Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа

Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа - ижәытәӡатәиу абызшәақәа рахь иаҵанакуеит. Еигәыцхәу аԥсуа-адыга бызшәақәа зегь зхылҵыз абызшәа-шьагәыҭ аиҿыҵра ианалага инаркны иалагоит аԥсуа бызшәа зхала иҟоу бызшәак аҳасабала аҿиара аҭоурыхгьы.

Ҳера аныҟала ашьҭахь ҭоурыхлатәи аԥсуа бызшәа акзаарахь ахы архо иалагеит, уи зырццакуаз афакторқәа иреиуан Аԥсны Аҳра ашьақәгылара.

Иахьатәи аԥсуа бызшәа иамоуп ихадоу ҩ-диалектк: бзыԥтәи, абжьыуатәи. Асаӡ диалект еиқәханы иҟоуп ҭырқәтәылатәи, баҭымтәи аԥсуа диаспоракәа рҿы.

Аԥсуа бызшәа ҭырҵаауеит Аԥсны — Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥсуа ҳәынҭқарратә университети рҿы, Шоҭа Арсҭаа, Лидиа Ҷкадуа, Виачеслав Чрыгба уҳәа убас егьырҭгьы аҳәаанырцә аҵарауаа-абызшәадырцәа дуқәа аԥсуа бызшәа аҭҵаара рнапы алакуп, Џьорџь Хьиуитт Џьон Коларуссо уҳәа реиԥш иҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0