдоу аҭыҧ ааннакылоит. Иҟоуп ҳаиҳабацəа рҟынтəи имырӡӡакəа иааҳго аҳəамҭақəа, аҭоурых шаҳаҭра азызуа еиуеиҧшым ахҭысқəа. Ҭырқəтəыла инхо аҧсуа быргцəа аҧсышəала рцəажəашьҭыбжьы ухнамхырц залшом, ус баша ажəак аҳауа иаларҵом, зегьы хшыҩҵакыла иҭəуп, ражəаҳəа акыр ибеиоуп.

Қадем Гәылиа: Аԥсны ҳамбаӡац, анеира схьаауп, сыԥхыӡ иалоуп

"Ҳара хәҩык аишьцәа ҳаҟоуп. Зегьы аӡәаӡәала ҳаиҿыҵит. Ҳабду арахь данаа, қьалак ааҟаиҵан дтәеит. Ҳара ҳаиҳабацәа ашьаҵатәы рышьамҵаӡакәа иԥсгәышьеит. Аҳаиуан ацәа иалхны ажәцәеимаақәа ҳәа изышьҭоу рӡахуан. Уажәы аҿар уи аӡбахә змаҳацгьы ыҟоуп аӡахышьа акәым. Сара аԥхын ааир ҳәа сшәон. Избанзар, арахә ҳрыцын ҳшьапқәа хтны. Ахаҳә аналалак цәгьа иаҟәаҟәон, ишәуан, ҳзымныҟәо аҟынӡа ҳҟалон. Сара арра санцоз, исшәымкәа, исхамкуа, арыцҳара схьыкәкәоуп сышцаз", - аҭоурых амаӡақəа ҳзааиртит Қадем Гəлыиа.

Аҧсны абара ишазгəышьуаз уи алакҭа аҭаҧшра иахьымӡаз Ҭырқəтəыла инхо аҧсуа быргцəа рыхшара аҳəахьа рзынрыжьуан, рабдуцəа рыҧсыбаҩ змадоу адгьыл ахь ихынҳəырц азы.

"Сара сабду Гәыдым ԥҳәысс дигеит Џьгьарда ақыҭа иалҵыз Назифа Ҳараниаԥҳа. Саб Шьаабан Гындиеи, сан Феҭие Герхьелиаԥҳаи хҩык аҷкәынцәа ҳрааӡеит. Ҳҭаацәараҿы Аԥсны аӡбахә иалацәажәаӡомызт. Ирҳәоз акакәын: "Иахьа уажәраанӡагьы ашьа ықәымбаӡац, зыԥсы ҭаны иаанхаз уаҩытәыҩсак дыҟам. Иахьагьы исгәалашәоит санду исзылҳәоз ашәақәа, урҭ зегьы амыткәма иаҩызан, ҵакыс ирымазгьы абри акәын – Аԥсны блуп акагьы ыҟам… Анцəа, абзиа аҧеиҧшны иҟаиҵааит ҳ-Аҧсынра", - игəазыҳəара ҳацеиҩишон Ешьреф Гындиа.

Ешьреф Гындиа. - Sputnik Аҧсны
Ешьреф Гындиа: зегь реиҳа сгәы ҭызшьаауаз ҳамҭан - аԥсуа нбан

"Аԥсны ҳамбаӡац. Анеира схьаауп, сыԥхыӡ иалоуп. Еҳ, ҳаиҳабацәа рыцҳақәа. Рыгәнаҳа шԥацәгьаз атәым дгьыл аҿы. Зыԥсадгьыл иаҟәыгоу иара ҳаргьы, дара ҳазлареиӷьузеи? Аҿар аԥсынҵры Анцәа ириҭааит, Аԥснааи дареи аибабара рыбжьалааит, аԥсынҵры змоу ацҳа ӷәӷәа хызааит нырцәи-аарцәи. Аҭоурых бзиа змоу ажәабжьқәа еибаҳҳәалааит", - игəҭыха ҳзеиҭеиҳəон Қадем Гəлиа.

Ҭырқəтəыла инхо аҧсуаа, ибзианы иаҳдыруеит рхы- рыҧсы рыҧсадгьыл ахь ишхоу. Араҟа аӡəы инаҧхыц ахшəар, уа иҟоу ҳашьцəа ирныруеит. Аԥсны аԥсҭазаара излаҟо еиӷьхо иҟаҳҵаразы, атәым тәылақәа ирыланхо аҧсуааи ҳареи ҳмахəҿақəа еибаҳҭарц агəазыҳəара рымоуп.

