Витали Џьениа Урыстәыла Асахьаҭыхратә академиа далахәылахеит

© Foto / Министерство культуры АбхазииВиталию Джения присвоено почетное звание академика РАХ
Виталию Джения присвоено почетное звание академика РАХ - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2021
Анапаҵаҩра
Витали Џьениа Урыстәыла Асахьаҭыхратә академиа иалахәылахаз раԥхьатәи аԥсыуа сахьаҭыхҩуп.
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Еицырдыруа аԥсуа скульптор Витали Џьениа Урыстәыла Асахьаҭыхратә академиа академик ҳәа ахьӡ ихҵоуп ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра.
Акультура аминистрраҟны нанҳәа 9 рзы имҩаԥысит Урыстәыла Асахьаҭыхратә академиа академик Сергеи Олешниа иԥылара. Аиԥылараҿы ирылацәажәан акультура аусхк аҟны аусеицура, аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи аԥеиԥшқәа.
Сергеи Олешниа Витали Џьениа инапы иаиркит "Академиа аҳаҭыртә лахәыла" идиплом, Урыстәыла Асахьаҭыхратә академиа ахада, апрезидиум аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ Олег Кошкин инапы аҵаҩны.
"Урыстәыла Асахьаҭыхратә академиа аус зуа аԥҟаԥҵәеи Апрезидиум аӡбареи шьаҭас иҟаҵаны 2020 шықәса ԥхынҷкәын 8 рзы Урыстәыла Асахьаҭыхратә академиа алахәылас иӡбахә аҳәеит Витали Џьениа Аԥсны аҟазараҿ илагала дуқәа рзы, ипроект ссирқәа рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Урыстәылатәи Афедерациаҟны ахьӡ ҳаракны аӡыргаразы", - иҳәеит Олешниа.
Витали Џьениа ҭабуп ҳәа ахиҳәааит ихҵоу ахьӡ ҳарак.
Ажәабжьқәа зегьы
0