"Ахаақәа рныҳәа" ҳәа хьӡыс измоу ачысҟаҵаҩцәа реицлабраҿы аиааира згаз иреиуоу, ахәаԥшцәа иреиӷьу ҳәа иалыркааз Алиона Ҵнариаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит лусура шхацлыркыз атәы.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира аҳаҭыр азы Очамчыра имҩаԥысуеит аҩреи маланыҟәала аиԥхныҩлареи рзы аицлабрақәа. Абри аицлабра аҽазыҟаҵашьа шцоз, уи иалахәхо рхыԥхьаӡареи рықәрақәеи уҳәа ртәы иазкны арадио Sputnik аинтервиу алҭеит Очамчыратәи аҩра аиҿкааҩцәа ируаӡәку Асҭанда Ҷкадуаԥҳа.