Sputnik амчыбжь: илашарадоу аҳҭнықалақь, амаининг ақәиҭымтәра, аныҳәазы аҳамҭа

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтно-восстановительные работы на подстанции "Сухум-1"
Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ииасыз амчыбжь аан аҭыԥ змаз еиҳа иналукааша ахҭысқәа.

Ииасыз амчыбжь азы Аҟәа араионқәак руааԥсыра лашарада еилахеит, аиҳабыра амаинерцәа аусуразы азин рымырхит, атәыла ахада Аслан Бжьаниа ареспублика адәныҟатәи аполитика зеиԥшрахаша далацәажәеит, аҳҭнықалақь ахадара аныҳәаз аҳамҭа азнархиеит.

Sputnik

Алашаратә еинҟьеинырра

Астанциа маҷ "Аҟәа - 1" аҿы амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 ашьыжь, асааҭ 5:20 рзы. Абри иахҟьаны Аҟәа ақалақь агәи, мраҭашәаратәи ахәҭеи, Иашҭхәа ақыҭеи лашарада иаанхеит.

Авариа ахьыҟалаз инашьҭын АУН "Амшынеиқәафымцамч" амчқәа зегьы, араионтә филиалқәа русзуҩцәагьы налаҵаны.

Амҽыша, ԥхынҷкәын 6 рзы аенергетикцәа аамҭалатәи ахархәагақәа рмонтаж иалагеит, аусурақәа рымҩаԥгара алыршаразы. Иҟоу ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы 2-3- мчыбжьы ишадхало атәы ҳәан. Абри аамҭазы алашара ауааԥсыра ирзынашьҭхалоит авариатә схемала.

Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Аҟәа зегьы фымцалашарала еиқәыршәоуп

Ԥхынҷкәын 9 инаркны Аҟәа афымцалашара ҩ-сааҭк рыбжьара ҩ-сааҭк идырцәало иалагеит.

Иааидкыланы арҭ амшқәа рзы Аҟәа алашара дырцәон 12 сааҭ. Абри аҩыза аграфик аус ауан астанциа маҷ "Аҟәа-1" атрансформаторқәа зегьы ахархәара рыҭахаанӡа. Уаанӡа АУН аҿы ирҳәон ишьақәыргылоу графикк ала аус шырзымуа атәы.

Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны амцакра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраан ԥхынҷкәын 6 рзы ааха иоуит АУН "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ. Иара Краснодарҟа дышьҭын. Ԥхынҷкәын 8 рзы иара аоперациа изыруит.

"Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ игәабзиара уацәымшәартә иҟоуп ҳәа рҳәеит аҳақьымцәа.

Ԥхынҷкәын 13 азтәи адыррақәа рыла аиӷьхара даҿуп. Ианализқәа бзиоуп, ихала иԥсыԥ леигаҩеигоит, игәы аусура шьақәгылеит ҳәа иҳәоит анаплакы анапхгаҩы Михаил Логәуа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит амаҵзуратә ҭҵаара шымҩаԥгахои аусура иалахәыз зегьы агәазҭаҵаратә ԥара шрызшәахои.

12-сааҭтәи аграфики алашара арцәареи ауааԥсыра агәынамӡара рызцәырнагеит. Урҭ рызҵаарақәа рҭак аҟаҵаразы АУН еиҿнакааит аимадаратә центр.

Электрическая подстанция Витаминкомбинат в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны
Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аарышьҭуа иалагеит ԥхынҷкәын 11 инаркны

Ԥхынҷкәын 10 рзы ЕгрыГЕС Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ԥхынҷкәын 25-27 рзы иреиҵаӡоу аҩаӡараҟынӡа илаҟәуеит ҳәа "Амшынеиқәафымцамч" изаамҭанытәим аилатәараҿы иҳәеит анаплакы адиспетчертә маҵзура аиҳабы Гурам Џьаџьаиа.

