Аҟәа амашьына амцакра инадҳәаланы ашьаусҭҵаара хацыркуп

© SputnikРейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте
Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Анапаҵаҩра
Рашәара 22 азы Аҟәа ААР аҷаԥшьаратә хәҭахьы аҭел иасит Леони Аиааиреи рымҩақәа реихысырҭаҿы амашьына амца акит ҳәа.

АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ААР ашьаусҭҵааратә ҟәша аусҭҵаара хацнаркит атәым мазара гәҭакрыла аԥхасҭа аҭаразы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Ашьаусҭҵаара-оперативтә гәыԥ аҭыԥ аҿы иахьнеиз ишьақәдыргылеит асааҭ 03:47 азы амцарцәаҩцәа Аиааира амҩаду ахь ишнеиз автомашьына Toyota Land Cruiser амца акит ҳәа адырра шроузҵәҟьа, минуҭқәак рыла амца шдырцәаз.

Аԥсны ААР аоперативтә усзуҩцәа ахҭыс мҩаԥызгаз ахаҿы иҟазаареи иаанкылареи рзы аусурақәа ирҿуп.

Уаанӡа асоциалтә ҳақәа рҿы ирыларҵәан, аҟәатәи ашҭақәа руак аҿы идырым аӡәы автомашьына амца шацреиҵо ахьыубо авидео. Ишьақәырӷәӷәам адыррақәа рыла амашьына, уаанӡатәи Атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ, аполитикатә партиа "Аԥсны" ахантәаҩы Витали Габниа итәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0