АҞӘА, рашәара 16 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциахь риммунтә статус 24% ыҟоуп ихымԥадатәиу 80% рцынхәрас ҳәа лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.
"2700 ҭҵаара рҟынтәи 600 хҭыс раан иҵоуроу аиммунтә статус аарԥшын акоронавирустә инфекциахь – уи 24% ҟалеит. Ашьа анализқәа апробиркақәа рҿы ажәла рну, аха аҭҵаараан аппаратура абиоматериал аномер ауп игәанаҭо. Ставропольтәи ҳколлегацәа анализқәа рылкаақәа ҳарҭеит акодтә номерқәа арбаны, ацәеижьҿагылақәа анҵаны. Уажәы урҭ жәла-жәлала ишьақәҳаргылоит", - лҳәоит Скорик.
Лара илҳәоит абиоматериал азҭаз рыжәлақәа шышьақәдыргыло Ареспубликатә санитар-бактериологиатә лабораториаҿ. Уи аамҭа аҭахуп.
"Ауааԥсыра ачҳара аадырԥшыроуп. Ҳара зегьы аҭел ҳарзасуеит. Аиммунтә статус змам алаҵаҟаҵарахь инашьҭхоит. Иҵоуроу алҵшәа змоу абланкқәа рзылааҩаауеит рыстатус арбаны", - лҳәеит лара.
Иахәҭоу апроцент ҟаларц азы 60 000-ҩык алаҵа ҟарҵароуп.
Аԥсны ауааԥсыра риммунтә ҭагылазаашьа агәаҭараз аԥсуа-аурыс программа хыркәшахеит рашәара 11 рзы.
Ставропольтәи азҩаҿагыларатә институт аҟазауаа ауааԥсыра рбиоматериал ргон акоронавирус аганахьала риммунитеттә ҭагылазаашьа адиагностика азуразы.
Аусура мҩаԥысуан Ареспубликатә санитар-бактериологиатә лабораториаҿ Аԥсны ауааԥсыра риммунтә ҭагылазаашьа агәаҭараз аԥсуа-аурыс программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ареспублика араионқәа быжьба рҿы COVID-19 аҟынтәи ацәеижьҿагылақәа ауаа рцәа иалоу иаламу гәарҭон.