Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 змоу 11-ҩык зцәа зтәым аҳәса ҭаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский роддом
Сухумский роддом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкырамзаахыс Аҟәатәи ахшараиурҭаҿы акарантин рылаҳәоуп, убри аан уи аԥҟарақәа ирықәныҟәаны ԥкырада апациентцәа рыдыркылоит.

АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik. Аҟәатәи ахшараиурҭаҿы ашәҟәы иҭагалоу 11-ҩык зцәа зтәым аҳәса COVID-19 рымоуп ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳақьым хада Белла Ԥлиаԥҳа.

"Дара аҳәса рконсультациаҿ аҳақьымцәа хылаԥшра рырҭоит. Рҭагылазаашьа еиҭашәар, Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь ахь ирышьҭуеит", - лҳәеит лара.

Онлаин-консультациақәа акушер-гинекологи атерапевти дареи имҩаԥыргоит аудиорежим ала.

Рҭагылазаашьа ашәарҭара аиур Ацхыраара ласы ала Гәдоуҭаҟа иргоит.

Астамур Гуния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәниа COVID-госпиталь аҿы аҭагылазаашьазы: даара ицәгьахеит

"Рыхшароура Гәдоуҭа имҩаԥысуеит. Уа иҷыдоу ахшараиурҭа аус ауеит. Иахьазы COVID-19 змаз ҩыџьа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы ахшара дроухьеит", - лҳәоит аҳақьым хада.

Лара лажәақәа рыла ахшараиурҭаҿы акоронавирустә инфекциа аӡәгьы имам. Иҟан ичмазцәаз аҳақьымцәа, аха урҭ анҭыҵ ишьҭыркааит. Ахшараиурҭаҿы зегьы аԥҟарақәа ирықәныҟәоит, асабрадақәа ныҟәыргоит, арзҩыдагақәа ықәгылоуп.

"Ахшараиурҭахь акоронавирус аҟазшьақәа лыманы, аха ишьақәырӷәӷәамкәа аӡә даанагар, хазы дышьҭаҳҵоит иаҭахны иҟалар, авирус азы анализ аагоит, нас уи ишаҳнарбо аиԥш ҳхы мҩаԥаагоит", - ҳәа лҳәеит Ԥлиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит апандемиа аамҭазы ахшара зауа рацәаҩхеит, избанзар Аҟәатәи ахшараиурҭа зегь ахахьы иагеит ҳәа.

Иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп 175-ҩык, 147-ҩык COVID-19 ззышьақәырӷәӷәоу пациентцәоуп, 21-ы иҭагылазаашьа бааԥсуп, 26-ҩык – бжьаратәуп.

Аԥсны авирус роухьеит 2430-ҩык, 1087-ҩык ргәы бзиахеит, 23-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0