Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷкадуаԥҳа Очамчыратәи аҩразы: аицлабрақәа ирылахәхо рҭыԥқәа зегьы харҭәаауп

© Foto / из личного архива Астанды ЧкадуаАсҭанда Ҷкадуаԥҳа
Асҭанда Ҷкадуаԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира аҳаҭыр азы Очамчыра имҩаԥысуеит аҩреи маланыҟәала аиԥхныҩлареи рзы аицлабрақәа. Абри аицлабра аҽазыҟаҵашьа шцоз, уи иалахәхо рхыԥхьаӡареи рықәрақәеи уҳәа ртәы иазкны арадио Sputnik аинтервиу алҭеит Очамчыратәи аҩра аиҿкааҩцәа ируаӡәку Асҭанда Ҷкадуаԥҳа.
Ҷкадуаԥҳа Очамчыратәи аҩразы: аицлабрақәа ирылахәхо рҭыԥқәа зегьы харҭәаауп

"Очамчыратәи аҩра сынтәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥаагоит, аҽазыҟаҵарагьы жәабранмзазы ҳалагеит. Хәажәкырамзазы уи иазку асаит ааҳартит, ауаа рыҽҭарыҩларц азы. Раԥхьатәи амзазы зегь реиҳа аҳәарақәа харҭәаан. Зынӡа аицлабрақәа рхы рыладырхәыр рылшон 500-ҩык аспортсменцәа. Иахьазы аҭыԥқәа зегь харҭәаауп. Иҟоуп иҵегьы аицлабрақәа зхы рылазырхәыр зҭаху, аха алшара ҳамам, аӡә дымнеир усҟан игәаҳҭоит. Аицлабра иалахәхо зегьы рзы 500 медал ҳархиеит", - ҳәа адырра ҟалҵеит Ҷкадуаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит адуатлон азы Очамчыра раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуа аицлабрақәа рылахәхаразы аҭыԥқәа зегьы харҭәаахоит ҳәа аханатә агәрагара шрымамыз.

Адуатлон азы Очамчыра аицлабрақәа мҩаԥысуеит лаҵара 11 рзы. Урҭ ирылахәхо ашәҟәы рҭагалара иалагеит асааҭ жәба инаркны.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0