Ахада имҩа: Владислав Арӡынба диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Гәдоуҭа

© Sputnik / Бадри ЕсиаваАхада имҩа: Владислав Арӡынба диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Гәдоуҭа
Ахада имҩа: Владислав Арӡынба диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Гәдоуҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку афотоцәыргақәҵа "Владислав. Иацы. Иахьа. Уаҵәы" аартын Гәдоуҭа Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҿы лаҵара 14 рзы.

Ацәыргақәҵахь иаагаз афотосахьақәа арбақәан, урҭ шалыԥшааз, Владислав Арӡынба иуацәа, иҩызцәа, дыздыруаз ауаа дшыргәаладыршәо, актәи ахада "аракетатә шьақәгыла" шиоуз уҳәа Sputnik акорреспондент иматериал аҿы.

Бадри Есиава, Sputnik

Ахада иԥсҭазааратә мҩа

Аԥсны Раԥхьатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Арӡынба лаҵара 14 рзы 75 шықәса ихыҵуазаарын. Иара игәалашәара иазкуп Гәдоуҭатәи амузеи аихагылақәа рыҩбагь рҟны иаадыртыз афотоцәыргақәҵа. Араҟа еизгоуп 150 инарзынаԥшуа фотосахьа.

Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа раԥхьа рылаԥш ақәшәоит амузеи ахолл аҿы икнаҳауп асахьаҭыхыҩ Васили Гәылариа иҭыхымҭа – Владислав Арӡынба исахьа. Иара убасгьы ахолл ҩндырҭәаауан 75 ԥышҭарчҟаԥшь. Аекспозициа аиҳарак аҩбатәи аихагылаҿы еиҿкаауп.

Асахьаҭыхҩы Витали Гәылариа иҭыхымҭа амузеи ахолл аҟны
Ахада имҩа: Владислав Арӡынба диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Гәдоуҭа - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхҩы Витали Гәылариа иҭыхымҭа амузеи ахолл аҟны

Амузеи ажәытә хыбра 2012 шықәса рзы шьаҭанкыла иқәган, иара убри ашықәс азы ҿыц аргылара напаркын. Ахыбра ргыланы иалгеит 2018 шықәса рзы. Иахьа Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи атәылаҿы иналукаартә еиԥш еиҿкаау, иԥшӡоу музеиуп.

Амузеи афонд ахьчаҩ хада Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, аекспозициа аизгара иалаган Раԥхьатәи ахада иԥсы анҭаз аамҭақәа раан. Арӡынба иакәзар, акраамҭа дақәшаҳаҭхомызт ацәыргақәҵа аиҿкаара. Абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны шәкыла афотосахьақәа еизгоуп, урҭ амузеи ҳамҭас иарҭеит аибашьра аветеранцәа, апрофессионалтә фотоҭыхыҩцәа, ахада иҩызцәа, дыздыруаз ауаа.

"Владислав Григори-иԥа изкыз раԥхьатәи афотоцәыргақәҵа аартын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 15 шықәса ахыҵра амш аҽны Аҟәа, ацәыргақәҵатә зал аҿы. Абри ашьҭахь ҳара атәыла ақалақьқәа зегьы рҿы афотоцәыргақәҵақәа еиҿаҳкааит. Гал заҵәык аҟны иаҳзалмыршеит. Ацәыргақәҵақәа рҭааҩцәа ирыман алшара ахҳәаақәа рышәҟәаҟны ргәаанагара, рыгәҭахәыцрақәа анырҵарц", - ҳәа еиҭалҳәоит Џьыкырԥҳа.

Лара иара убасгьы иазгәалҭеит Владислав Арӡынба аинтерес иманы, гәахәарыла арҭ агәаанагарақәа дышрыԥхьоз. Џьыкырԥҳа илҳәеит афотосахьақәа акыр ишырацәоу, урҭ рҟынтәи ак алкаара шыуадаҩу. Убри инадҳәаланы аиҿкааҩцәа ирыӡбеит Арӡынба иԥсҭазааратә мҩа, даныхәыҷыз инаркны аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа, еидыркыларц. Афотоцәыргақәҵа ахьӡгьы "Владислав. Иацы. Иахьа. Уаҵәы" уи ус шакәу уанаҳәоит.

Иарбан фотосахьақәоу иалхтәу, иарбан хронологиоу изыкәныҟәатәу уҳәа аус адырулон асахьаҭыхыҩцәа Алхас Кәырмазиеи Алик Ҭаркьыли.

