Sputnik амчыбжь: атест аҟаҵаразы агәаран, азаҭ, амаининг

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг криптовалют
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны есымчыбжьатәи ахҳәааҿы ареспубликаҿы иҟоу акоронавирустә инфекциа аҭагылазаашьа, ашколқәа рҿы иаԥырхыз акарантин, амаининг аҭышәныртәалара.

Ари амчыбжь азы Аԥсны аҭыԥ аман акоронавирустә инфекциа агәаҭараз атестқәа рзымхара, реиҳа излацәажәо акәны иҟалеит ашколқәа рҿы "иалагалаз-иалагаламыз" акарантин. Атәыла аиҳабыра амаинерцәа рус арзара иадгылеит, Апарламент аҿы акәзар, Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азы азаҭ рыланаҳәеит.

Атест азы агәарани алаҵа ҿыци

Аԥсны еиҳа-еиҳа иазҳауеит акоронавирустә инфекциа змоу рхыԥхьаӡара. COVID-19 хҭысқәа ирызҳацыԥхьаӡа, атестқәа рзымхара апроблема аҽарҭбаауеит.

Очередь у инфекционной больницы  - Sputnik Аҧсны
Атестқәа рызҵаара: избан Аҟәа COVID-19 ашьақәырӷәӷәаразы агәаранқәа зыҟоу

Амчыбжь ианалага инаркны ауаа рацәаны Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы агәаран ҟаҵаны игылалоит COVID-19 азы анализ аҭаразы, аха зегьы зызнеиз рзыҟаҵом. Sputnik аинтервиу азҭаз ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадина Быҭәԥҳа иазгәалҭеит авирус атест аҭаразы аматериал шыԥку. Ахәышәтәырҭа ПЦР анализқәа ргоит, аха мышказы ирырҭо 20 ПЦР-тест роуп. Атестқәа рхыԥхьаӡара змаҷу абактериологиатә лабораториаҿы анализ аҟаҵара иахьзахьымӡо ауп.

Цәыббра 21 рзы еилкаахеит Аԥсны Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аахәаразы аҳәара шыҟанаҵаз. Азыҳәа ҭнаҵаауеит аурыс ган. Аминистрраҿы иазгәарҭеит 15 - 20 нызқь доза иҟоу апартиа ишазыԥшу.

Аԥсны ауааԥсыра рзы алаҵа хәыда-ԥсадахоит, аимҳәазы алаҵеиԥш, изҭаху иҟаиҵоит.

Акарантин ҟалашьа амам

Ари амчыбжь азы акарантин рылаҳәан Аԥсны школқәак рҿы. Аԥсны ашколқәа зегьы рҟны цәыббра 25 инаркны акарантин рылаҳәоуп ҳәа аанацҳаит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура, Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лажәақәа ҵаҵӷәыс иганы. Скорик иазгәалҭеит цәыббра 25 инаркны жьҭаара 16 рҟынӡа акарантин алагалахоит ҳәа.

Лиудмила Скорик лажәақәа рыла, ари аҩыза аӡбамҭа Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит Агәабзиарахьчара аминистрреи Асанитартә епидемиологиатә станциеи иҟарҵаз абжьгара инамаданы.

Аха иара убри аҽныҵәҟьа Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура ари иашам ҳәа аанацҳаит.

"Аминистрцәа Реилазаара акәым, Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб акәым ашколқәа рҟны аҵаратә процесс аанкыларазы азҵаара иалацәажәомызт, аӡбамҭа ҳәагьы акгьы рыдрымкылацт", - ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Дистанционное обучение - Sputnik Аҧсны
Аҵара ҳамҭас: Аҵара аминистрра ашколхәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы акциа хацнаркит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы ишьақәыргылаз аграфик инақәыршәаны аҵаратә процесс иалагеит актәи акурсқәа рзы.

Ауниверситет аҿы акоронавирустә инфекциа аҽацәыхьчаразы абжьгарақәа зегьы ирықәныҟәоит: ианыҩнало ршоура ршәоит, адистанциа азгәарҭоит, асабрадақәа ныҟәыргоит.

Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра адистанциатә ҵарахьы аиасра ада ԥсыхәа ҟамлар ҳәа ихацнаркит агәыҳалалратә акциа "Ашколхәыҷ изы аелектронтә техника ҳамҭас".

Акциа "Ашколхәыҷ изы аелектронтә техника ҳамҭас" иалахәхар зҭаху зегьы ироуеит алшара ԥарала, ма еиқәшәоу компиутертә техникала ашколхәыҷқәа ацхыраара рырҭарц.

Амаининг алахьынҵа

Иара убасгьы ацәажәара рацәа ахылҿиааит амаининг аусхк. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Аԥсныҟа амаининг азы амыругақәа ҩымз рыҩнуҵҟа алагалара азин ҟанаҵом. Аекономика аминистрра анапы ианҵоуп акриптовалиута аиуразы анорматив-зинтә ҳәаақәҵаразы азакәан апроект аус адуланы иазырхиазарц.

Открытие майнингового центра в Ленинградской области - Sputnik Аҧсны
Озганԥҳа амаининг иахҟьаны "Амшынеиқәафымцамч" иаиуз ацәыӡқәа дрылацәажәеит

Аминистрцәа Реилазаара ақәҵара аднакылеит 60 мзартә мшы ҿҳәарас иҟаҵаны ареспублика аҵакырахь акриптовалиута аиуразы иаҭаху атауар алагалара азин аԥырхырц.

