Sputnik амчыбжь: афымцалашара арцәара, акоронавирус, ашьауӷатә усқәа

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация с коронавирусом в городах России
Ситуация с коронавирусом в городах России - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik абжьааԥнеиԥш иазнархиеит иҳаҩсыз амчыбжь, рашәара 28 инаркны ԥхынгәы 4 рыҩнуҵҟа иҟалаз ахҭысқәа реизга.

Аԥсны зегь реиҳа ихадаратәу, ацәажәарақәа зхылҿиаауа зҵаарақәоуп афымцеи акоронавируси. Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы зыԥсҭазаара иалҵыз рхыԥхьаӡара 251-ҩык рҟынӡа инаӡеит, очамчыратәи афымцеихшарҭаҟны иҟалаз амцакра иахҟьаны Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сааҭқәак лашарада иҟан, иҟалаз ахҭыс ахҟьаԥҟьақәа аԥырхраны иҟоуп, акымкәа-ҩбамкәа ашьауӷатә усқәа хацыркуп.

Sputnik

COVID-19 аҭагылазаашьа

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 17818-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15540-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 251-ҩык.

Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2021
Акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит хә-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра

Аоперштаб арбагақәа рыла иумбарц залшом аҿкычымазара акыр аҽарӷәӷәеит, уи амедусҳәарҭақәа ирнымԥшырц залшом. Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Ангелина Оҭырԥҳа лажәақәа рыла, агоспиталь ҭәуп, иҵегьы аҟәшақәа аарттәуп, аха аусзуҩцәа рызхаӡом. Ҟәшацыԥхьаӡа ианеиҵаха ԥшьҩык амедиаҳәшьцәа, ҩыџьа аҳақьымцәа, ҩыџьа асанитарцәа аус руазароуп. Хазы "азона ҟаԥшьи" "азона иаҵәеи" рҿы иҷаԥшьо ыҟазароуп. Аҳақьымцәа ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵоит ачымазара ишалшо ала рхы ацәырыхьчаларц. Ԥхынгәы 3 рзы иҟаз адыррақәа рыла Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп 98-ҩык акоронавирус зыдбало атәылауаа.

Ачымазара аҽарҭбаара иахҟьаны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аковидҿагыларатә усқәа рырӷәӷәаразы аусдҵа инапы аҵеиҩит. Адокумент инақәыршәаны ԥхынгәы 5, 2021 шықәса инаркны рзин ҟаҵам ачарақәа, аныҳәақәа, аԥсхәратәи егьырҭ ауснагӡатәқәеи иарку ауаажәларратә крыфарачаратә хыбрақәа рҿы.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Аԥсны аковидҿагыларатә усқәа рӷәӷәоуп

COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара ишаҿыц иаҿуп Аԥсны. Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит 5609-ҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа "Спутник V" ауаа ишырхырго атәы. Алаҵа ҟазҵаз еиҳараҩык уи ныррак рнамҭеит. Ҩыџьа аллергиатә реакциа рызцәырнагеит, аха ирласны ирхыҵит. Иҟоуп зшоура халаз. Алаҵа ззыҟарҵаз рахьынтәи аӡәгьы ахәышәтәырҭахь днанамгеит ҳәа азгәалҭеит.

Аенергетикеи ауалқәеи

Зымчхара 32 мегаватт иҟоу афымцастанциа маҷ "Очамчыра–А́́хага" аҿы амцакра ҟалеит рашәара 29 рзы. Авариа иахҟьаны араион ақыҭақәа лашарада иаанхеит. Очамчыраҟа днеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Анаҩс иара араион ахадараҿы аилацәажәара мҩаԥигеит. Бжьаниа иазгәеиҭеит афымцамчтә усхк - акрызҵазкуа усхкны ишыҟоу, уи ҷыдала хылаԥшра шаиҭо, иара убас алеишәеи аҭакԥхықәра ашьҭыхреи аҭагылазаашьа арҽеира шрылшо. Рашәара 30 рзы Очамчыра зегьы фымцалашара еиқәыршәан. Амцакра зыхҟьаз ҭырҵаауеит. Аиҭашьақәргыларазы иаҭаху амыругақәа зегьы аҭыԥахь инагоуп.

Поездка на Ингур ГЭС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
"Амшынеиқәафымцамч": Аԥсны ЕгрыГЕС аҟынтәи иааиуа афымцамчхара жьҭаарамза инҵәоит

Ԥхынгәы 1 азы Аԥсны апарламент аҟны имҩаԥган атәыла аенергетика асистемаҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алацәажәара. Аилатәара иалахәын аекономика аминистр Кристина Озган, "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа, амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа.

