Гагра аҩнқәа рзы ишәарҭаз амца дырцәеит иаха

© Sputnik / Томас ТхайцукПожар в лесу
Пожар в лесу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амцарцәаҩцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи еицхырааны ажәытә Гагра иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы ажьырныҳәа 9 ашьыжь ҿыц ицәырҵыз амца арцәара рылшеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Иҳаҩсыз аухазы Гагра аҩнқәа шә-метрак рҟынӡа ирзааигәахаз амца арцәара ҳалшеит иҳәеит Гагреи Гагра араиони абылраҽацәыхьчара-аиқәырхаратә штаб аиҳабы Давид Бганба. 

Бганба иара убас иациҵеит ажәытә Гагра иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы ажьырныҳәа 9 ашьыжь ҿыц ишцәырҵыз амца. Уи арцәаразы аусзуҩцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыра рымчқәа еибырҭеит.

"Аҵх ҭынчны имҩасит. Ҭыԥқәак рҿы амца дырцәеит, ашьыжь ажәытә Гагра иахьчаҵанакуа даҽа ҭыԥк цәырҵит, уахь амашьына знеиуам, ҳусзуҩцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи уахь еиццеит, напышьашәала амца иаҿагылоуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара. 

Бганба иазгәеиҭеит Жәкәаратәи аҩхааҟны ахәаша, ажьырныҳәа 8 рзы амца иамҽханакыз ацәаҳәа хә-километрак ишыҟаз. Ашьыжь амца амҩахь албаара иаҟәыҵит, аха ҩадахьы ацара иаҿуп. 

АҶА ишырҳәаз ала, аҭыԥ аҟны аус руеит амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба, ауаа реиланхарҭақәа рҟын амцарцәаратә постқәагьы ргылоуп. Амца амч еиҳа иԥсыҽхеит, уажәы еиҳарак ашьхараҿоуп иахьыҟоу, амшын азааигәара ицәахьеит. 

Иара убас амцакрақәа ҟалеит Очамчыра араион Маркәыла, Аӡҩыбжьа ақыҭақәа рҟны, уа быжь-гектарк абна амца акын. АҶА апресс-маӡаныҟәгаҩ Роман ЛАбиа иажәақәа рыла, урҭ зегьы ырцәоуп.

Гәылрыԥшь араион аҿы ажьырныҳәа 8 рзы ибылуан ачықьрақәа, 300 метр ԥшьыркца иахьаҵанакуаз аҭыԥ аҟны. Уагьы амца арцәара рылшеит. 

Лесные пожары в Гагре - Sputnik Аҧсны
АҶА амцарцәаҩцәа ҷаԥшьоит Гагра араион иҟоу амцакрақәа рҭагылазаашьа ахылаԥшразы

Гагра акәша-мыкәша абнарақәа амца ркит ажьырныҳәа 4 рзы ашьхарақәа рҿы, анаҩс ахаша ажьырныҳәа 6 рзы шьыжьнаҵы амца атрасса Ԥсоу - Егры ахь илбааит, уи иахҟьаны ахаҳә леит. Уи ашьҭахь аҭагылазаашьа бааԥсын асанатори "Москва" иахьазааигәаз, аха ахәылԥаз амца аанкылара рылшеит, ақәагьы алагеит.

Ажьырныҳәа 7 рзы, ахәылбыҽха адырра ҟаҵан Гагра араион аҟны абнаҿы амцакрақәа аҩнқәа рҟынӡа инаӡеит, 150 метра инареиҳаны ҳәа. АҶА амцарцәаҩцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи аҩнқәа амца рымкырц аусура иаҿын, ақалақь ахадара иаҭаххар ауаа рыҩнқәа рдәылгара алҳаршоит рҳәеит. Амца ацран ф-гектарк рҟынӡа аҳаскьын ҩеи абна аҵеи. Амцарцәаразы уахь инашьҭын Гагреи Аҟәеи абылраҽацәыхьчаратә ҟәшақәа.

Ажьырныҳәа алагамҭазы 45 гектар рҟынӡа зеиԥш ҵакырала Гәдоуҭа ашьхарақәа рҿы амцакрақәа ҟалеит. Ԥшьымш рышьҭахь урҭ аанкылан.

АҶа аҿы ирҳәеит арҭ абнабылрақәа ауаҩытәыҩса инапы ишахҟьо рҳәеит, аԥсабара ари аҩыза ҟанаҵартә уажәы аҭагылазаашьа ыҟам. Ауаа рынхарақәа рыкәша-мыкәша дрыцқьар рҭахуп, аҳаскьын ҩақәа, ачықьқәа амца рыцрарҵоит, нас аԥша анаслак, амца аҽеиҵнахуеит рҳәеит АҶА аҟны.

Уаанӡа АҶА адырра ҟанаҵахьан Гали Очамчыреи араионқәа рҿы ҭыԥқәак рҿы амцакрақәа шыҟаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0