"Иахьа, ԥхынҷкәын 9 ашьыжь азтәи арбагала аӡы аҩаӡара 443 метра иҟоуп. Ҳара уахыки-ҽнаки рыла ҳхы иаҳархәо 10 миллион киловатт-сааҭ шракәу ала, ԥхынҷкәын 25-27 рзы уи ацәаҳәа иахысуеит. Уи иаанаго ЕгрыГЕС абри аамҭазы иаангылар алшоит ауп", - ҳәа иҳәеит Џьаџьаиа.

Иара убасгьы иҳәеит сынтәа афымцамчхархәара 20% ишазҳаз.

Ԥхынҷкәын  11 рзы Аԥсныҟа иаашьҭхеит иззыԥшыз урыстәылатәи алашара. "Аҟәа-1" аусура еиҭалагеит, аԥкырақәагьы ԥхынҷкәын 12 рзы иаԥыххеит.

Амаинингқәа, "абзиараз"

Кристина Озган  - Sputnik Аҧсны
Озганԥҳа: Аԥсны иахьаҵанакуа акриптофермақәа зегьы русура аанкылатәуп

Ԥхынҷкәын 8 рзы Аԥсны аекономика аминистрраҿы имҩаԥысыз "Амшынеиқәафымцамч" анапхгареи амчратә структурақәа рхаҭарнакцәеи азлахәыз аенергетика  иазку аилацәажәараҿ Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа аҳәамҭа ҟалҵеит ареспубликаҿы  амаинингтә фермақәа зегьы аҿыхтәуп, урҭ зтәу ирыхьмырԥшыкәа ҳәа.

Иара убри амш азы Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала акриптовалиута аиуразы аусурақәа зегьы 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа иааннакылеит.

Адәныҟаполитикатә концепциа

Ԥхынҷкәын 7 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит аусԥҟа "Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатә политика аконцепциа ашьақәырӷәӷәаразы".

Пресс-конференция президента Абхазии Аслана Бжания - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа Аԥсны адәныҟаполитикатә концепциа шьақәирӷәӷәеит

Аԥсны амилаҭтә интересқәа азыԥхьагәаҭаны адәныҟаполитикатә ҽазышәарақәа абарҭ ахықәкқәа рынагӡара иазырхазароуп:

Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә шәарҭадара аиқәыршәара, иара атәылауаа рыхьчара, асуверенитети аҵакырадгьыл акзаареи рырӷәӷәара; Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиаразы иманшәалоу адәныҟатә ҭагылазаашьақәа раԥҵара, Аԥсны Аҳәынҭқаррахь аҳәаанырцәтә инвестициақәа радԥхьалара, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаанырцә ахәаахәҭра-економикатә интересқәа реиҵыхра; Аҳәаанырцә иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара; Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыстратегиатә партниорра арӷәӷәареи арҿиареи; Аԥсны Аҳәынҭқарреи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи, зыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылоу, рыбжьара наҟ-ааҟ апартниорра аизырҳареи арҿиареи; Аԥсны Аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи жәларбжьаратә зхаҵара; Адунеи зегь аҟны аԥсуа диаспора рымадара арӷәӷәара; Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи ахыԥша аиҿкаареи арӷәӷәареи; Ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҭышәныртәалареи Қырҭтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа аҭышәныртәалареи; Кавказтәи арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәара ацхраара; Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи арегионалтә институтқәа рылаларазы аҽазышәара.

Аветерантә еиҿкара "Аруаа" ааԥхьара ҟарҵеит Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа рформатцҵа аиҿкааразы аҭагылазаашьақәа разыԥшаара апункт алхтәуп ҳәа.

"Иара убас ҳара иҳаԥхьаӡоит аконцепциа иалагалазарц Аԥсны Аҳәынҭқарра Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думеи егьырҭ Аԥсны азхазҵаз аҳәынҭқаррақәа рпарламентқәеи рахь ааԥхьара шыҟанаҵо Аԥсныжәлар рганахьала Қырҭтәыла ШЬАҾА-ШЬАҾАЛА АГЕНОЦИД XX ашәышықәса зегьы иалагӡаны шымҩаԥнагоз азхарҵарц азы", - ҳәа аҳәоит аиҿкаара иҟанаҵаз ааԥхьараҟны.