Жәлар Реизара адепутат Натали Смыр атәыла аиҳабыра русура ахәшьара алҭеит. Лажәақәа рыла, аусбарҭақәа русура ахьырзымдыруа иахҟьаны атәылаҿы иалагалоуп аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик.

Кристина Озган илҳәеит, аԥсуа енергетикаҿы иҟоу ауадаҩрақәа ҽнакала иҟалаз акәӡам. Афымцалашара ахарахәара аизҳара иаҿуп 2016 шықәса раахыс.

Аԥсны ЕгрыГЕС аҟынтәи ахы ианархәо афымцамчхара жьҭаарамза анҵәамҭанӡа иазхоит, убри азы иаҭаххоит афымцамч ауааԥсыра рзынашьҭра аԥкра ҳәа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" ахада Михаил Логәуа. Иахьазы уахыки-ҽнаки рыла ахархәара амоуп 6,5 миллион киловатт-сааҭ, иахәҭаны ишьо 4 миллион киловатт-сааҭ ацынхәрас иҳәеит иара.

Банкноты номиналом 2000 рублей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Анқәаб "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа ауал зқәу абиуџьеттә еиҿкаарақәа дрылацәажәеит

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа ауал зқәу абиуџьеттә еиҿкаарақәа дрылацәажәеит Аминистрцәа реилатәараҿы. Иажәақәа рыла, абиуџьеттә еиҿкааарқәа "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа 93 миллион мааҭ рҟынӡа ауал рықәуп.

"Ауааԥсыреи аиурист хаҿқәеи афымцалашара ахә ахышәшәаароуп ҳәа раҳамҳәои. Нас ҳара ҳусбарҭақәа изырымшәаларызеи? Ари ҭакԥхықәрадароу аԥара амамзаароу? "Амшынеиқәафымцамч" арҭ аԥарақәа рыла заҟа хкы аанахәарыз", - иҳәеит аԥыза -министр.

Зегь реиҳа еиҳаны ауал ақәуп АУН "Аҟәатәи аӡыканал" 18 896 000 мааҭ.

Аԥсшьара аамҭа

Нанҳәа 1 инаркны Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аԥсшьаразы азин рымоуп аҿкычымазара аҟынтәи алаҵа ззыҟаҵоу аԥсшьаҩцәа. Ԥхынгәы 1 инаркны иаҭахуп иҵоурам ПЦР-тест, ма алаҵа шыҟаҵоу азы адокумент. Нанҳәа 1 инаркны асасцәа рыдыркылалоит алаҵа шрымоу азы асертификат рымазар.

МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Гагра атуристцәа ахьынхо аҭыԥқәа рҿы ашәарҭадара дырӷәӷәеит

Аԥсныҟа атурқәа зҭаху рацәаҩхеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иалагалоу аԥкрақәа ирхырҟьаны ҳәа азгәарҭоит атуроператорцәа. Ииасыз амчыбжь иаҿырԥшны арахь иаауа 5% рыцлеит. Уи зыхҟьаз ареспубликаҿы иҭацәу аҭыԥқәа рыҟамзаароуп. Аҭирақәа активла имҩаԥысуан Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аԥкырацҵақәа алагалахаанӡагьы.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар инапынҵала ашәарҭадара аиҿкааразы иназыцҵоу ауснагӡатәқәа алагалоуп атуристцәа ахьынхо аобиектқәа рҿы. Атуристцәа рхаҭақәеи рмазареи ршәарҭадаразы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа асасааирҭатә комплексқәеи апансионатқәеи рҵакырақәа ирхылаԥшуеит. Уи адагьы Аԥсны ААР иазнархиеит атәыла иаҭааз ирзеихшазарц амаҵзура ҷыдақәа рҭелқәа зну агәҽанҵага-бӷьыцқәа.

Ашьауӷатә усқәа

Рашәара 29 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ишьыз Қьамал Арӡынба иуацәа дырԥылеит. Аиԥылара мҩаԥысит апрокурор хада Адгәыр Агрба, Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар алархәны. Азинхьчаратә усбарҭақәа рхадацәа еиҭарҳәеит имҩаԥырго ауснагӡатәқәеи аусҭҵаара шцои ртәы. 

Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2021
Аслан Бжьаниа Аҟәа иршьыз Қьамал Арӡынба иуацәа дырԥылеит

Ԥхынгәы 1 азы Қьамал Арӡынба ишьразы аусҭҵаара шцо азы аоперативтә еилацәажәара мҩаԥган Апрокуратура хадаҿы. Аихшьалақәа рыла иҳәаақәҵан ԥхьаҟатәи аусура ацашьа, досу ирыҭан анапынҵақәа.

Қьамал Арӡынба дыршьит лаҵара 18 рзы Аҟәа. Уи ашьҭахь ауаҩшьра ҟазҵаз ацәгьоуҩы иаанкыларазы аплан рылҳәан.

