Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бжьаниаԥҳа еиҭалҳәеит Москва иӡыргаз Аԥсны аҭоурыхтә шәҟәқәа ртәы

© SputnikМилана Бжьаниаԥҳа
Милана Бжьаниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә гуманитартә университет амагистрантцәа Москва иӡырыргеит Аԥсны иадҳәалоу архивтә документқәа. Иарбақәан урҭ, насгьы ҵакыс ирымоузеи - абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Милана Бжьаниаԥҳа.
Бжьаниаԥҳа еиҭалҳәеит Москва иӡыргаз Аԥсны аҭоурыхтә шәҟәқәа ртәы

"Ицәыргақәҵан ҩ-хсаалак, Аԥсны атуризм иадҳәалоу актәи ашәҟәқәа реизга, дара зегьы актуалра рымоуп. Уи азкуп асовет аамҭазы ирдыруаз атуристтә маршрутқәа, аҭоурыхтә обиектқәа уҳәа атуризм иадҳәалоу зегьы. Аҩбатәи ашәҟәы адҳәалоуп Аԥсны ареволиуциа анышьақәгылоз имҩаԥысуаз ахҭысқәа, ицәыргақәҵоу архивтә материалқәа актуалра рымоуп Аԥсны аҭоурых аҭҵааразы, ахаратә актқәа уҳәа ареволиуциа атемала ашәҟәқәа. Ас еиԥш иҟоу аматериалқәа Аԥсны иҳамаӡам. Хымԥада, дара Аԥсны аҭоурыхтә документалтә ҭынха ахьчаразы, аҭҵаарадырразы, акраҵанакуеит", - ҳәа азгәалҭеит Бжьаниаԥҳа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0