Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа: аԥсуа амультиплакациатә студиа аиқәыршәара схала сымч азхом

© SputnikАстамур Квициния
Астамур Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анимациа Жәларбжьаратәи амш аҽны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы асахьаҭыхыҩ, аниматор Асҭамыр Кәыҵниа иазгәеиҭеит аԥсуа амультипликациатә студиа аиҿкааразы ацхыраара шаҭаху атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниа аԥсуа мультикқәа ирызкны

"Амультиплакациатә студиа аиқәшыршәара схала сымч азхаӡом. Адырра ҳамоуп асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа. Иахьа, ауниверситет иалгаз апрограмма аус адулашьа адырҵара саҿуп, аха иҟам урҭ аус зларуша амаругақәа. Иалагатәуп амилаҭтә мультикқәа рыҟаҵара, аԥсуа легендақәа, алакәқәа, ажәакала, ирацәоуп амультик злыухша аматериалқәа. Урҭ арҵагатә мультик ҳасабала аус рыдуларазар, ахәыҷқәа рааӡараҿы ицхыраагӡа духоит", — ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа. 

Жьҭаара 28 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит Жәларбжаьаратәи анимациа амш. Ари ныҳәа дууп амультипликациа иадҳәалоу ауаа зегьы рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0