"Уахыки ҽнаки рыла зегьы еиҿкааны уаҩы изыҟаҵаӡом. Иҳагу еибаҳҳәароуп ҳалақәа ихибамыкшалакәа. Аԥсны акырӡа ахҭнагахьеит. Иахьа шәызлаҟоу ҳаигәырӷьоит ҳашьцәа Аԥснаа. Лшара хәыҷык ҳамазар ишәыдаҳҵар ҳҭахуп. Ҳџьаршьаратәы еиԥш Аԥсны аҳәынҭқарра шьақәгылеит. Уи зыԥсҭазаара ахҭнызҵаз рацәоуп. Рҿаԥхьа ҳалахь аԥхӡы аауа анцәа ҳҟаимҵааит. Аҳәынҭқарреи уи зтәу ажәлари еигымзааит. Ари нахысгьы ахьчашьа Анцәа ҳақәиршәааит! Ҟәарҷахак иадымхаргьы зџьабаа аду зегьы ҳрыкәыхшоуп!", - иҟəыҕа ажəа ҳаиҳəеит Еқрем Хышба.

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рмилаҭтә хдырра ҳаракуп. Уи еицамкырц азы аиқәырхара иашьҭоуп.

"Сара Аԥсны знык сцахьеит. Абыржәы ҳахьеицәажәо сгәы иҵалаӡеит, аиаша шәасҳәап. Уижьҭеи 25 шықәса ҵит уажәшьҭа. Анеира еснагь ҳгәы иҭоуп, сҭаацәеи сареи ҳаицнеирц сҭахуп. Амҩақәа хтуп, аиҭанаиааира егьа иуадаҩзаргьы иалҳаршароуп. Еизҳауа ҳхәыҷкәеи уатәи аҿари еибабароуп, агәыбылра рыбжьалароуп, ҳамҩақәа рыҽдырҭбаароуп, уаҳа ԥсыхәа ҳамаӡам", - ҳəа азгəеиҭоит Аллиаҭин Ашəба.

Аллиаҭин Ашәба - Sputnik Аҧсны
Аллиаҭин Ашәба: аԥсадгьыл иацу ахьаагара ҳазшаз ишәимырбааит

Аҧсадгьыл аҵакы атəымџьара еиҳагьы ибзианы еилызкаауа ҳаҧсуа быргцəа, Аҧснынтə аҧсыуак дырбар, рыҧсҭазаара иацлоит, рхы-ргəы рхашҭуеит, рхьаа еиҳа иҧсыҽхоит. Ус еиҧш иҟоу аҭагылазаашьақəа зныкымкəа срықəшəахьеит. Ниҳаҭ Бадиа иаҳзеиҭеиҳəеит, Аҧсны данаа, 107 шықəса зхыҵуаз ижəлантə ҧҳəыс быргк изеиҭалҳəахьаз ажəабжь. Уи ҧсраҽнынӡа ихы-игəы аҟынӡа иаанхеит.

"Ԥсыуа ҭаацәак ҭыԥҳак дрыман. Ақыҭаҿы инхон, арахә-ашәахә рыман. Аԥҳәыс шьыжьнаҵы дгыланы лҭаацәа еиллыргон, лыҩнтәи лусқәа ҟалҵон. Ус, ишыҟаз акәымкәа, ашә абжьы геит, аԥҳәыс днеин аҟыԥҳәа ашә аалыртит, хҩык аҭаҳмадацәа лылаԥш нарықәшәеит. Аԥсшәақәа неибырҳәеит. Нас, аԥхьа игылаз аҭаҳмада дыччо ус иҳәазаап: "Сара амал змоу среиуоуп. Ари сҩыза акрыура бзиа ибоит, егьи сҩыза аԥшӡара даԥхныҩлоит". Аԥҳәыс илбаз-илаҳаз лыԥшәма изеиҭалҳәеит. Аҭаҳмадцәа ашә илагылоуп, аҩныҟа егьыҩнамлац. Аб днахәыцын, иԥшәма ԥҳәыс акрыура бзиа избо даалыԥхьарц налеиҳәеит. "Акрыура злоу илухуазеи, аџьабаа ҳашьхьеит, уи еиҳа акрызмоу дааҳаԥхьап"-лҳәеит. Аҭыԥҳагьы луада аҟынтә лыбжьы лыргазаап :"Шәара ишәҳәаз сақәшаҳаҭым, абзиабара ацәанырра змоу дыҩналааит"-ҳəа. Рыхҩыкгьы ныҩналеит, аха аӡәы драԥхьагылан. Аӡә иакәын инеишаз, рыхҩык аныҩнала даара иџьалшьеит. "Зынӡаск иџьабымшьан, бара ибҳәаз иашаны ибҳәеит. Аԥхьа иҩналаз акрызмоу иоуп. Ус анакәха, уи аџьабаа збоу иоуп, аԥсҭазаара аҵакгьы бзианы еиликаауеит. Аџьауси, амали еицуп, бахьхәраны быҟаӡам" -ҳəа. Аҧсуаа ражəа ҟəыҕан, ахшыҩ рыман", - ицəажəара иациҵон Ниҳаҭ Бадиа.

