Бжьаниа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ атомограф мызкала аусура иалагоит иҳәеит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота онкодиспансера в Тамбове
Работа онкодиспансера в Тамбове - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы COVID-19 рыманы иахьазы ишьҭоуп ҩеижәа пациент.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа иахьаҵанакуа аргылара иаҿуп акомпиутертә томографиа аппарат ахьдыргыло аҭыԥ ҷыда. Иара мызкы аҩныҵҟа аусура иаларгахоит ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра ахада араион ауааԥсыра ҭабуп ҳәа реиҳәеит ара акоронавирус змоу ауаа рыхәышәтәра ахьымҩаԥысуа азы.

"Иара усгьы апроблемақәа рацәаны иҳаман. Урҭ ирыцлеит адунеи зымҽхазкыз акоронавирустә инфекциа апандемиа. Шәраион ахадараҿы игылеит. Авирус змоу ауаа рыхәышәтәра ароуп иахьымҩаԥысуа. Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит иаашәырԥшыз аилкааразы", - ҳәа иҳәеит аколлектив араион ахада ҿыц Баграт Боџьгәуа дрыдгало.

Бжьаниа иара убасгьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит араион уаанӡатәи ахадара, аусзуҩцәа русуразы. Иазгәеиҭеит акадрқәа ралхраан ауаҩы ипрофессионалтәи иморалтәи ҟазшьақәа аԥыжәара шрыҭатәу.

Госпиталь COVID-19 в центре МГУ имени М. В. Ломоносова - Sputnik Аҧсны
Аекспресс-тестқәеи атомографи: Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭазы ахархәага ҿыцқәа аахәоуп

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭа араион актив дыдирдырит ахада инапынҵақәа назыгӡо Баграт Боџьгәуа. Лаҵара 19 рзы.

Иара абри аҭыԥ аҿы диԥсахит Руслан Ладариа.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, зқьы рҟынӡа аҿкы чымазара ауаҩы илоу иламу агәаҭара алзыршо аекспресс-тестқәеи атомографи Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭазы иаанахәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра аԥсуа бизнесуаа реиҿкаара "Ҳара ҳаидгылоуп" ацхыраарала.

Иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ 20-ҩык апациентцәа аҽыхәышәтәра иахысуеит. Зынӡа ареспубликаҿ 25-ҩык авирус рыман. Хҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0