Ахада имҩаԥигаз аиԥыларақәа

Ԥхынҷкәын 8 рзы Аслан Бжьаниа Аконституциатә реформақәа рымҩаԥгаразы Акомиссиа аилатәара мҩаԥигеит. Иара аиҿкааратә зҵаарақәа ирызкын. Ахада иҳәеит дшақәгәыӷуа аус ҭакԥхықәрала иазнеип ҳәа.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәын 7 рзы дидикылеит Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура аофициалтә хаҭарнакс Аԥсны иҟаз аполковник Александр Опарин. Ари аҭыԥ аҿы иара диԥсахуеит аполковник Александр Соболь. Аслан Бжьаниа Александр Опарин иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны ашәарҭадара аиҿкаараҿы илагаламҭаз. Ҳамҭас ииҭеит аԥсуа милаҭтә хаҵа́́ – ахҭырԥа.

Аслан Бжьаниа Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аофициалтә хаҭарнак ҿыц Александр Соболь иусураҿы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москваҟа амҩа дықәлеит ԥхынҷкәын 9 рзы. Ԥхынҷкәын 11 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит Москва аиҳабыра аминистр, Москва адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рдепартамент аиҳабы Сергеи Черемины аџьынџьуаа рзы Москва Аҩны адиректор Петр Гладкови.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит

Аиԥылараан ирылацәажәан Аслан Бжьаниеи Владимир Путини Шәача абҵара 12 рзы иззеиқәшаҳаҭхаз Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа.

Аганқәа азааҭгылеит апрограмма "Ишәарҭам ақалақь" аԥышәа ахархәара. Апрограмма ахархәара амоуп Москва, иара иахықәкы хадоуп ауааԥсыра анагӡаратә мчра агәра рго рыҟаҵара алыршара. Апроект комплекстә информациатә системоуп, ауаажәларратә транспорт асистема аиӷьтәра иазырхоуп.

Аиԥылараҿы ишьҭыхын азҵаара иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсԥны инхо Урыстәыла атәылауаа рзы Аԥсны хырхарҭарацәалатәи ацентр аартра, ирҭахны иҟоу адокументқәа реиқәыршәара армариаразы.

Ахада иара убасгьы Москва аиҳабыра рхаҭарнакцәа драцәажәеит аԥсуа ҟазауаа арҵаратә программа "Москватәи аҵара" ҭырҵаарц азы.

Апарламент аилатәара

Ахаша, ԥхынҷкәын 9 рзы Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала 2021 шықәсазтәи абиуџьет аднакылеит.

Заседание Парламента Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала 2021 шықәсазтәи абиуџьет аднакылеит

Апроект рыдигалеит Афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Алагалақәа рыла аҳәынҭбиуџьет азеиԥш хышәаҵышәа 10 миллиардки 589 миллион мааҭ ыҟоуп. Аныхрақәа рыла –10 миллиардки 713 миллион маа-. Абиуџьеттә дефицит иартәеит 123 миллион мааҭ.

2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азеиԥш хышәаҵышәа –8 миллиардки 502 миллион мааҭ ыҟоуп, Урыстәылатәи афинанстә цхыраара – х-миллиардки 949 миллион мааҭ абрахь иналаҵаны.

Ареспубликатә биуџьет азеиԥш ныхрақәа идыртәоит 8 миллиардки 625 миллион мааҭ. Адефицит 123 миллион мааҭ ыҟоуп.

Владимир Делба иазгәеиҭеит 2021 шықәсазтәи абиуџьет ишазыԥхьагәанаҭо абиуџьеттә усхк аусзуҩцәа рулафахәы ашьҭыхрагьы.

Аԥсны Апарламент иаԥсахит ахашәалазы ашәахтә аҭышәныртәалашьа аԥҟара>>

Хаз игоу ныхрақәаны иазыԥхьагәаҭоуп апрограмматә уснагӡатәқәа: агроааглыхратә комплекс, агәабзиарахьчара, аҭаацәара қәыԥшқәа рынхарҭа аиӷьтәра.

Афинансқәа рминистр иазгәеиҭеит 2021 шықәса абиуџьеттә усхк азы ишыуадаҩхо.

