Аминистрцәа реилазаара ажьырныҳәамзазы аԥсшьарамшцҵақәа ҩба рыларҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров
Кабинет министров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рыҿҳәара даҽа хымчыбжь инахеит, урҭ рыԥҟарақәа дырӷәӷәеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 14 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба 2021 шықәса ажьырныҳәа 15, 16 усурамшымкәа ишыԥсшьарамшу рылазҳәо аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Иааиуа ахәашеи асабшеи ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи рҿы арзҩыдаратә усурақәа рымҩаԥгара хықәкыс иҟаҵаны, ареспублика иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа COVID-19 аламырҵәаразы.

Уаанӡа атәыла ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵаҩит COVID-19 аԥырҟәҟәааразы аԥкрақәа рыҿҳәара жәабран 10 рҟынӡа ирыцҵазарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0