Аԥсны ААР адыррақәа рыла, лаҵарамза 18, асааҭ 17:10 рзы идырым ҩыџьа ахаҿқәа Имам Шамиль имҩа аҩны №6 ахыб ахь ихалеит, уи аҭыԥ аҟынтә Абырба имҩаҟны игылоу ахатәы ҩны ашҭа иҭаԥшуан, амардуан аҟынтәи адәахьы идәылҵыз Қьамал Арӡынба иганахьала хынтә иреиҵамкәа абџьар ҭдырҟьеит. Ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҟнытәи ацәгьоуцәа амашьына "Toyota Mark X" ала ибналеит. Уи аҽныҵәҟьа ашьаус-оперативтә уснагӡатәқәа ирыбзоураны Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан амашьына былны иԥшаан.

Имҩаԥгаз ашьаусԥшаара-оперативтә усурақәа ирыбзоураны лаҵара 19, асааҭ 20:00 рзы даанкылан Қьамал Арӡынба ишьра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу Баҭал Ԥлиа. Иара ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп.

Судебный молоток - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Аԥсны аонкоцентр аусзуҩцәа аҩнытә баандаҩра рықәҵоуп

Ииасыз амчыбжь азы Амилаҭтә онкологиатә центр аҳақьым хада Лев Аргәын, ҽынлатәи астационар аиҳабы Нелли Лагәлааԥҳа, ахимиотерапиа аҟәша амедиаҳәшьа хада Лариса Кәакәасқьырԥҳа рганахьала ашьаус хацыркуп. Заанаҵтәи аҭҵаарақәа инарықәыршәаны агәызҩара ззыҟоу ахаҿқәа акьыбачымазара зыхьуа хәшәыла реиқәыршәаразы Аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны ахимиа-гармонтә хәшәқәа роураан ачымазцәа рамбулатортә картақәеи амедицинатә маҵзура ахәԥсашәаратә реестри рҿы имцыз адыррақәа анырҵон апациентцәа ахимиатерапиа иахысуазшәа, иара убри алагьы аҳәынҭқарра абиуџьет аԥхасҭа ду аҭан. Заанаҵтәи аусҭҵаара иаҵанакит ачымазцәа ахимиатерапиала реиқәыршәаразы 2017-2021 шықәсқәа рызтәи Аҳәынҭқарратә программа аамҭа.

Аԥсны аонкоцентр аусзуҩцәа аҩнытә баандаҩра рықәҵан рашәара 30 рзы.

Пицунда аԥсшьаҩцәа иреихсыз Дмитри Ԥлиа иганахь ала ашьаус хацыркуп закәаншьаҭада арҩашьыгатә маҭәашьарқәа раахәара, рымҩангара, рыҵәахра ахәҭаҷ ала. Уаанӡа Ԥлиа Дмитри Виктор-иԥа иганахьала абџьар закәаншьаҭада аныҟәгара, гәҭакрыла ауаа ргәабзиареи рыԥсҭазаареи ааха рыҭараз; закәаншьаҭада абџьар амазаареи аныҟәгареи; амбжьахраз ҳәа ашьаус хацыркын.

Арҭ аҩ-уск еицҵаны аусҭҵаара мҩаԥнагоит Гагра араион ААР аусҭҵааратә ҟәша. 

Аԥсны ААР Ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәеи Гагратәи амилициа аусзуҩцәеи апрофилактикатә уснагӡатәқәа анымҩаԥыргоз иаанкыланы Аамҭалатәи аанкыларҭахь инаргеит ҩыџьа акриминалтә авторитетцәа: 1957 шықәса рзы ииз Гагра ақалақь аҿы инхо Ҵышәба Станислав, 1975 шықәсазы ииз Гагра араион Лӡаа ақыҭан инхо Хышба Ренад.

Адукатцәа рааԥхьара

Рашәара 28 рзы имаҩԥгаз Аԥсны адукатцәа рколлегиа алахәылацәа реизара адукатцәа рзинқәа реилагара атема иазкын. Аԥсны адукатцәа рзинқәа шеиларго азы атәыла ахада иахь адырра ҟарҵеит. 

Константин Чагава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2021
Арадио
Чагәаа еиҭеиҳәеит адукатцәа рзинқәа реилагара ахҭысқәа ртәы

Адукатцәа Рколлегиа ахантәаҩы Константин Чагәаа иазгәеиҭеит иколлегацәеи иареи рзинқәа шеиларго – мзызк амҭакәа ззинқәа рыхьчо иԥылара азин ҟарҵом, реицәажәарақәа ирзыӡырыҩуеит, адукати ззин ихьчо ахаҿи реиԥылара рымаӡара еиларгоит. Чагәаа ҿырԥштәык аҳасаб ала иааигеит адукатцәа закәаншьаҭада ианааныркылоз, ианҭаркуаз, мчыла иандырҳәацәоз ахҭысқәа рыӡбахә иҳәеит.