Апандемиа еиқәымтәацт

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 7136-ҩык ыҟоуп, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб. Ргәы бзиахеит 5187-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 97-ҩык.

Ԥхынҷкәын 12 азтәи адыррақәа рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 367-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 93-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 96-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 88-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 29-ҩык, ибжьаратәуп - 32-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 34-ҩык апациентцәа. Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 51-ҩык пациент. 48-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа

Ԥхынҷкәын 11 рзы Аԥсни Никарагуеи ԥшь-хырхарҭак: акультура, ақыҭанхамҩа, аҵара, аспорт русхкқәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит.

Флаг Республики Никарагуа. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсни Никарагуеи ԥшь-хырхарҭак рзы аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит

Аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи Ареспублика Никарагуеи рҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра иҷыдоуи азинмчи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи Ареспублика Никарагуа иҷыдоуи азинмчи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Иоска Кальдерони.

Ӷәаџьаа иазгәеиҭеит, Аԥсни Никарагуеи абарҭ аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны рхахьы иргаз ахыдҵақәа хымԥада ишрықәныҟәо. Иара иҳәеит Аԥсны ажәлар ахаангьы ахә ҳаракны ишыршьо ареспублика ахьыԥшымра Никарагуа иахьазханаҵаз.

Иоска Кальдерон илҳәеит асеиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа анап рыҵаҩра аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рҟны еиҳа иҳараку аҩаӡара ҟазҵо шьаҿаны ишыҟоу.

Ацифратә модернизациа

Азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭатә аппаратқәа рыӡбаҩцәеи русзуҩцәеи ԥхынҷкәын 7-14 рзы аӡбарҭатә информациатә система (АСИС) апрограмматә еиқәыршәара рҵараны иҟоуп.

Аӡбарҭа апресс-маҵзура адыррақәа рыла азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа уажәазы иазыҟаҵоуп:

  • Азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рыбжьара аелектронтә документеикәыршара ахәҭаҿы автоматизациатә система;
  • Аӡбаҩцәа аматериалқәеи адокументқәеи електронла рзеихшара;
  • Аӡбарҭа аусура аматериалқәа рыҭҵаара аҭагылазаашьазы ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи аинформациа рыҭара;
  • Аӡбарҭатә актқәеи егьырҭ апроцессуалтә документқәеи иакны рыҵәахра;
  • Астатистикатә рбагақәа разырхиара;
  • Иалалои иалҵуеи адокументациа аҭаҩреи анеиҭаҵааиҭаҵреи рарбара;
  • Аӡбарҭатә актқәеи анагӡаратә документқәеи рыҭареи иара убасгьы аматериалқәа аелектронтә архив ахь рынашьҭара.

Макьана иалыршам аӡбарҭатә еилатәарақәа раудиои-рвидеои ԥкаанҵамҩаԥгара, иара убасгьы Гәдоуҭатәии Аҟәатәии араионтә ӡбарҭақәа рҿии Аԥсны Арратә ӡбарҭаҿи аӡбарҭатә еилатәарақәа рзы азалқәа ыҟам.

Аҭаацәа "рбунт"

Атәылаҿ акоронавирустә инфекциа алаҵәара инадҳәаланы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥкрақәа рыҿҳәара ажьырныҳәа 12 рҟынӡа днахеит. Арахь иаҵанакит ашколқәеи ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәеи.

Родители из движения - Вернем школу детям - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҭаацәа ргәыԥ ашколқәа рҿы аԥкрақәа аԥыхзарц адҵа ҟарҵоит

Аԥсны ашколқәа рҿтәи аҭаацәаратә еилакқәа рхаҭарнакцәа Аԥсны ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит ашколқәа аартызарц азы. Аԥшьгаратә гәыԥ иагәҭакуп ауаажәларратә еиҿкаара "Азеиԥшмилаҭтә ҭаацәаратә еилакы" аԥырҵарц.

