Ажәытәра иагом: 50 шықәса аимадара амаҵ азызуа Леонид Оҭырба изанааҭ далацәажәоит

© Foto / Саида ЖибаЛеонид Отырба
Леонид Отырба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы астационартә ҭелқәа ахархәара рызҭо еиҳа имаҷхазаргьы, иҟоуп иахьа уажәраанӡа иззықәыргылоу, мамзаргьы ҿыц ишьақәзыргыло ауааԥсыра. Гагреи Пицундеи рабонентцәа рымаҵ зуа Леонид Оҭырба еиҭеиҳәеит ари азанааҭ ҷыда иаарласны иӡыр шалшо атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Леонид Сулҭан-иԥа Оҭырба Аацытәи ашкол даналга, ишәҟәқәа алеиҵоит Аҟәатәи атехникум автотехмаҵзуреи амашьынақәа рыҟаҵареи афакультет ахь, аха машәыршақә иқьаадқәа афымцатә еимадареи арадиофикациеи рыҟәшахьы иршьҭуеит, убас ала ари азанааҭ алихуеит.

Иасон Кьахьба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьараҭ Кьахьба ихылҵшьҭра: СССР аспорт зҽаԥсазтәыз азҟаза Иасон Кьахьба иҭоурых

"Атехникум аҿы аԥсшәа арҵаҩы Гыцԥҳак дыҟан. Сышәҟәқәа иашамкәа ииаргеит анысҳәа, уаҟәыҵ, сашьагьы иароуп дзылгаз, еиҳагьы еиӷьуп ҳәа ансабжьалга, ус инсыжьит. Егьараан уи аԥҳәыс дысгәалашәахьан, илҳәаз иашан", - азанааҭ шалихыз еиҭеиҳәоит Леонид Оҭырба.

Аҟәатәи атехникум ашьҭахь аамҭакы Гәдоуҭатәи аԥошьҭаҿы аус уны, Леонид Оҭырба Урыстәылаҟа дцоит. Тиумень, Новосибирск ақалақьқәа рҟны акраамҭа "Аимадараргылара" аҿы аџьабаа баны, аҩныҟа дхынҳәуеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, ачымазара хьанҭа ихыганы, ҩаԥхьа иус дазыхынҳәуеит. 30 шықәса инарзынаԥшуа Гагреи Пицундеи рҭелтә еилахәырақәа рҿы кабельҟаҵаҩыси амонтиорси аус иуеит.

"Асовет Еидгыла ахаан сзанааҭ ахԥша аман, иахьа аӡра иаҿуп. Уамашәа ижәбаргьы, Гагра хҩык ҳауп абри аус иаҿу, зегьы иҳаиҳабу 80 шықәса ихыҵуеит, сара 69 шықәса, иҳаиҵбу 45, анцәа иџьшьаны уи уажәааигәа дҳадаҳкылеит. Аԥсшьарамшқәа раан Пицунда абонентцәа рымаҵ зуеит. Уаҟагьы сара сналаҵаны хҩык ҳаҟоуп, аӡәы сара дсықәлоуп, егьи жәабаҟа шықәса дҳаиҵбуп. Ауаа амобилтә еимадарахь ииасуа иалагеит, астационартәқәа ажәытәра иагеит ҳәа акабельҟаҵаҩи амонтиори рзанааҭ аҿар азхьаԥшуам. Аӡәыр ҳзааир, ҳаԥсы ахьынӡаҭоу идҳмырҵози, аԥышәа раҳамҭози", - игәалақәа иҳәоит Леонид Оҭырба.

Амонтиор иажәақәа рыла, "имодаӡам" ҳәа азырҳәозаргьы, аҩны иқәгылоу аҭел даара иманшәалоуп, аиҳарак имчымхоуи аҭаацәара рацәа ахьыҟоуи рзы.

Роман Кетия - Sputnik Аҧсны
Роман Кьетиа аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы: даҽазнык арра сыргозар, мап скуамызт

"Мызкы 150 мааҭ роуп абонентә иишәо астационартә ҭел ахархәаразы. Насгьы Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо арҭ аҭелқәа змоу рахь ԥықәсыларада дасуеит, убас амобилтә номерқәа рахь. Ахарџь рацәа инаҭом, ацәаҳәа акы ахьыр, акабельҟаҵаҩцәеи амонтиорцәеи ирлас иҟарҵоит. Иахьа ҳазҭагылоу аамҭа уадаҩ аан, ҳаргьы иџьаҳшьаратәы, ҿыц иқәзыргылар зҭаххаз ҟалеит. Имариоума нас амобилтә ҭелқәа ҭаацәаныла рныҟәгара, амамзаара ааины ианҳадгыла. Анцәа ҳааигәара иааумган, аха адгьылҵысрақәа раан раԥхьа еихәлацәо амобилтә ҭелқәа роуп, астационартәқәа рыла ирлас ацхыраара уаԥхьарц улшоит", - ҳәа наҵишьит аҭелтә еилахәыра аусзуҩ.

Леонид Оҭырба инапы злаку аус аҿы ацәгьоуцәа ирхырҟьаны изныкымкәа ауадаҩрақәа рԥылахьеит. Аибашьра ашьҭахь лассы-лассы аимадаратә цәаҳәақәа абҩа́́ (урысшәала иуҳәозар "медь") ргәылоуп азы иҵырхуан. Пицунда ахырхарҭаҿы зынӡа еибгоу цәаҳәак нырмыжьит. Руалафахәы шмаҷызгьы, акабельҟаҵаҩцәеи амонтиорцәеи ауаа ҭелтә еимадарада инымхарц азы, ӡынгьы-ԥхынгьы руалԥшьақәа нарыгӡон.

Ахәаахәҭратә центр Жәаҩакәара аҟны аус зуаз Зинаида Лакәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Аамҭа бзиа: Зинаида Лакәарԥҳа ахәаахәҭратә центр "Жәаҩакәара" аҟны аус шылуаз

Ишеилкаахаз ала, иахьа Гагра араион аҿы акабельҟаҵаҩыси монтиорси иҟоу реиҳараҩык абыргцәа роуп. Дара есыҽны рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы, аԥхасҭа змоу аҭелтә цәаҳәақәа рыԥшаарц азы аҵла ҳаракқәеи ашьаҟақәеи ирхалоит. Изныкымкәа аахақәагьы роухьеит.

Астационартә ҭелқәа змоу зны-зынла џьара ҳасуеит ҳәа ҳлымҳа ианадаҳкыло, ауаа реицәажәабжь ҳаҳауеит. Мамзар аномер арбаны ҳахьасуа акәымкәа ҽаџьара ҳақәшәоит. Ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа зыхҟьо акабельқәа ацәаакыра анрылслак иахьеиқәыло ауп. Зехьынџьареиԥш, аҭелтә еилахәыраҿгьы ауадаҩрақәа цәырҵуеит. Аха иузмырҽеиуа иҟоузеи, аус зуруа дҟалар…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0