Асеиԥштәи аколлективтә зыҳәа адукатцәа Рколлегиа иҟанаҵеит адукат Жанна Шенкао, Facebook аҿы аник "Саҭанеи Гәашьа" лыхьӡ ала апровокациатә ҟазшьа змоу аинформациа рылалырҵәозшәа лыӡбахә анцәырырга ахҭыс ашьҭахь. Чагәаа иажәақәа рыла, Шенкао закәаншьаҭада даанкыланы Аԥсны ААРи Аԥсны АШәМи рҟны уахыки-ҽнаки даанкылан дрыман. Лара доушьҭын лҿахәы анылҿырх ашьҭахь, лтелефон лымхын, уи иахьанӡагьы илзырхынҳәым. Шенкао мап ацәылкуеит аник "Саҭанеи Гәашьа" лыхьӡ ала апровокациатә ҟазшьа змоу аинформациа алалырҵәон ҳәа илзырҳәаз.

Женеватәи аиԥылареи Атәыла ахада Ицхырааҩ ҽыци

Женева имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 53-тәи аиԥылара. Иара иалахәын Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, ЕАА рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа –ООН, ЕС, ОБСЕ. 

Дворец Нации. Женева.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Аԥсны ААР изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлыҵшәақәа ирылацәажәеит

Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла рхаҭарнакцәа даҽазныкгьы агәҭынчымра аадырԥшит НАТО Қырҭтәыла аҵакыраҿы ахымҩаԥгашьазы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Традицианы азхьаԥшра ҷыда аҭан амч ахамырхәаразы ҿырҳәалатәи аицҳәамҭа  алацәажәара. Аха ақырҭуа ган аҽазныкгьы ари азҵаара ашьҭыхра иаҿагылеит. Абри ахырхарҭаҿы азнеишьа ҷыдақәа раԥҵара ахәҭаны ишыҟоу шьақәырӷәӷәан. Азҵаара алацәажәара жьҭаарамзазы имҩаԥырго аиҿцәажәарақәа рахь ииаган. 

Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа анаҩстәи 54-тәи аиԥыларақәа азыԥхьагәаҭоуп жьҭаара 12-13 2021 шықәса рзы.

Уаанӡатәи Аԥсны АА рминистрс иҟаз Максим Ӷәынџьиа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идҵала жәларбжьаратәи аусқәа рзы Ахада Ицхырааҩыс дҟаҵоуп. Уаанӡа жәларбжьаратәи аусқәа рзы Ахада Ицхырааҩыс дыҟан Ахрик Аҩӡба. Рашәара 12 рзы Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭаҿы Ахрик Аҩӡба закәаншьаҭада абџьар аахәаны иҵәахны иман ҳәа ахара ихарарҵеит, иара убас хышықәса ҭакрада ахгареи 10 000 мааҭ ахараԥса ашәареи иқәырҵеит.

Кәыдрытәи аиҩхааҿы ацҳа ҭабгеит

Кәыдрытәи аиҩхаа, Гьынҵәыш ақыҭаҿы ацҳа ҭабгеит ԥхынгәы 2 рзы. Аҟазауаа ражәақәа рыла, аӡхыҵраан адгьыл ҿнаӡәӡәааит. Уи иахҟьеит ацҳа аҭабгарагьы.

Уи инамаданы аамҭак азы қыҭақәаки Кәыдрытәи аҩхааҿы иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа архәҭақәа ҩбеи рымҩа аркхеит. Аамҭала ажәытә цҳала аиҭанеиааира азыӡбоуп. Ацҳа ашьаҟақәа шәарҭам, ақә ҟаҵатәны иҟоуп.

Амшцәгьа

Амҽыша ахәылбыҽха иқәлаз аԥшатлакә Аҟәа аԥхасҭа анаҭеит: асасааирҭақәеи, аҩнқәеи рхыб рықәнахит, аҵлақәа канажьит. Аԥсыҭбара ыҟаӡам. Аԥсны ахәҭаки Аҟәеи ӡыда, фымцалашарада иаанхеит.

Аԥшатлакә иахҟьаны 50 ҵла каҳаит, атроллеибустә цәаҳәақәеи, афымцацәаҳәақәеи ԥыҵәҵәоуп, иара убас икаҳаит афымцашьаҟақәа.

Аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы Аҟәа ақалақь ахадараҿы иаԥҵоуп аоперативтә штаб. Уи хадара аиҭоит аҳҭнықалақь аиҳабы Беслан Ешба.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0