Аҭаацәаратә гәыԥ, адистанциатә ҵара иаҿагыло, реилатәара мҩаԥган Аҟәа, ԥхынҷкәын 9 рзы. Аилатәараҿы иаԥхьеит Аслан Бжьаниа иахь иҟарҵаз ааԥхьара атекст. Уа иаҳәоит аҭаацәа агәҭынчымра шаадырԥшуа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы арҵаратә процесс аанкыланы иахьыҟоу азы.

Активистцәа ирҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара аиустициа аминистрраҿы ашәҟәы ишҭаргалалак, атәыла ахада иахь анеира ргәы ишҭоу.

Ацәгьоура ахьырхәра

Гал араион инхо Иракли Бебуа Гал Акультура ахан аҿаԥхьа икнаҳаз Аԥсны абираҟ аԥшшәқәа символра рзызуаз аш (полотно-аред.) Аиааира амш аҽны, цәыббра 30 рзы амца ацреиҵеит. Иганахьала ашьаус хацыркын.

Наручники  - Sputnik Аҧсны
Абираҟ амца аркреи абџьар аҵәахреи рзы Гал ауаҩԥсы ашьауӷа иқәҵоуп

Бебуа иганахьала аусӡбара мҩаԥысуан ԥхынҷкәын 7 рзы. Иракли Бебуа х-хәҭаҷк рыҵакрала иус ӡбан: закәаншьаҭада абџьар аҵәахра; Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟи агерби рцәа аԥҽра; аҳәынҭқарратә мазара аԥхасҭатәра рзы. Иракли Бебуа иус ӡбан. Иара ҭакрыла жә-шықәса ихгара иқәырҵеит, иара убас 10 нызқьмааҭ ахараԥсеи.

Иракли Бебуа жә-шықәса азеиԥш режимтә колониаҿы ихигараны дыҟоуп. Иара макьаназы Гал аамҭалатәи абахҭаҿы дҭакуп. Аӡбамҭа азинмч аиуеит жәамш рышьҭахь. Бебуа абри аамҭала азин имоуп аӡбамҭа дахашшаарц.

Ашықәсҿыцазтәи ассир

Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы ԥхынҷкәын 25 рзы иаадыртраны иҟоуп аҵаақәышьқьырырҭа,

Аҟәатәи ақалақьтә еизарҭа аилатәараҿы ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Адепартамент адиректор Ельза Ҳагԥҳа ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раантәи рыпланқәа дрылацәажәеит.

Открытие катка в Лужниках - Sputnik Аҧсны
Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы иаадыртраны иҟоуп аҵаақәышьқьырырҭа

Аҵаақәышьқьырырҭа ҵыԥх аиԥш апластик иалхны иҟалом. Уажәы аҵааҵәҟьа ҟалоит. Хымԥада арҵаҩы дадгалахоит, ахәыҷқәеи адуқәеи рзы ақәышьқьраара амаӡақәа дзырбо.

Ҳагԥҳа лажәақәа рыла иара арендла игоуп, х-миллионки бжаки ахшәаахоит. Ауреи аҭбаареи 20-20 метра иҟоуп.

Ақалақьтә еизара адепутат Мизан Адлеиба иҳәеит иахьатәи аамҭазы ариаҟара аԥара аныхра шхыдароу, уи ацхыраара ласы амашьынақәа ҩба алааухәар шауа.

"Атәылаҿа апандемиа алаҵәан иҟоуп. Шәара ахәыҷқәа еизыжәгоит, аҿкыра аҽарҭбаауеит. Еиҳа еиӷьымзи арҭ аԥарақәа COVID-чымазцәа рыцхыраара иазырхазар", - иҳәеит иара.

Аха адепутатцәа реиҳараҩык Адлеиба иқәшаҳаҭымхеит, ашкол ахь имныҟәо згәырӷьарақәа маҷхаз ахәыҷқәа рзы аныҳәа аҭахуп ҳәа азыԥхьаӡаны.

Ҳагԥҳа илҳәеит иахәҭаны иҟоу ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа зегьы ишрықәныҟәо.

Ашықәс ҿыц аныҳәазы, иара убасгьы иаартхоит акинотеатр, еиуеиԥшым ахәмарырҭақәа. Зегьы хәыдаԥсадахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0