Аԥсны аекономика аминистрра, абри ақәҵара анрыдыркыла ашьҭахь 30 мзартә мшы ирхымгакәа, акриптовалиута аиуразы анорматив-зинтә ҭышәныртәалараз анапынҵа аҭоуп.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" абри ақәҵара амчра анаиулак ашьҭахь амзартә мшқәа хәба иреиҳамкәа анапы ианҵахеит Аекономика аминистрреи иареи реиқәышаҳаҭрала зхархәара алшо афымцамч азеиԥш хархәара аҳәаақәҵареи акриптовалиута аиура иадҳәалоу аоперациақәа рлимити рышьақәыргылара.

Аминистрцәа Реилазаара ишаӡбаз ала, Аԥсны аҵакыраҿы акриптовалиута аиуразы аусура амҩаԥгара хықәкыс иҟаҵаны ианыҟоу аамҭазы акриптовалиута аиуразы аусурақәа мҩаԥызго ахаҿқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара ишышьақәнаргыло еиԥш иҭаҩзароуп иуристтә хаҿык аҳасаб ала ма хазхаҿык иаҳасаб ала, ашәахтә усбарҭақәеи, Аԥсны аҳәынҭқарратә статистикатә усбарҭақәеи, Аԥсны абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рҿи ашәҟәы иҭагалазароуп.

Аиуристтә хаҿқәеи ахаҭалатә хаҿқәеи рзы атариф шьақәтәоит: 1 мааҭки 50 копеии киловатт-сааҭк азы.

"Абзиараз, абџьар", ма ахара ихараҵарагь ҟалом, ихыхрагьы ауам

Абри амчыбжь азы Аԥсны Апарламент аҿы аҩбатәи аԥхьарала "Абџьар азы" азакәан апроект рыдыркылеит.

Заседание в парламенте  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент аҿы аҩбатәи аԥхьарала абџьар азы азакәан апроект рыдыркылеит

Уаанӡа, Апарламент ахәбатәи ааԥхьара адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит абџьар азы азакәан апроект, аха азакәан нагӡаны ирыдкыламызт.

Апарламент атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи реилак анапхгаҩы Илиа Гәниа иазгәеиҭеит хылаԥшра змам абџьар аикәыршара инадҳәаланы атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи ашәарҭара ишҭагылоу, ишаҭаху абџьар аикәыршара амеханизм азин аҳәаақәа аҭагӡара, азакәан адкыларагьы уаҳа азыԥшра шзалымшо.

Иара убасгьы Аԥсны Апарламент адепутатцәа цәыббра 24 рзы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 27 шықәса ахыҵра ахьӡала азаҭ аҭараз ақәҵара рыдыркылеит.

Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалра акт: Апарламент аиҳабы амнистиаз аӡбара шрыдыркылаз атәы иҳәеит

Апарламент ақәҵара инақәыршәаны арахь иаҵанакуеит: хышықәсанӡа зус ӡбаны иҭаку, хәышықәсанӡа зус ӡбаны иҭаку, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа, арезервистцәа, 2008 шықәсазы Кәыдрытәи аиҩхааҿы имҩаԥысуаз аоперациа алахәылацәа, раԥхьаӡа акәны ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәоу, аҳәса.

Рхы иақәиҭыртәуеит рыҿҳәара иахьмырԥшыкәа: машәырла ацәгьа зуз; зықәра намӡац ахәыҷқәа ма аинвалидцәа змоу, зцәа зтәым аҳәса; 55 шықәса иреиҳабу аҳәса, 60 шықәса иреиҳабу ахацәа; I - II агәыԥқәа ирыҵаркуа аинвалидцәа, I - II агәыԥқәа ирыҵаркуа агәыҵәкра змоу, акьыбачымазара змоу, III - IV аклиникатә гәыԥ иаҵанакуа, иара убасгьы аинсульт зхызгаз; зықәра намӡац.

Азаҭ ахь иаҵанакуеит ақәҵара амчра аиуаанӡа ирықәу ахәҭа зхызымгаци иара убасгьы ахақәиҭра алхәдатәра иаҵаркым ҳәа ахара зыдҵоуи.

Агәымбылџьбаратә цәгьоура

Цәыббра 23 рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит аҳҭнықалақь аҿы аԥҳәыс лышьра инамаданы.

Прокуратура г. Сухум - Sputnik Аҧсны
Гәҭакыла аԥҳәыс лышьразы Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит

Ашьаус хацыркуп Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 99 ахәҭа 1 (гәҭакылатәи ауаҩшьра) инақәыршәаны.

"Ауаҩшьра аҭыԥ аман 2020 шықәса цәыббра 18-19 ауха, Ҭраԥшь имҩа, аҩны № 23 аҟны. Ишьақәыргылам ахаҿы атәылауаҩ Оганиан Раиса Илиа-иԥҳа, 1940 шықәса рзы ииз, лыҩны дыҩналаны ицагәаз маҭәарла длысны дишьит", - ҳәа аҳәоит Аҟәа ақалақь апрокуратура адырраҭараҿы.

Огониан дызшьыз ахаҿы ишьақәыргылареи иаанкылареи рзы анапынҵа нашьҭуп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь.

Еиҵымхцәакәа

Сынтәа Аԥсны иахьаҵанакуа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа иахьыцәгьахо инадҳәаланы Аҟәа ақалақь Ахақәиҭтәра Амши (цәыббра 27) Аиааира Амши (цәыббра 30) рзы иазԥхьагәаҭаз ауснагӡатәқәа рплан еиҭакуп.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира Амш азы Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит асааҭ 10:00 рзы.

Асааҭ 12:15 рзы Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит, асааҭ 13:00 рзы – Аԥсны Аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу Џьгьарда ақыҭа иаҭаауеит.

Асааҭ 18:00 рзы Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәеи арҿиаратә коллективқәеи рконцерт мҩаԥысуеит.

Иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны арратә паради акциа "Ԥсра зқәым архәҭеи" мҩаԥгахом.

Ажәабжьқәа зегьы
0