Sputnik амчыбжь: Бжьаниа иконференциа, атурсезон аигәыӷра, аџьамцәа рыраӡны

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада апресс-конференциақәа ҩба мҩаԥигеит, Аԥсны атурсезон аҽазыҟанаҵоит, иазԥхьагәаҭаз ашәахтәқәа абиуџьет изаламлеит, Аҳәынҭмузеи аколлекциа харҭәаахеит - абарҭи иҳаҩсыз амчыбжь азтәи егьырҭ ажәабжьқәеи Sputnik аҟны.

Ииасыз амчыбжь азы имҩаԥган Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа раԥхьатәи пресс-конференциа, нас – аҩбатәи. Ажурналистцәа рыҿцәажәараан ирзааҭгылан еиҳа иҵарны иԥхьаӡоу атемақәа зегьы.

Sputnik, Бадри Есиава

Ҩ-пресс-конференциак мчыбжьык ала

Ԥхынгәы 2 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа официалла атәыла ахадас дҟалазар раԥхьатәи апресс-конференциа мҩаԥигеит. Уахь инаԥхьан Аԥсны АИХқәа зегьы.

Ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ицоз аицәажәараан Бжьаниа 31 зҵаара рҭак ҟаиҵеит: fпандемиеи аекономикеи инадыркны ԥхьаҟатәи аамҭақәа рылацәажәараҟынӡа. Иара убасгьы иалацәажәан Москва Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа рылахәра.

Ажурналистцәа иҷыдоу аинтерес азаадырԥшит Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аартра, атәыла ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчара. Бжьаниа иазгәеиҭеит ареспубликаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу, Аԥсны аҳәаа аартра ишазыхиоу, аха иҟоу аҭагылазаашьақәа рыла ганкахьала аҳәаа аартра аҵак дук шамам.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа ауалафахәқәа ршәара аамҭа иахыԥар шауа атәы иҳәеит

Иара убасгьы иҳәеит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин ихьӡала ашәҟәы ирхиахьоу аҳәаа аартра ахәаԥшразы.

"Аамҭакала аҳәаа еицаарттәуп. Маҷк ҳаԥеиԥшып. Ԥхынгәы 10 рынахыс Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшрахаз убарҭахоит, иҟоу шыҟоу аарԥшхоит. Уи иахьырԥшны ҳусқәа мҩаԥаагап", - ҳәа иҳәеит иара.

Атәыла ахадеи ажурналистцәеи реиԥылараан еиуеиԥшым ахырхарҭала аинформациа иалацәажәан. Иара убри аан аҭыԥ аман алафгьы.

Адырҩаҽны Аслан Бжьаниа даҽа пресс-конференциак мҩаԥигеит - онлаин арежим ала. Уи еиҿкаан амаҵзура "Интерфакс" ацхыраарала.

Пограничный пункт Ингур в Гальском районе Абхазии. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьаз: аҭынчра ҳҭахуп, аха агрессиа аҿагыларагь ҳазхиоуп

Бжьаниа еиҭеиҳәеит урыстәылатәи иколлега Владимир Путин Аҟәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз авиаторцәа рбаҟа аартрахь дшааиԥхьаз.

Иара убасгьы Бжьаниа аԥсуа-fқырҭуа еизыҟазаашьақәа дрылацәажәеит.

"Ҳара еибашьрак ҳалагандаз ҳәа ҳаҟам, аха ҳарбџьармчқәа аӷа иқәымчра аҿагылара иазыхианы иҟазароуп", - иҳәеит иара.

Атурсезон аламҭалаз

Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аминистррақәеи аусбарҭақәеи рнапы ианнаҵеит ԥхынгәы 15 инаркны атуристтә сезон аартра рҽазыҟарҵаларц, убри аан урыстәылатәи аструктурақәа ирымадазарц. Аҳәаа аартразы аӡбара рыдыркылараны иҟоуп арегион аҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иаҿырԥшны.

"Ҳара аҳәаа аартра ҳазыхиоуп иахьагьы, уи ҳуааԥсыра ԥырхага рнамҭозар. Ҳзызхәыцуа аҭагылазаашьа шәарҭамхандаз ҳәоуп", - иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб.

Апресс-конференциаҿ абри атема далацәажәеит атәыла ахадагьы, аха аҳәаа анаадыртуа макьаназ еилкаам.

Урыстәыла Аконституциа ариашарақәа ралагаларазы абжьыҭара

Урыстәыла Аконституциа аиҭакрақәа ралагаларазы рыбжьы арҭон Аҟәа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы ԥхынгәы 1 азы.

Голосование по поправкам в Конституцию России - Sputnik Аҧсны
Аиҳараҩык ақәшаҳаҭуп: Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа рзы Аԥсны абжьыҭара алҵшәақәа

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Максим Литвинов Sputnik акорреспондент ишылзеиҭеиҳәаз ала, абжьыҭара иалахәын х-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

Урыстәыла Аконституциа аиҭакрақәа ралагаларазы рыбжьы арҭеит 2722-ҩык, иаҿагыланы рыбжьы арҭеит – 171-ҩык, 61 биуллетен ԥхасҭан.