Иацтəи амш иаҳзыннажьыз агəалашəарақəа рыла еибаркуп иахьатəи ҳаҧсҭазаара, уи иагəылсуеит иара ахатə ҭоурых. Атəымдгьыл аҿы Аҧсадгьыл азхьаара ҽакуп, уи иацуп еицакра зқəым иҿымцəаауа агəыбылра.

"Амилаҭқəа рызегьы аҧсуаа ҳазлареиҕьу акыҟоуп- ҳаламыс дууп, иҷабны иныҟəаҳгоит. Уаҵəы аҿар дара-дара еихамыҵгылар, еивамгылар, реиҳабы пату иқəрымҵар, милаҭк аҳасабала ианзыҟамла, ҧсыхəа змам усуп. "Еимҟьарак ҟаланы, адунеи ҳазқəыҧсо аҟынтə аҧсуаа џьара ҳаицааины, ҳазлыӡааз ҳаҧсадгьыл ахь амҩа хтны ҳнеир, ҳшаҧсацəоу ҳзеиҭамҳəо ҳаныҟала ҳрыцҳахоит, ҳазшазгьы ҳара дҳазгəаауеит"- рҳəалон ҳаиҳабацəа. Ҳабла ҷыц еиҧш ҳрыхӡыӡааароуп абааҧсқəа ҳдоуҳатə беирақəа, ҳҵасқəа, ҳқьабызқəа"-ҳəа азгəеиҭоит Адем Маҳариа.

Атəым жəҩан иаҵамӡырц, излоу атəым милаҭ ирыламӡырц, раҧсуара еиқəдырхарц, рыҧсадгьыл иазыхынҳəырц, уи амаҵ азырурц азы аҿар абжьгарақəа рырҭоит аиҳабацəа. Ирҭахуп рҭоурых адацқəа ирышьҭазарц, абиҧарала инеимда-ааимдо инаргаларц.

Аҧсуара иамоу ахəҭақəа, аҵас, ақьабз, ус баша ҳаҧсҭазаара иаламҵəаӡеит ҳəа азиҧхьаӡоит зылаҧш ҳəаа ахара инаҧшуа аҧсуа бырг Ҭалиаҭ Аҭрышба.

Ҳџьынџьуаҩ Ниҳаҭ Бадиа. - Sputnik Аҧсны
Бадиа: Сеиҵбацәа рылақәа гәыдыскылоит, сеиҳабацәа рнапқәа срыгәӡуеит

"Акыр шықəса аҧсуара акəама-ҵамақəа рыӡбон. Аҧсны сахьаааиз сразҵааит, "Аҧсуара злашьақəгылоу азакəан аҧҟарақəа абашьақəдырҕəҕəеи?"- ҳəа. Аҭаҳмадацəа изларҳəаз ала, уи закəанла иузныҟəгаӡом, иара угəы-уҧсы иахылҵуа ауаҩра аҟынтəи иаауеит. Изларҳəо ала, агаҵла дук ыҟазаарын, агаҵла ахьыҟаз аҟны есышықəса Кавказ ажəларқəа рхаҭарнакцəа еизозаарын, убраҟа еилацəажəаны, рыхшыҩ еилаҵаны алеишəа рыӡбон. Алеишəа аҵыхəтəанӡа ишьақəдыргылеит, иацырҵо иагдырхо рымамакəа. Ҵарҭаны џьара иқəаҳкып рҳəеит, ҭəахы ахьырҳəоз, аубыхқəа ахьамаз акəын, ҭəахы иргеит. Ахҷыҧсаа, бзыҧаа, ҧсҳəаа, аҧсуаа зыхшыҩ еибагоз зегьы убра ицон, ҳамҭакы инхон. Уантə алеишəа ҵаны ианыхынҳəлак урҭ ҟазақəоуп ҳəа иалхны пату рықəырҵон, убас еихарҳауан", - ҳəа ҳзеиҭеиҳəеит Ҭалиаҭ Аҭрышба.

Хымҧада, апатуеиқəҵара иахылҿиаауеит аидгылареи агəыбылреи. Ишырҳəо еиҧш, ажəлар рҳəамҭақəа иҭамбаӡо ӡыхьуп, урҭ зхылҿиаауагьы ауаҩытəыҩса иҧсҭазаароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0