"Уадаҩра дук ыҟамызт. Ахҭысқәа реишьҭагылашьа ҳақәныҟәон. Даныхәыҷызтәи афотосахьақәа рыла ҳалагеит, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рыла ихҳаркәшеит. Афотосахьақәа зегьы рхатәы ҭоурых рымоуп, аха сара бзиа избоит Владислав Григори-иԥа ашьхақәа дахьрыдубало. Усҟан иара игәабзиара уашәшәырахахьан. Дшааԥсаз убартә иҟоуп. Дызнысыз иԥсҭазаара зеиԥшраз анудыруа, ари афотосахьа иуанаҳәо рацәоуп", - ҳәа еиҭеиҳәоит Алхас Кәырмазиа.

© Sputnik / Бадри ЕсиаваВладислав Арӡынба изку ацәыргақәҵа
Ахада имҩа: Владислав Арӡынба диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Гәдоуҭа - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба изку ацәыргақәҵа

Гәыгәыца Џьыкырԥҳа илҳәеит лара еиҳа лгәы ишақәшәо Владислав Арӡынба Аҷандаратәи аԥшьаҭыԥ ахь Аԥсни аԥсуа жәлари дрықәныҳәарц даннеиуаз иҭыхыз афотосахьа. Уи уанахәаԥшуа еиҳагьы аԥсҭазаара ахә ҳаракны ашьара уалагоит лҳәоит лара. Ари афотосахьаҿ ахада ихы-иҿы чча-ччоит.

© Sputnik / Бадри ЕсиаваАҷандаратәи аԥшьаҭыԥ ахь аԥсуа жәлар дрықәныҳәарц Владислав Арӡынба данхалоз
Ахада имҩа: Владислав Арӡынба диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Гәдоуҭа - Sputnik Аҧсны
Аҷандаратәи аԥшьаҭыԥ ахь аԥсуа жәлар дрықәныҳәарц Владислав Арӡынба данхалоз

"Сара ари афото санахәаԥшуа, сгәы иаанагоит иахьагьы иԥсы ҭаны дыҟоушәа. Апроблемақәа, агәеиҵахарақәа зегь наҟ инаухбоит, убриаҟара анасыԥ иҿықәыҳәҳә дыҟоуп", - лҳәоит лара, иагьацылҵоит Арӡынба дхәыҷны аласба инапаҿы иахьику зну афотосахьагьы даара агәахәара шылнаҭо.

Аус ахьиуаз астоли аракетатә шьақәгылеи

Амузеи актәи аихагылаҿы архивтә ҭыхымҭақәа рыдагьы ицәыргоуп Аԥсны Раԥхьатәи ахада аус ахьиуаз астол, уи ааҵла иалхуп, иахьагьы иҿыцӡа иҟоуп. Амузеи адиректор Баҭал Гәынба излеиҳәаз ала, ари астол Владислав Арӡынба ҳамҭас ирҭарц азы аҭыԥантәи анапҟазацәа рнапала иҟарҵеит аибашьра ашьҭахь, иара Гәдоуҭантәи Аҟәаҟа даныхынҳәыз ашьҭахь.

© Sputnik / Бадри ЕсиаваВладислав Арӡынба акыр шықәса аус ахьиуаз ааҵла иалху напылаҟаҵара астол
Ахада имҩа: Владислав Арӡынба диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Гәдоуҭа - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба акыр шықәса аус ахьиуаз ааҵла иалху напылаҟаҵара астол

"Нодар Ҵәыџьба напхгара зиҭоз гәыԥҩык асахьаҭыхыҩцәа рнапала иҟарҵеит ари астол. Уи даара ихьанҭоуп. Амузеи ианыҩнаргалоз, хәҩык ахацәа ӷәӷәақәа ирулак ишьҭырхит. Амзар азы ари амҿлыхгьы напылаҟаҵароуп, уи Ҭырқәтәынатәи ҳџьынџьуаа ҳамҭас ирҭахьан", - иҳәеит иара.

Шықәсырацәала Владислав Арӡынба дзыдтәалаз иусуратә стол аҿы иара убас иқәгылоуп Урыстәыла иатәу РВСН анапхгара ирҭаз аракетатә шьақәгыла С-300 асахьа змоу аҳамҭа. Гәынба игәы иаланы иҳәеит аекспонатқәа иҵегьы ирацәахар шрылшоз, аха 2004 шықәсазы Аԥсны аҭыԥ змаз аполитикатә еилаҩеиласрақәа раан аҿагылара аазырԥшуаз атәылауаа Ахада иусбарҭа анааныркыла, Арӡынба иусурҭа уадаҟынтәи ихатәы маҭәарқәа, иҳамҭақәа акыр бжьаӡит, убри азы уажәы ара ицәырыргаша усҟак ирацәам.