Иааидкыланы ариашарақәа рзы рыбжьы арҭеит 77,92% урыстәылаа.

Еиқәымшәаз апланқәа

Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтәқәа ралалара аплан ашықәсбжазы изынагӡамхеит ҳәа аԥыза-министр Александр Анқәаб иирдырит ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Даур Кәырмазиа аиҳабыра рфинанс-економикатә блок аилацәажәараан. Абри аамҭала абиуџьет иаланамгалеит 72 миллион мааҭ.

Монеты номиналом один рубль. - Sputnik Аҧсны
Абиуџьет ахь ашықәсбжатә лагалақәа рыплан нагӡам

"Рашәарамзазы планла 189 миллион ахьарбаз абиуџьет ахь инеит 138 миллион мааҭ. Абас ала, фымз рыҩнуҵҟа 988 миллион мааҭ абиуџьет иаланагалеит. Аплан анагӡара – 93,2% ыҟоуп, аихьымӡара – 72,6 миллион мааҭ артәоит", – иҳәеит Кәырмазиа.

Иара убасгьы иалацәажәан атауареикәыршара. Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Гәырам Инаԥшьба атауареикәыршара арбагақәа дрылацәажәеит. Иара иажәақәа рыла, 2020 шықәса аԥхьатәи ашықәсбжазы атауареикәыршара иартәеит 11 миллиарди 697 миллион мааҭ, планла 13 миллиарди 320 миллион мааҭ ахьарбаз.

Иԥсхьоу ртәанчаҩхәқәа рӷьычра

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны ауааԥсыра цәажәахәтәны ирыман Аҵәахырҭатә банк аусзуҩцәа ҩыџьа зыԥсҭазаара иалҵхьоу ҳтәылауаа ртәанчахә-ԥарақәа аԥхьаӡамҭақәа ирхырхуан ҳәа.

Аԥсны ААР аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи русбарҭа агәаҭарақәа мҩаԥнагеит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аусзуҩцәа аԥара нырхит ҳәа иҟаз агәҩарала.

Сбербанк  - Sputnik Аҧсны
Аҵәахырҭатә банк аоперационисткацәа атәанчаҩцәа рԥара ргон ҳәа агәҩара ыҟоуп

Ишеилкаахаз ала, 2018 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны 2019 шықәса лаҵарамзанӡа абанк амаҵзурауаа ирхатәыртәит ҩ-миллионки бжаки рҟынӡа аԥара.

Абанк анапхгара Sputnik ишазеиҭарҳәаз ала, жәохәҩык иԥсхьаз атәанчаҩцәа рԥарахәқәа шӷьычыз еилкаахеит абанк аҩныҵҟа афинанстә дисциплина арӷәӷәаразы аусурақәа раан.

"2014 шықәса раахыс Аҵәахбанк аҿы аус зуаз ҩыџьа аоперационистцәа закәаншьаҭада иԥсхьоу атәанчаҩцәа рыԥхьаӡамҭақәа рҟынтәи аԥара ахырхуан", - ҳәа аҳәоит Абанк апресс-релиз аҿы.

Агәаҭара аматериалқәа Апрокуратура хадахьы инашьҭуп.

Аомбудсмен лыҳасабырба

Аԥсны аомбудсмен Асида Шьаҟрылԥҳа 2018-2019 шықәсатәи лусура аҳасабырба ҟалҵеит ареспублика Апарламент адепутатцәа рҿаԥхьа.

Лара азхьаԥшра ҷыда алҭеит Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара аҳәынҭқарратә структурақәа рганахьала, аҳәса ргәакьацәа иахьыршьуа, аграждантәи асоциалтәи зинқәа реилагара.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Ауаҩытәыҩса изинқәа знапы иану лыҳасабырба рыдыркылеит.

Апресс-конференциаан Аслан Бжьаниа иҳәеит Шьаҟрылԥҳа лажәахә аҟны иарбоу афактқәа рыла аусҭҵаара шымҩаԥгахо, иаҭаххар, ашьаус шхацыркхо.

Аҭыԥқәа рҿы ашәҟәқәа реиҿкаара

Урыстәыла аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахразы иахәҭоу адокументқәа реиқәыршәаразы аконсультациақәа мҩаԥыргалоит атәыла араионқәа зегьы рҿы ҳәа лҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Урыстәыла аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахреи Урыстәыла атәылауаҩра аиуреи рзы апункт анапхгаҩы Фаина Герман.

