Аҵыҵындра Урыстәылаҟа аекспорт ырмариахар ҟалоит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСбор клубники в Абхазии
Сбор клубники в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2021
Анапаҵаҩра
Сынтәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭиразы инашьҭхар алшоит зықь тонна инареиҳаны аҵыҵындра.

АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҵыҵындра аалыҵ адекларациа азуны Урыстәылаҟа аекспорт ашьҭра азҵаара иалацәажәеит мшаԥы 27 рзы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилак аҿы.

Сонер Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2017
Арадио
Гогәуа аекспорт ацхыраара аҭаразы иаԥҵоу апрограмма иазкны: иаҭаху усуп

"Сынтәа иазԥхьагәаҭоуп аҵыҵындра аекспорт рацәаны. Иахьатәи аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара ҳазыхиоуп аҳазалхратә еиҿкаареи ахылаԥшреи рырмариаразы досу шәажәалагалақәа рзыӡырыҩра", - иҳәеит аиԥылара аартуа Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.

Аҳазалхратә еиҿкаара аусбарҭа хада аиҳабы Џьамал Цәеиба ишьақәирӷәӷәеит сынтәа ареспубликаҟынтә аҵыҵындра аекспорт хыԥхьаӡара рацәала ишазыԥшу.

"Уаанӡатәи ашықәсқәа реиԥш сынтәагьы ҳусбарҭа аусура азырхахоит адәныҟаекономикатә усура амҩаԥгаразы аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵара", - иҳәеит иара.

Атауар аекспорт аан аҳазалхратә кәамаҵамарақәа рырмариаразы аус адулан аамҭа-аамҭалатәи адекларациаҟаҵара апроцедура ҳәа азгәеиҭеит Џьамал Цәеиба.

"Ари аԥҟара инақәыршәаны адәныҟаекономикатә усура алахәылацәа ари аформа ахархәараан акыр раамҭа еиҷаҳауеит. Уи иалнаршоит аныхрақәа реиҵатәра, атауареикәыршара ахышәаҵышәа аизырҳара. Ари аформа ахархәарала аҳәаа иахыган 25 000 тонн ацитрусқәа рекспорт", - иҳәеит иара.

Иара иазгәеиҭеит 2020 шықәса анҵәамҭазы азинмч шаиуз Аилак аструктуратә еилазаарақәа русура арегион азы адҵа.

"Аихшара абасеиԥш ишьақәыргылоуп – аҳазалхратә ҭыԥ  "Ԥсоу", ари Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа роуп, аҳазалхратә ҭыԥ "Аҟәа" – ари Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионқәа роуп, аҳазалхратә ҭыԥ "Гал" – ари Очамчыратәи, Галтәи, Тҟәарчалтәи араионқәа роуп. Адәныҟа-економикатә усура алахәылацәа асеиԥш аихшара азин рнаҭоит  атауари атранспорти рбизнес ахьыҟоу аҭыԥ аҿы реиҿкаара", - иҳәеит Џьамал Цәеиба.

Дмитрий  Абухба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2019
Арадио
Абыхәба еиҭеиҳәеит аҵыҵындра ааӡара иацу ауадаҩрақәа ртәы

Аилак азинтә ҟәша аиҳабы Анана Гогохьиаԥҳа аҵыҵындра ааӡара знапы алаку анаплакҩы Баҭал Аҩӡба азҵаара илҭеит аалыҵ аҭиразы игәаанагараз.

"Акурорттә сезон аан аҳәаа ишалшо ала ахысра ҳармариароуп", - лҳәоит лара.

Анаплакҩы иҳәеит дшазыхиоу зықь тонна рҟынӡа аалыҵ аекспорт амҩаԥгара. Иара иажәақәа рыла, ирыдгалоу аформа аҳәаа ахысраан аҳазалхратә еиҿкаарақәа армариоит.

Аҳазалхратә еилкы аексперт-ҟаза хада Максим Титаренко иазгәеиҭеит ҵыԥх Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа ишахыгаз 294 тонна абаҳчаҵыҵындра.

"Ари аалыҵ ирласны иԥхасҭахо тауаруп. Иара амҩангарагьы аҭагылазаашьа ҷыдақәа амазароуп. Абҵарамзазы азин ҳаҭан ҿҳәаралатә адекларациаҟаҵара", - иҳәеит иара.

Ҵыԥх ацитрусқәа риагараан аҭагылазаашьа уадаҩын аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" аҿы. Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 200 инарзынаԥшуа машьына гылон. Аҿҳәаралатә декларациаҟаҵара аналаргала агәаран акыр иаӷахеит иҳәеит Титаренко.

Беслан Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2020
Арадио
Џьапуа ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҳәаа ахыгараан ашәатәқәа рзы: излауала иҳармаҷырц ҳаҿуп

"2021 шықәсазы 2020 шықәса иаҿырԥшны аҵыҵындра аҽаҩра хынтә рыла еиҳахар шалшо  анеилаҳкаауп абри аиԥылара мҩаԥгазарц анаҳаӡба.  Иара лассы иԥхасҭахо аалыҵны иҟоуп, акраамҭа аҳәааҿ инукылар ҟалом, аиҳаракгьы аԥхынразы", - иҳәеит иара.

Убри азы аҿҳәаратә декларациаҟаҵара алшара ҟанаҵоит  уахынла ма ҽынла, аныҳәамшқәа ма аусурамшқәа уҳәа рыла аамҭа алхны аграфик ашьақәыргылара ҳәа иҳәеит иара.

Адокументқәа зегьы анаплакыҩцәа заанаҵы еиқәдыршәоит раалыҵ  аҳәаа ахыгараан аамҭа амгарц ҳәа азгәеиҭеит Максим Титаренко.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҳазалхартә маҵзура ахаҭарнак Константин Козлов иҳәеит аҿҳәаратә декларациаҟаҵара аҳәааҿ агәаранқәа рыҟазаара шеиҵанатәуа, апроцедура адекларациа зныктәи аҟаҵарала мызкы ахы-аҵыхәа атауар аҳәаа ахыгара шалнаршо. Урыстәылатәи аҳазалхырҭа азыхиоуп аҵыҵындра атауартә партиақәа аԥҟара ҿыцқәа рыла реиҿкаара ҳәа аҳәеит Козлов.

Ажәабжьқәа зегьы
0