Бжьаниа адҵа ҟаиҵеит азинхьчаратә усбарҭақәа хра рымазарц азы аусура мҩаԥыргарц

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина ДПС
Машина ДПС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2021
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа русура хра амазарц азы ауснагӡатәқәа аус рыдызуло аусутә гәыԥ аилатәара мҩаԥигеит жәабран 15 рзы.

АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Аслан Бжьаниа азиндырыҩцәеи азинхьчаҩцәеи рнапы ианиҵеит иҟоу анорматив-зинтә актқәа реиҭакразы ажәадгалақәа еинырны иаздырхиарц, ареспублика азинхьчаратәи аӡбарҭатәи системақәа русура аиӷьтәразы. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Ашьаустә закәанеидкылаҿ аус зымуа ахәҭаҷқәа рыҟазаара иаԥсам. Аиҳаракгьы абарҭ ахәҭаҷқәа ацәгьоурақәа анрыҵаркуа. Изаҳҭахузеи аус зымуа ахәҭаҷқәа?" - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.

Иара аҭҵаарадырратә еилазаарахь аҳәара ҟаиҵеит арҭ ахәҭаҷқәа аредакциа ҿыц рзыҟарҵарц.

"Аӡәгьы имҳәааит ари ирадикалтәу еиҭакроуп ҳәа. Ихадоу дара аус руа, ацәгьоуцәа рыхәҭа иақәдыршәо иҟазароуп. Азинхьчаҩцәеи аӡбаҩцәеи русура дырмариозароуп. Ажәадгалақәа нашәышьҭла ахыркәшаратә редакциаҿы зегь еилыкка иҟазарц", - ҳәа иҳәеит ахада.

Президент Аслан Бжания на церемонии возложения цветов в Парке Славы в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Аслан Бжьаниа ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рыҟәшақәа дырҭааит

Бжьаниа иҳәеит аиҿкааратә, азинтә, афинанстә, аидеологиатә уҳәа ауснагӡатәқәа рыдкылараан иҟоу аԥышәа ахархәара амазароуп ҳәа.

Аилатәара иалахәын: акомиссиа ахантәаҩы, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Саида Быҭәԥҳа, аиустициа аминистр Анри Барцыц, Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут, апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа, ашәарҭадареи атәылахьчареи рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Илиа Гәниа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Ада Касланӡиаԥҳа, ААУ азиндырратә факультет адекан Сергеи Смыр, Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, Ахылаԥшратә палата ахантәаҩы Роберт Аршба.

Ажәабжьқәа зегьы
0