© Sputnik / Бадри ЕсиаваРВСН анапхгара Владислав Арӡынба ирҭаз аракетатә шьақәгыла асахьа
Ахада имҩа: Владислав Арӡынба диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Гәдоуҭа - Sputnik Аҧсны
РВСН анапхгара Владислав Арӡынба ирҭаз аракетатә шьақәгыла асахьа

Актәи аихагылаҿы иҟоу ацәыргақәҵатә зал арыӷьарахьтәи акәакь аҟны игылоуп аџьаз иалху Владислав Арӡынба ибиуст. Уи авторс дамоуп еицырдыруа аԥсуа скульптор, асахьаҭыхҩы Витали Џьениа. Уи Урыстәыла иҭарҭәаны Аԥсныҟа иааргеит 2018 шықәсазы.

© Sputnik / Бадри ЕсиаваАџьаз иалху Владислав Арӡынба ибиуст
Ахада имҩа: Владислав Арӡынба диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Гәдоуҭа - Sputnik Аҧсны
Аџьаз иалху Владислав Арӡынба ибиуст

Баҭал Гәынба хаҭала Аԥсны Раԥхьатәи ахада дидыруан, дара изныкымкәа еиԥылахьан. Иара игәалаиршәеит Владислав Арӡынба дызлахәыз Гәдоуҭатәи амузеи аартра амш.

"Амузеи аартра амш азы Владислав зегь гәеиҭеит, ахы-аҵыхәа дыҩнысит. Аҽны амузеи иаҭааз ауаа рацәан, аха сара исгәалашәом иара иеиԥш даҽаӡәы убас иҟаз аҭагылазаашьа дагәылахало, амузеи иазкны еиҭарҳәози аибашьцәа рҭоурыхқәеи дырзыӡырҩуа. Иибоз-иаҳауаз зегьы ихы-игәы иалсны ицон", - ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.

Амузеи аартра ашьҭахь Арӡынба уи аусзуҩцәа иусурахь ааԥхьара риҭеит, адкыларҭаҟны чынуаа дуқәак изыԥшын.

"Уахь ҳаныҩнала, ауаа рацәаны ишизыԥшыз ҳбеит. Владислав Григори-иԥагьы сасык днаскьаго адкыларҭахь даадәылҵит. Ҳара ҳаниба, егьырҭ уаанӡа изыԥшыз ауаа раԥхьа аҭамзаара шьҭаҵо иҳәеит раԥхьа иргыланы Гәдоуҭатәи асасцәа идикылар шакәу. Ҳара иԥхаҳшьеит урҭ ауаа рҿаԥхьа, аха хымԥада ҳгәы иахәеит", - еиҭеиҳәеит Гәынба.

Президент Абхазии Владислав Ардзинба. - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи

Ԥагьара иламкәа, дзацәажәоз иҽраҟаратәны дахьыҟаз, ауаа дахьырзааигәаз, ижәлар рызҵаара зегь раԥхьа иахьиргылоз азы ҳтәылауаа рыпатуи рыбзиабареи дрыԥсахеит иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Аԥсны Раԥхьатәи ахада иуа Анзор Арӡынба.

"Иара ҳашьа иакәын, ҳара данҳацәажәоз апрезидент иеиԥш акәымкәа, иаҳзааигәаз аӡә иеиԥш акәын ихы шымҩаԥигоз, ус изырҟаҵоз илаз аԥсуара акәын. Даара дшеилахазгьы, иара еснагь иашьцәа рыгәҭа дыҟан, ацәгьараҿгьы дҳавагылан, абзиараҿгьы", - иҳәеит Анзор Арӡынба.

Иара иҭабуп ҳәа реиҳәеит ацәыргақәаҵа аиҿкааҩцәагьы, иааидкыланы Аԥсны жәлар зегьы Раԥхьатәи рхада дахьырхадмыршҭуа, игәалашәара ҳаҭыр ахьақәырҵо азы.

Афотоцәыргақәҵа "Владислав. Иацы. Иахьа. Уаҵәы" аартызаауеит лаҵарамза нҵәаанӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0