Бжьаниа: Аԥсны зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа шәгәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит

© Foto / Официальный сайт Президента Абхазии Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2021
Анапаҵаҩра
2012 шықәса раахыс Аԥсны иазгәарҭуеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш. 1992-1993 шш рзы Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 2300 - ҩык инарзынаԥшуа хатәгәаԥхарала еибашьуаз.
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. 
День добровольца в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2021
Нанҳәа 15 - Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирымшуп
1992  шықәса нанҳәамза 15 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҩбатәи амш инаркны аԥсуаа инарывагылеит рашьцәа Аҩада Кавказ ареспубликақәа рыҟнытә хатәгәаԥхарала иааз.
Иахьа ҳара ҳхырхәоит Аԥсны Ахақәиҭра зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа шәгәалашәара аҿаԥхьа. Урҭ иҟарҵаз, ирылдыршаз аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы ҿырԥшыга бзианы иҟалоит аиаша азықәԥара аус аҟны.
"Шәҩыла Аҩада Кавказ ареспубликақәеи Алада Урыстәылеи рыҟнытә, аҳәаанырцә иҟоу ҳдиаспора ахаҭарнакцәа раара ҳажәлар ргәы шьҭнахит, аиааиразы ирымаз агәрагара арӷәӷәеит. Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит арҭ афырхацәа зааӡаз анацәеи абацәеи",-ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.
Ахә ашьара уадаҩуп аԥсуа жәлар рхақәиҭратә қәԥараан аиааира амш арааигәараҟны хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рроль.
Аҳәынҭқарра иалшо зегьы ҟанаҵароуп  хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәеи, урҭ рҭаацәеи ганрацәала ацхыраара рыҭаразы.  
992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын ҩ-нызқь инарыцны хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ иаԥсахеит. 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп. 623-ҩык "Агәымшәараз" амедал рыҭоуп. Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит 260-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0