Афитосанитартә гәаҭарақәа Аԥсны аҳәааҿы ишеиҿкаау атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа аспециалист хада Анзор Вартагаа.
Аԥсны ахада иҿы иаԥҵоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарра асимвол хадақәа руак абираҟ адкылара шыҟалаз атәы.
Афбатәи акультура-спорттә фестиваль "Абаза" Ҟарачы-Черкесиа ишымҩаԥысыз, насгьы иарбан еихьӡарақәоу жәлар рыхәмаррақәа рҿы Аԥснынтә ахаҭарнакцәа иаадырԥшыз ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҟарачы-Черкесиа ицаз ҳгәыԥ иалоу Аинар Ҷыҭанаа.
Абираҟ амш иазкны Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы еиҿкаахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, Аԥсуа-абаза жәлар рконгресс Иреиҳаӡоу Аилак алахәыла Арда Ашәба.