Аӡы уӡааигаларгьы, умбааӡаӡакәа уалигон: Гәарамиа Борис (Дед) Ԥачлиа изы

© Foto / архив АГТРК Борис Пачулия
Борис Пачулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Аԥсны Афырхаҵа Борис (Дед) Ԥачлиа диижьҭеи иахьа 75 шықәса шықәса ҵит. Уи дызнысыз аибашьратә мҩеи ихаҭареи, иуаҩреи, иҟазшьа аҷыдарақәеи ртәы игәалаиршәоит Дед абыс дзыԥхьаӡоз аибашьра аветеран, Дед игәыԥ иалаз Мурман Гәарамиа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан ииз Аԥсны Афырхаҵа Борис Ԥачлиа, Дед ҳәа хьыӡшьарас измаз, дызнысыз аԥсҭазааратә мҩа ус имариамызт. Аԥсуа қыҭа иааӡаз, ԥсыуаҵасла ихәыцуаз, зажәеи зыхшыҩи еимадаз Борис Ԥачлиа иҭынхаз афырхаҵареи аибашьраҿы иааирԥшыз агәымшәареи Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирынхалеит. Иахьа гәыблыла дыргәаладыршәоит хаҭала иара дыздыруаз зегьы, иара убас дыҟамзар ҟалап аӡәгьы "Дед игәыԥ" аӡбахә змаҳац. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Мурман Гәарамиа игәалаиршәоит Борис Ԥачлиеи иареи реибадырра шыҟалаз атәы.

Встреча бойцов Восточного и Западного фронтов - Sputnik Аҧсны
Лахьынҵак еиднакылаз: Очамчыра ақалақь ахақəиҭтəра иалахəыз аибашьцəа ргәалашәара

"Аибашьра ианалагаҵәҟьаз ПВО агәыԥ салан, командаҟаҵаҩс дсыман Олег Ҷанба аибашьра аԥхьатәи амшқәа раан. Акомандир адҵа ҳаиҭеит Приднестровиантәи хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа Ешыратәи ацәаҳәаҿы ирыцныҟәатәуп ҳәа. Убра Дед дрыцын, раԥхьатәи ҳаиқәшәара уа иҟалеит, аибашьра ианалага мчыбжьык аҟара ааҵуаны еиԥш. Ҳаибабеит, ҳаибадырит хара-хара, ашьҭахь абҵас дысзыҟалеит. Усҟан сара сгәыԥ ахь сгьежьит, дара рхатәы дҵақәа рыман уахь ицеит", - иҳәеит Мурман Гәарамиа.

Цәыббрамза 3, 1992 шықәса рзы Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аибашьра аанкыларазы ҳәа Урыстәыла алахәны Москва аилацәажәара аныҟала, маҷк ианеихсыӷьраха, Дед дназлаз аибашьцәа мраҭашәарантәи Мрагыларатәи афронт ахь излаара иашьҭалеит.

Аслан Џьапуеи иҩызцәа аибашьцәеи - Sputnik Аҧсны
Ҩыџьа аишьцәа рлахьынҵа

"Бамбора аеродром аҿы ҩаԥхьа ҳаиқәшәеит Деди сареи, Тҟәарчалҟа авертолиот цараны ишыҟаз ҳаҳахьан. Аҽны мзызқәак ирхырҟьаны иалымҵит, аха адырҩаҽны ҳаԥрит. Еицыз ҳахьтә хҩык-ԥшьҩык ҳада зегь зымцаӡеит, егьырҭ аанхеит. Аха рабџьар, рџьаԥҳаны зегьы авертолиот иҭан. Тҟәарчал ҳаннеи аҽны ҳҭаацәақәа рахь ҳцеит, адырҩаҽны ҳаиқәшәарц еибаҳҳәеит. Уаҵәы захьӡыз ҳанеиқәшәа, Виачеслав Бганба, Руслан Салаҟаиа, сара уҳәа ҳҽеидкыланы аштаб ахь ҳнеит, еицу ҳҟынтәи еиҳабыс Борис Ҭарашь-иԥа дҳамазарц ҳҳәеит. Ԥақәашь ацхыраара аҭахуп рҳәан, хықәкыла уахь ҳцеит", - ҳәа азгәеиҭоит Мурман Гәарамиа.

Борис Ҭарашь-иԥа Ԥачлиа ибзоурала Ԥақәашь ақыҭан аштаб еиҿкаахеит. Иара усҟан иуаҩыбжара днеихьан, ихы деигӡомызт, иблаҷыц еиԥш дрыхӡыӡаауан иааигәа иҟаз зегьы. Убас еиԥш ихацыркхеит Мрагыларатәи афронт аҿы Дед иҩызцәеи иареи знысыз аибашьратә мҩа.

