Аҵх ҭынчны имҩасит: гаграа акоменданттә сааҭ ишықәныҟәо

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых туристов в Абхазии
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба мшаԥы 8 рзы аусдҵа инапы аҵаиҩит Гагра араион иахьаҵанакуа акоменданттә сааҭ алагалазарц.

АҞӘА, мшаԥы 9 – Sputnik. Гагра араион аҿы акоменданттә сааҭ аан арежим аилагара џьаргьы иазгәаҭамызт ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьениа.

"Ауаа акоменданттә сааҭ алагалара ихымԥадаз акакәны иахәаԥшит. Иҟоу аҭагылазаашьа еилыркаауеит. Ҳраион аҿоуп ачымазара ахы ахьакыз", - ҳәа азгәеиҭоит иара.

Владимир Џьениа иҳәоит иахьазы Гагра араион ахадара аилатәара мҩаԥыргараны ишыҟоу, уа ишалацәажәо авирус амҽхак амырҭбааразы иҟаҵатәу аусқәа.

Разработка экспресс-тестов на коронавирус учеными из центра Сколково - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус зыдбалоу аҩбатәи ауаҩгьы гагратәи аҩнеихагылаҿы инхо лоуп

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба мшаԥы 8 рзы аусдҵа инапы аҵеиҩит Гагра араион иахьаҵанакуа акоменданттә сааҭ алагалазарц.

Акоменданттә сааҭ аус ауеит асааҭ 20:00 инаркны асааҭ 07:00 рҟынӡа.

Акоменданттә сааҭ аан ауааԥсыра рынхарҭақәа ныжьны адәахьы идәылҵыр ҟалом, азинмчратә усбарҭақәеи, агәабзиарахьчара аусҳәарҭақәеи, амцарцәаратәии акоммуналтәии маҵзурақәеи русзуҩцәеи, абанктә инфраструктура аусура аиҿкаара еиқәзыршәои рыда.

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анапы ианҵоуп акоменданттә сааҭ аамҭазы абри Аусдҵа еилазго ахаҿқәа раанкылара еиҿкаазарц.

Аусдҵа амчра аиуит ианкьыԥхьха инаркны.

Акоменданттә сааҭ алагалоуп ареспубликаҿы акоронавирустә инфекциа COVID-19 аламырҵәаразы.

Аԥсны иахьаҵанакуа раԥхьатәи акоронавирус змоу ауаҩы Москвантәи иааз Гагра ауаҩԥс иакәхеит. Уи инаишьҭарххны ачымазара лыдбалан иара дызныруаз аԥҳәыс.

Аинформациа шьақәдырӷәӷәеит Акоронавирус аҽацәыхьчаразы аоперативтә штаб аҟны.

COVID-19 змоу арҭ ауаа ахьынхоз аҩнеихагылаҿы инхо зегьы авирус амазаара ашьақәыргыларазы игәарҭеит.

Аҩнаҿы инхо зегьы рсиа ҟаҵоуп. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа асанитартә рыцқьара мҩаԥыргеит. Аҩны ахьчараҿы игылоуп амилициа аусзуҩцәа уахь аӡәгьы дыҩнамларц, ма ддәылымҵырц азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0