"Аиҭар" аҿы адисциплина еилазгоз ҷыдала ашьклаԥшра рыҭахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГостиница Айтар
Гостиница Айтар  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциа иахырҟьаны Аԥсныҟа иҭало атәылауаа ҩымчыбжьатәи акарантин иаҵаркхоит. Лаҵара алагамҭаз Аԥсныҟа ахынҳәра иалагеит Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо акурсантцәа.

АҞӘА, рашәара 17 – Sputnik. Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи иара ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡбеи Аҟәатәи асасааирҭа "Аиҭар" аҿы акарантин иахысуаз акурсантцәа ирԥылеит. Аиԥылара иалахәын астудентцәа рҭаацәа ҳәа аанацҳауеит ателеканал "Абаза-ТВ".

Заседание штаба - Sputnik Аҧсны
Аҽыԥхьакраҿы иҟоу акурсантцәа алеишәа аилагаразы рҵараиурҭақәа ирҭырцар алшоит

Аминистр акритика азиуит курсантцәак рхымҩаԥгашьа. Ануа иазгәеиҭеит аррамаҵзурауаа рзы асеиԥш ахымҩаԥгашьа ҟалашьа змоу акакәым ҳәа.

Адисциплина еилазгаз зегьы ашьклаԥшра ҷыда рыҭахоит, ԥхьаҟагьы еилагарак рыдбалахар изҭоу аҵараиурҭақәа ирҭырцар алшоит уаҳа уа рышьақәыргылара алымшо ҳәа иҳәеит Владимир Ануа.

"Ҳаҭыр зқәу аҭаацәа, арҭ уаҵәтәи ҳԥеиԥш ҳәа ҳазхәаԥшуа роуп. Асасааирҭаҿы аҩнымаҭәа ԥыҽҽуп, агәам кажьуп", - ҳәа иҳәеит Нодар Аҩӡбагьы.

Иара иазгәеиҭеит аҭаацәа ирызнаргоз афатә-ажәтә КамАЗқәа рыла идәылган икарыжьуан ҳәа.

Аиԥылара иалахәыз аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Роланд Џьоџьуа акурсантцәа идирдырит аҳәаа шаартхалак ԥхынгәы 10 рзы рҵараиурҭақәа рахь ихынҳәыр шакәу.

Уаанӡа Акоординациатә штаб аилатәараан аԥыза-министр Александр Анқәаб "Аиҭар" адисциплина аилагара ачымазцәа рхыԥхьаӡара иацнаҵеит ҳәа.

Иахьазы Аԥсны акоронавирус рыдырбалахьеит 38-ҩык. Аӡәы лыԥсҭазаара далҵит. "Аиҭар" ҩыџьа акурсантцәа нхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0