Московская типография Гознака - Sputnik Аҧсны
Аурыс ҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахразы абжьгарҭақәа Аԥсны араионқәа рҿгьы иҟалоит

"Ҳара иҳаӡбеит араионқәа рахь анеира еиҿаҳкаарц ауаа рус армариаразы. Иҳаӡбеит Тҟәарчал араион ала ҳалагарц. Уи азы ҳара аҳәара ҳарҭеит араион ахадара. Акабинет ҳарҭоит ҳҟазауаа аҭыԥантәи атәылауаа рыдыркыларазы", - лҳәеит Герман.

Урыстәыла аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахразы аконсультациатә пунктқәа русзуҩцәа атәыла араионқәа рахь рнеира азԥхьагәаҭоуп мызкахь ҩынтә, аха макьаназ аграфик шьақәыргылам.

Акадр ҿыцқәа

Мшаԥымзазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаара аструктура ҿыц шьақәирӷәӷәеит, аминистррақәа рхыԥхьаӡара иацлеит, 12 рхаҭыԥан 14 ҟалеит.

Ԥхынгәы 4 Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб инапы аҵаиҩит Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс Алхас Конџьариа даҭазарц Аминистрцәа реилазаара ақәҵара. Иара ари аҭыԥ ааникылоит 2018 шықәса раахыс.

Здание кабинета министров - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчареи атуризми рминистрцәа рхаҭыԥуаа аҭоуп

Атуризм азы аминистр ихаҭыԥуаҩыс даҭоуп Даҭо Қаџьаиа. Уи 2016 шықәса раахыс аус иуан ареспубликатә политикатә партиа "Аԥсны акзаара" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс.

Абнахылаԥшра аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Камо Мелкумов, уи ари амаҵура ааникылоит 2016 шықәса раахыс. Иара абри аусбарҭаҿы убасгьы абнахылаԥшҩы хадас дыҟоуп.

Аҳәынҭқарратә ветеринартә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс даҭоуп Мзиа Амҷԥҳа, ларгьы ари амаҵураҿы аус луеит 2016 шықәса раахыс.

Аԥсуа телерадиоеилахәыра анапхгаҩыс дҟаҵоуп Ирина Агрԥҳа. Уаанӡа адиректор хада инапынҵақәа наигӡон Оҭар Лакрба.

Сасанидаа рҭынха

Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аколлекциа хаҭәааит Аҟәа араион аҿы инхо Асҭамыр Аиба ииԥшааз артефакт ҿыцқәа рыла.

Аҵарауаа ргәаанагарала, аԥшаахқәа ирылукаауеит Сасанидтә раӡнытә саан. Иара V ашәышықәса иаҵанакуеит.

Сасанидтә саан амал змаз ҭаацәарак рыжырҭаҿ иԥшаан. Уи адагьы ара ирбеит аҳәса иртәу ахаҷамаҷа, ахыц иахарҵо аихатәы хҿа, агәлаҵақәа.

Акультура, аҵарадырра, ақалақь Амш, аҽыбӷаҟазара

Ԥхынгәымза раԥхьатәи асабшаҽны иазгәарҭоит Аҟәа ақалақь амш. Аха сынтәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инамаданы ауснагӡатәқәа ркьаҿын.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ауааԥсыра рықалақь амш рыдиныҳәалеит.

"Ақалақь амш – зегьы еицаҳзеиԥшу ныҳәоуп, ара инхо реиԥш, араҟа аус зуагьы, аҵара зҵогьы, изызҳауа, агәҭыхақәа зауа, зықалақь бзиа избо уҳәа зегьы еицыртәуп", – ҳәа аҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.

Ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" аатит аныҳәа амш азы Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хадаҟны. Ацәыргақәҵа еиҿнакааит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла. Аҭааҩцәа ирбар рылшоит Аҟәа аҭоурых, акультура ирыдҳәалоу аусумҭақәа. Ацәыргақәҵа иалахәхоит аурыс шәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи Аҟәазы ргәалашәарақәа зну аекспозициақәа.

Зынӡа 50 усумҭа алкаауп. Иӡыргоуп иара убасгьы Осип Мандельштам, Константин Паустовски, Антон Чехов Аԥсны рыҟазаара иазкны ирыҩхьаз рахцәажәарақәа.

Абжьаратә школқәа роушьҭымҭацәа амедалқәа ранашьара мҩаԥысит Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрраҿы ахәаша, ԥхынгәы 3 рзы. 2020 шықәса рзы Аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1791-ҩык аҵаҩцәа. Урҭ рҟынтәи 11-ҩык амедалқәа рыманы иалгеит, 64-ҩык "ибзиаӡоуп" ҳәа иалгеит.

Аҽытә спорт абзиабаҩцәа ажәабжь бзиа роуит Краснодартәи аипподром аҟынтәи. Аԥснытәи аҽыҩ Скаи Леди актәи аҭыԥ ааннакылеит. 11 ҽыҩ рҟынтәи ҩба аԥшьбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҽыбӷаҟазаратә спорт азы афедерациа ахада Аслан Камлиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0