"Дед даара пату иқәырҵон дыздыруаз зегьы, иара ибзоуралоуп ҳара ҳгәыԥ ахьӡ шцаз. Аҭагылазаашьа уадаҩын раԥхьаҵәҟьа ҳаннеи, абџьар ыҟамызт, аџьаԥҳаны ыҟамызт, ирласны еилгап ҳа ихәыцуаз рацәаҩын. Дед гәынхәҵысҭала ибон аԥхьаҟа иҟалараны иҟаз, ахҭысқәа рҳәаақәҵашьа дақәшәон. Идыруан ус мариала аибашьра шеилымгоз, аҭакԥхықәра зхахьы иганы ҳаԥхьа игылаз иакәын Дед", - игәалашәарақәа ҳацеиҩишон аибашьра аветеран.

Иван Гәниа  - Sputnik Аҧсны
Аԥсадгьыл азы ашәа ҳәо аԥсра иаԥылаз: Иван Гәниа ифырхаҵара иазкны

Дед Ԥачлиа ихантәаҩрала раԥхьатәи аԥшыхәра мҩаԥган цәыббрамза 7 рзы. Арԥарцәа дрылабжьон, абык иеиԥш илаԥш рхын, убри аан адисциплина аԥҟарақәа дрықәныҟәон. Иааигәа иҟаз бзиа дырбон, даара дуаҩы ҳалалын ҳәа гәыблыла иӡбахә рҳәоит.

"Алафҳәара бзиа ибон, мыцхәы згәы ҳалалыз уаҩын, харантәы уахьихәаԥшуаз дзакә уаҩыџьбароузеи ҳәа угәы иаанагар алшон. Алеишәа мҩаԥигон, ауаҩы дизааигәан. Сара агәыԥ иалаз рахьтә зегьы среиҵбын, 17 шықәса ракәын исхыҵуаз, илаԥш минуҭк исыхижьӡомызт, иара иааигәара есымша сидкыланы симан, акыр дсыхӡыӡаауан. Иара изшьапык ихьуан, убас дшыҟазгьы ихьӡара уадаҩын, акыр дыццакын", - ҳәа икомандаҟаҵаҩ дигәалаиршәоит Мурман Гәарамиа.

Гәарамиа Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәра иазкны: ацәыӡ ӷәӷәа ҳауит>>

Аибашьра аус бзианы издыруаз, зыжәлар рыхьчара иашьҭаз, уи азы хеигӡарак ҟазымҵаз Дед Ԥачлиа дызлахәыз аԥшыхәрақәеи ажәыларақәеи рацәан.

"Уицны уахьцалак ухьчан, абри аибашьра амца қьоуқьад далиаазшәа убас ихы шымҩаԥгатәыз идыруан, аӡы уӡааигаларгьы, умбааӡаӡакәа уалигон, убас еиԥш иҟаз ацәаҩақәа иман иара. Очамчыра ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз аҩбатәи ажәылараҿы (жьҭаара 26, 1992 шықәса рзы - аред.) даара арԥарцәа ааԥсеит, изымныҟәо аҟынӡа, амш цәгьан, ақәа ауан, ибааӡаӡа, акрымфа-акрымжә, рымчқәа рылӡаауа аҟынӡа. Убри иахҟьаны амашьына иҭало иалагеит арԥарцәа. "Абааԥсы, амашьына шәҭамлан, шәҭыҵ" шиҳәоз ауп аԥсҭбарақәа шыҟалаз. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амш аҟынӡа иҿаԥхьа иқәгылаз адҵа агәыԥ инанагӡартә ихы мҩаԥигеит, иҭахашьагь фырхаҵарыла иҟалеит", - иҳәеит Мурман Гәарамиа.

Заԥхьаҟа зыжәлари зыԥсадгьыли рзы ихәарҭахараны иҟаз Борис Ҭарашь-иԥа Ԥачлиа ишьҭамҭа аԥсуа жәлар ргәаҿы наунагӡа инижьит. Аибашьра еибашьроуп, уи иацуп хырԥашьа змам аԥсҭбарақәа, зыхгара уадаҩу ахьаақәа, ула ишабо уҩызцәа анувыршьаауа, уи еицәоу иарбан? Борис Ԥачлиа изы еиҳагьы иуадаҩын аибашьра аԥҟарақәеи, агәыԥ аҭакԥхықәреи, иҷкәынцәа гәакьақәа реиԥшҵәҟьа илаԥш зхыз аибашьцәеи рыхьчара, урҭқәа зегь еилеигӡар акәын. Аӡәы аахак иоур, игәы иасуан, аха имчқәа ҩбатәны, илахь еиқәны аӡәы имырбакәа, ҩаԥхьа дцон ажәылара.

Иара изы аҵыхәтәантәи жәыларахеит жьҭаарамза 26, 1992 шықәса. Егьа аамҭа царгьы, егьа шәышықәса мҩасыргьы, Борис Ԥачлиа, наунагӡа Дед ҳәа зыхьӡшьара ауаа ргәалашәараҿы иаанхаз иеиԥш иҟаз Аԥсны Афырхацәа рыхьӡ адунеи иақәлахап, еиҵагылоу абиԥарақәа рзы дара рхымҩаԥгара ҿырԥшыгахап!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0